
pressadmin-2
Цәыббрамза 30 иахымгакәа автотрасса «Аҟәа-Очамчыра» арлашара иазку аусурақәа хыркәшахоит!
Аҟәа. Ԥхынгәымза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәеи Очамчыреи еимаздо ареспубликатә мҩаду арлашара иазку аусурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит.
Шьаҭанкыла аргыларақәа рзы Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба аусурақәа рымҩаԥгара аҩбатәи аетап аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гәылрыԥшь инаркны Аӡәҩыбжьа аҟынӡа 300 шьаҟа инарзынаԥшуа ишьақәыргылахеит ҳәа адырра ҟаиҵеит.
Аԥснытәи аделегациа Никарагуа иҟоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуеи аҳәаанырцәтәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи зхадараҿы иҟоу аԥснытәи аделегациа Никарагуа Сандиниттәи ареволиуциа атриумф аныҟала инаркны 44 - шықәса аҵра азгәаҭара иазу аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылаххаразы Никарагуаҟа ицеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
2023 шықәса актәи азыбжазы Гал араион аҿы ашәҟәы иҭагалахеит 25 цәгьоура, урҭ рахьынтә 20 цәгьоура аарԥшуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гал араион аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аиҳабы, аполковник Беслан Жьваниа араион ахадараҿы Аслан Бжьаниа имҩаԥигоз аилацәажәараҟны напхгара зиҭо аусбарҭа аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы имҩаԥнагаз аоператив-маҵзуратә усура аихшьаалақәа рзы адырра ҟаиҵеит.
Убас, аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы зынӡа ашәҟәы иҭагалахеит 25 цәгьоура, урҭ рахьынтә 20 цәгьоура аарԥшуп, уи апроцентла уахәаԥшуазар, 80% рҟынӡа инаӡоит.
2022 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ашәҟәы иҭагалан 16 цәгьоура, урҭ рахьынтә иаартын - 13 (81,3%).
Аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы ацәгьоура хьанҭақәа ааба азгәаҭан, урҭ рахьынтә хԥа аарԥшуп.
2022 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ихьанҭоу цәгьоурак ҟалеит, уи иахьа уажәраанӡа иаартӡамкәа иаанханы иҟоуп.
Уажәы Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша ашьаусԥшааратә хәҭа аҿы иҟоуп 98 ашьаусԥшааратә усқәа, аусеилыргаратә гәыԥ аҿы – 18 аусеилыргарақәа.
Ауаажәларратә шәарҭадара амилициа амаҵзура ала 2023 шықәса актәи азыбжазы абас еиԥш аусура мҩаԥган:
Нанҳәамза 5 рзы Гал ақалақь аҿы аконцерти ақыҭанхамҩатә хәаахәҭратә цәыргақәҵеи мҩаԥгахоит.
Аҟәа. Ԥхынгәмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 5, 2023 шықәса рзы акультура Аминистрреи Гал араион Ахадареи рыцхыраарала Гал ақалақь аҿы араионтә рҿиаратә коллективқәа злаху аконцерти ақыҭанхамҩатә хәаахәҭратә цәыргақәҵеи мҩаԥгахоит.
Аԥсны атылауааи асасцәеи игәыҟаҵагоу амузыка азыӡарҩреи атәыла аҿы иҭрыжьуа афатә аалыҵқәа ргьама абареи рзы алшара рзаԥҵахоит.
Ахада усуратә визитла Гал араион даҭааит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа усуратә визитла Гал араион даҭааит. Аҳәынҭқарра Ахада Гал Ақалақьтә парк хадаҟны дыҟан.
Администрациа ахада ихаҭыԥуаҩ Нарсоу Џьопуа Аслан Бжьаниа адырра ииҭеит 2022 шықәсазы ихацыркыз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥысуазы.
«30 шықәса раахыс апарк аҟны иақәнагоу аусурақәа мҩаԥгамызт. Шьҭа иԥсахуп асоветтә аамҭазы аӡымҩангаразы ишьақәыргылаз ажәытәтәи ажрақәа, ахаҳәтә цәхыԥқәа, арлашагақәа», - иҳәеит Џьопуа, арҭ аусурақәа аҭыԥантәи абиуџьет аҟнытә 5 млн мааҭк шырзаужьыз азгәаҭаны. Имҩаԥгоу аусурақәа ирылаԥхьаӡоуп ашьаҟамҩатә хаҳәҟьаԥсқәа рышьҭаҵара, асқамқәеи агәам-самҭрақәеи рыргылара.
Аскульптура «Амшынҳәа аԥсҿыхҩы» Очамчыра аԥшаҳәа аҿы ишьақәыргылоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аскульптура «Амшынҳәа аԥсҿыхҩы» ақалақь Амш аламҭалазы Очамчыра аԥшаҳәа аҿы ишьақәыргылан. Аусумҭа аформала азганк иԥшаахны иҟаҵоу амшынҳәа ацәаареи егьи азганк аҵла ҳарак ашьапы иакәыршаны изку ауаҩы инапи угәаланаршәоит.
Ажәытә ҳәамҭақәеи алегендақәеи ишырҳәо ала, жәытәнатәаахыс, Ашумер-Аккадтәи аҳраҿы Амшынҳәа-Анцәахәратә лагамҭа аазырԥшуа ԥстәык аҳасабала иахәԥшуан. Ашумераа рынцәахә дуӡӡақәа хԥа рахьтә руакы – Еа ҳәа изышьҭоу, аԥсыӡ ҵыхәа аманы иаарԥшын. Уи аҟәыӷара Анцәахәы, адгьыл аҵаҿтәи аӡқәа рхылаԥшра назыгӡоз, анаҩс ауаҩы дызшаз Анцәахәы аҳасабала иаақәгылеит, хьыӡқәасгьы иаиуит: Енки, Хаиа, Дагон, Оанес.
Иахьа Аурыс драматә театр аҿы аспектакль «Роман с кокаином» аԥхьарбара мҩаԥысит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абар шьҭа акгьы агым иахьа, Аҟәа ақалақь аҿы уажәраанӡа амаӡа «иҭалаҳәаз» ахҭысгьы аҟалара: ахәаша, ԥхынгәымза 14 рзы Аурыс драматә театр асценаҿы имҩаԥысит аусумҭа ҿыц апресс-рбара. Иахьагьы атеатр абзиабаҩцәа ирзыԥшуап XX ашәышықәсазы иаԥҵаз, иџьашьаху, уамашәа еиҿартәоу, иара убри аамҭазы иаарту ароман ала иқәыргылоу аспектакль «Роман с кокаином» аԥхьарбара.
Аспектакль ықәиргылеит иара убас асахьаҭыхыҩ-ақәыргылаҩ иаҳасабала дықәгылеит аусуразы атеатр ахь ааԥхьара зауз арежиссиор Роман Кочержевски, алашара азы асахьаҭыхыҩ - Константин Бинкин, авидеосахьаҭыхыҩ - Игорь Домашкевич, акостиумқәа рзы асахьаҭыхыҩ – Наталиа Шпанова.
Аспектакль иалахуп атеатр атруппа аҿар биԥара ахаҭарнакцәа: Емиль Петров (Вадим), Екатерина Барышева (Ан), Милана Ломиа (Нелли/Кокаин), Ирина Делба (Ахәыҷхылаԥшҩы/Китти), Мадлена Барцыц (Сониа), Лоида Ҭырқьба (Зиночка/Идырым аҭыԥҳа), Кирилл Шишкин (Иаг), Осман Абыхәба (Буркевиц), Рубен Депелиан (Штеин), Руслан Жьиба (Аизенберг/Мик), Саид Лазба (Апап/Хирге).
Дмитри Гәазаа ачемпионат Fanatec GT World Challenge Europe Рowered by AWS ихы алаирхәуеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Дмитри Гәазаа ԥхынгәымза 15-16 рзы Мизано ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу ачемпионат Fanatec GT World Challenge Europe Рowered by AWS ихы алаирхәуеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.
Очамчыра ақалақь Амш азгәарҭоит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 15 рзы Очамчыра 2523 - шықәса ахыҵра азгәарҭоит.
Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵарала иалагеит.
Амшын аԥшаҳәа иахьаҵанакуа иаатит Очамчыра, Гал, Гәылрыԥшь араионқәа рҟынтәи ақыҭанхамҩатә аалыҵ ахәаахәҭратә цәыргақәҵа. Иара убас еиҿкаахеит аҟазацәеи асахьаҭыхыҩцәеи рцәыргақәаҵа.
Атәылахьчара Аминистрра аҟны икылкааны ихысуа разыҟаҵаратә аизгарақәа хыркәшахеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 3 – 13 рзы атәылахьчара Аминистрра ахысырҭақәа рҿы аштаттә хысыҩцәа алархәны имҩаԥгаз аҽазыҟаҵарақәа хыркәшахеит. Иарбоу аусмҩаԥгатә аҿы ихадоу ахшыҩзышьҭра аиуит аибашьратә дәы аҿы лассы-лассы зҽеиҭазкуа аҭагылазаашьақәа раан икылкааны ахысыҩцәа русура иҿыцу аформақәеи аҟаҵашьақәеи рԥышәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра.