АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Хәажәкыр.2024

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба Аҳәынҭқарра Ахада иҿаԥхьа 2023 шықәсаантәи аусура аихшьалақәа рзы аҳасабырба ҟаиҵеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 3,2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь ахада 2023 шықәсаантәи аусура аихшьалақәа рзы иҟаиҵаз аҳасабырба идикылеит. 

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь ахада 2023 шықәсаантәи аусура аихшьалақәа рзы иҟаиҵаз аҳасабырба идикылеит. 

Беслан Ешба Ахада иҟны иҟаиҵаз аҳасабырбаҿы инарҭбааны далацәажәеит 2023 шықәсазы Аҟәа ақалақь администрациа имҩаԥнагаз аусура, асоциал-економикатә ҿиара, аинфраструктуратә проектқәа, афымцамчтә ҭышәынтәалара, афинанстә напхгараҭареи рызҵаарақәа убрахь иналаҵаны.

Аҳәынҭқарра Ахада дазҵааит аҳҭнықалақь аҟны аусура зылшоны иҟоу ауааԥсыра рыҟнытә усурҭа ҭыԥла еиқәыршәоу рхыԥхьаӡара.

Ақалақь аҩныҵҟа аиуристтә хаҿқәа ыҟоуп 1194-ҩык, урҭ рыҟны аус руеит 10000-ҩык инареиҳаны, хазхаҭалатәи анаплакҩцәа 3762 рыҟны аус руеит 1640-ҩык. Аҟәа аҩныҵҟа иҟоу ареспубликатә усбарҭақәа рыҟны аус руеит 5700-ҩык, ақалақь Администрациа аппарат аҟны иҟоуп 139-ҩык.

Беслан Ешба иажәақәа рыла Аҟәа Администрациахь аҳасабырбатә шықәса аҩныҵҟа иааит 6 739 шәҟәи арзаҳали, урҭ рахьтә инагӡоуп 5 215, 1 112 абжьаратә ҭак рыҭоуп, 412 аус рыдулара иаҿуп. 

Иара убас абри аамҭа аҩныҵҟа архитектура аҟәша 129 зин рнаҭеит аргылареи аиҭеиҿкаареи рзы, 24 ахархәарахь рыҭаразы азин, ахархәарахь ирыҭоуп 18 обиект, ирыҭоуп 79 ақалақьргыларатә лкаақәа, ирыхәаԥшуп 42 проектҭә зыӡба, имҩаԥгоуп ақалақьргыларатә хеилак аилатәарақәа 3. 

2023 шықәсазы Аҟәа ақалақь абиуџьет азы ирыдыркылеит  1 млрдки 428 млн мааҭ, аха 2022 шыықәса анҵәамҭазы аиҷаҳара ахьалыршаз иабзоураны 183 млн ахашәала ацны ҳҭалеит 2023 шықәсазы. Абри аҟнытә абиуџьет иацҵан иагьартәеит 1 млрдки 975 млни 54 нызқь маатҭ ахашәалақәа рыла, 2 млрд 158 млн 445 нызқь маат ахарџьқәа рыла. 

«Аҟәа ақалақь ахатәы хашәалатә биуџьет азы аплан иартәеит 2023-тәи ашықәс азы 1 млрд 520 млн 224 нызқь мааҭ, фактла анагӡара иартәеит 1 млрд 666 млн 987 нызқь мааҭ, аизҳара иартәеит 109,7% », - иҳәеит Б. Ешба.

Аплантә рбагақәа ашәахтә хкқәа рыла рынагӡара Администрациеи ақалақьтә маҵзуреи русура бзиа атәы аҳәоит: иҷыдоу ашәахтә – 125%; апатенттә шәахтә – 134%; амазаразы ашәахтә – 166%; ахашәалазы ашәахтә - 103%; ахашәалахәытә шәахтә – 109%; задгьыл азы ашәахтә – 150%; акцизақәа – 135%. 

Абиуџьет ахарџьтә хәҭа 2023 шықәсазы иартәеит 99% иазԥхьагәаҭақәаз ахархәагақәа рыҟнытә 2 млрд 158 млн 445 нызқь мааҭ. Аԥаразоужьра иартәеит 2 млрд 137 млн 919 нызқь мааҭ.

2023-2025 шш. аинвестициатә программа иазԥхьагәанаҭоит акрызҵазкуа апроектқәа жәпакы, амҩақәа рырҽеира, ахәыҷтәы хәышәтәырҭа, ашьаҟауаа рымҩақәа реиҿкаара 1 миллиардк мааҭ рыхә.

Аҳәынҭқарра Ахада Ицхыраагӡатә фонд аҟнытә 13, 5 млн маат хархәара рыҭан Апантеон арҽеиразы,   Гәматәи амҩаҟны аҵыргәатә шьаҟа аргыларазы, адгьылҳәазара иахҟьаны Аваинахцәа рымҩа аиҭашьақәыргыларазы.

Иара убас Аҟәа ақалақь аҩныҵҟа анагӡара иаҿуп аинвестициатә проект дуқәа жәпакы   8 млрд мааҭ рыхә. Урҭ рыбжьара иҟоуп – сасааирҭа «Ривиера» аргылара ахыркәшара, агәабзиарачаԥарҭақәа «Аҟәа»,  «Аҟәатәи», иара убас асасааирҭа «Гранд Отель» , ахәаахәҭратә центр "Ацҳа ҟаԥшь" аиҭеиҿкаара. 

Аҟәа ақалақь аекономикаҟны иазгәаҭоуп атауареикәшара аизҳара 13 млрд 78 млн мааҭ рҟынӡа. «Аҟәа ақалақь ала атауареикәшаразы Аплан нагӡан 102,2% рыла, иагьартәеит 47 млрд 103 млн мааҭ», - иазгәеиҭеит иара.

«Акурортқәеи атуризми русхк аҟнытә ахашәала иартәеит 2023 шықәсазы  477,4 млн маваҭ, ари иартәеит 122,5%», - иҳәеит Ешба.

Ақлақь ахада далацәажәеит иара убас 2023 шықәса рзы афымцамч аусхк аҟны аусура. 

«Имҩаԥгоуп зынӡа амаининг иаҿагыланы ақәԥаразы аоперативтә штаб имҩаԥнагаз 21 еилатәара, игәаҭоуп: 1571 уада, 1540 нхарҭа ҩны, аҩнаҵақәеи ахыбқәеи  661. Иаарԥшын афымца иагьаҿыхын акриптовалиута арҳаразы амыругақәа 1906 цыра. Ҳазҭагылоу аамҭазы изакәанымкәа амыругақәа раҿакра ахылаԥшразы агәыԥқәа аус руеит», - иҳәеит Ешба.

Аҟәа ақалақь абонентцәа рхыԥхьаӡара иартәоит 28 550, ахыԥхьаӡаларақәа реицҵалыҵ 2023 ш. иартәеит 569,2 млн мааҭ. Аизгарақәа бжьаратәла 41% рҟынӡа ыҟоуп.

«Ишьақәыргылоуп 13 нызқь афымца хархәара агәаҭага мыруга, 2024 шықәсазы иазгәаҭоуп даҽа хә-нызқь мыруга рышьақәыргылара», - иазгәеиҭеит Беслан Ешба.

Аҳасабырбаҟны иарбан Аҟәа ақ. агәабзиарахьчаразы абиуџьет ишартәаз 232,4 млн мааҭ, 2023 ш. аҵараиура абиуџьет иартәеит 554,5 млн мааҭ, акультура абиуџьет - 2023 ш. иартәеит 67, 7 млн мааҭк.

Аспорти аҿари рзы абиуџьет иартәеит 46, 9 млн мааҭ. Аҟәа ақ. асоциалтә еиқәыршәара абиуџьет аҟны иҟан  44, 7 млн мааҭ.

Беслан Ешба иара убас  Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭеиҳәеит 2024 шықәсазтәи азԥхьагәаҭарақәа ртәы, уахь иаҵанакуеит ауалафахәқәеи ацхыраагӡақәеи рышьҭыхра, иара убас иҷыдоу аекономикатә зона аԥҵара ԥасатәи агәамкаԥсарҭаҟны аекономикатә еизҳареи аинвестициақәа радԥхьалареи рзы.

Аҳәынҭқарра Ахада Аҟәа ақалақь Администрациа аусура бзиоуп ҳәа ахә ишьеит, иҳәеит иазгәаҭоу аусқәа рыҟны аԥхьаҟа адгылара шаиҭо.

 

 

 

 

 


Read 119 times - Аҩаша, 05 Хәажәкыр 2024 22:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.