АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Хәажәкыр.2024

Хәажәкырамза 7 рзы иалагоит ашьапылампылтә сезон – 2024.

Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ашьапылампылтә сезон – 2024 аартра иазкын иахьа, аҩаша, хәажәкырамза 5 рзы, Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа апрезидент Шабаҭ Логәуа, аҟәатәи «Динамо» акаԥдан Аслан Багаҭелиа, Ашьапылампылтә Клуб «Гагра» акаԥдан Асҭамыр Цышба  Sputnik Abkhazia апресс-центр аҿы ажурналистцәа ирырҭаз апресс-конфеенциа.  

Ашьапылампылтә сезон ҿыц аатуеит хәажәкырамза 7 рзы, Аҟәа ақалақь,  астадион «Динамо» аҿы 2023 шықәсазтәи Ахраҿаду агара  азы аҟәатәи «Динамои» 2023 шықәсазы Аԥсны иачемпионхаз ашьапылампылтә клуб «Гагра» рыбжьара имҩаԥысуа аматч ала.  Ахәмарра алагоит асааҭ - 17:00 рзы .

Шабаҭ Логәуа агәра ганы дыҟоуп аматч аинтерес аҵаны ишымҩаԥысуа. «Арҭ акомандақәа еиԥылахьан 2011 шықәсазы Ахраҿаду агара азы. Усҟан аматч асчиот 2:2 ҳәа ихыркәшахеит, инацҵаны ироуз аамҭа аҿы апенальти асериақәа раан акоманда «Гагра» аиааира агеит.   Сгәы иаанагоит, ари аматч  усҟан имҩаԥысыз аматч аҵкьыс еиҵамкәа аинтереси аибарххареи шаныԥшуа», – ҳәа иҳәеит иара. Аслан Багаҭелиа аҟәатәи «Динамо» акоманда ашьапылампыласыҩцәа асезоналамҭалазтәи аҽазыҟаҵарақәа ирхысхьеит ҳәа адырра ҟаиҵеит. Сгәа иаанагоит, акоманда имҩаԥысраны иҟоу асезон ибзианы иазыҟаҵоуп ҳәа«», – иҳәеит иара.

Акоманда Гагра» акаԥдан Асҭамыр Цышба акоманда аҩныҵҟа иҟалаз аиҭакрақәа дрылацәажәеит.  Убас уи иажәақәа рыла, акоманда аилазаара аиҳарак аҽаԥсахит, иҿыцу ауаа алалеит. «Урҭ макьаназы ирацәаны имыхәмарӡацт ҳкоманда аилазаараҿы, убри аҟнытә ари аҭагылазаашьа иааиуа абыжьбатәи асезон амҩаԥысшьа ианыԥшыр алшоит. Аха убри аан иазгәасҭар сҭахуп ҿыц иҳалалаз аҷкәынцәа  ицәгьамкәа ишыхәмаруа, агәыӷрагьы ҳамоуп иааиуа асезон аҿы ҳара иҳаҩсыз ашықәс азы еиԥш уажәгьы ақәҿиарақәа раарԥшра шҳалшо, ҳҽазаҳшәалоит аԥхьахәтә ҭыԥқәа зегьы раанкылара. Сара сгәаанагарала, ари ахәмарра аҿы еиҳа зҽазыҟазҵаз иоуп аиааира агара зылшо», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Асҭамыр Цышба. Цишба.    

 

 


Read 154 times - Аҩаша, 05 Хәажәкыр 2024 15:29
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.