АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Хәажәкыр.2024

Раԥхьатәи абариатриатә ԥҟара мҩаԥыргеит Аԥсны.

Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҿы аҭыԥантәи амедицина аҭоурых аҿы уажәраанӡа иҟамлацыз раԥхьатәи абариатриатә ԥҟара мҩаԥыргеит. Абариатриатә ԥҟара, мамзаргьы абариатриа – ари мыцхәы ажькра ахәышәтәра иазкны аоперативтә метод ауп.   

Аԥҟара аԥснытәии ҭырқәтәылатәии ахирургцәа еивагыланы имҩаԥыргеит. Уаанӡа аԥснытәи аҳақьымцәа Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ала иҟаҵаз адгалара иабзоураны иарбоу аоперативтә метод ала аҽазыҟаҵаразы амастер-классқәа ирҭаауан.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иажәақәа рыла, Аминистрра  аҿы ҭырқәтәылатәи аҳақьымцәа абариатриа анаҩсгьы аонкологиа, уҳәа реиԥш иҟоу егьырҭ ахырхарҭақәа рылагьы аус рыцура азԥхьагәаҭоуп. 

 

 


Read 130 times - Аҩаша, 05 Хәажәкыр 2024 21:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.