Азакәанԥҵара инақәыршәаны ахатәхархәаразы аамҭала иалагалаз атранспорттә хархәагақәа рганахьала аҳазалхратә шәарақәеи ашәахтәқәеи ршәара азы аҭакԥхықәра цәырҵуеит иарбоу автотранспортә хархәагақәа егьырҭ ауаа рыҭара аан. Араҟа Урыстәылаҟа ҩ-кадиллакк риагаразы Аԥсны атәылауаа 6,3 миллион мааҭ рҟынӡа аԥара ршәар ауп ҳәа иаанацҳауеит Аладатәи аоперативтә ҳазалхырҭа апресс-маҵзура.
Имҩаԥгаз аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рыла, актәи автомашьына «Cadillac Escalade» Ставропольтәи атәылаҿацә Кисловодск ақалақь аҿы иаанкылоуп, ахараԥса ҳәа 2 млн. 871 нызықь 613 мааҭ ақәҵоуп, аҩбатәи амашьына - «Cadillac Fleetwood» – макьаназы аԥшаара иаҿуп, ахараԥса ҳәа 3 млн.439 нызықь 433 мааҭ ақәҵоуп.
Аԥсны атәылауаа рганахьала Урыстәылатәи Афедерациа Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 194 инақәыршәаны ашьаусқәа хацыркуп (гәыԥҩык ауаа заанаҵтәи рцәыҵеицәажәарала инагӡаз зеицҵалыҵ дуу хазхаҭалатәи ахаҿы иршәахо аҳазалхратә шәатәқәа ршәара ацәхьаҵра азы).