05.Хәажәкыр.2024
Ҩымз рыла аҳазалхратә шәатәқәа раҳасабала Аԥсны абиуџьет иалагалахеит 419 млн. мааҭ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ҳазҭоу 2024-тәи ашықәс ажьырныҳәамзеи жәабанмзеи рыла инанагӡаз аусура аихшьаалақәа рыла, атәыла абиуџьет иалагалахеит 419 млн. мааҭ аҳазалхратә шәатәқәа. Азԥхьагәаҭаратә рбага 313 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Уи 34% рыла иацҵаны инагӡоуп.
Ҳазҭоу ашықәс азы ахыԥхьаӡаларақәа рзеиԥш еицҵалыҵ иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы иҟаз арбагақәа 48 млн. мааҭ рыла еиҳахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аофициалтә саит.