АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Хәажәкыр.2024

Ахьаа џьаргьы имцаӡеит: Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аҿы агәалашәарақәа реизга «Ҿызымҭуа абиԥара» аӡыргара мҩаԥысит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 1937 – 1956 шш. рзы арепрессиа зызуз ауаа рхәыҷқәеи рмаҭацәеи ргәалашәарақәа реизга  «Ҿызымҭуа абиԥара» аӡыргара мҩаԥысит Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аҿы.   

Автор-аиқәыршәаҩ, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор Саида Возба аиформациа аизгара аганахьала мҽхакы ҭбаала аусура мҩаԥылгеит. Лара дрыҿцәажәеит Сталини Бериеи ртеррор иалаӡыз ауаа 22-ҩык рыԥҳацәеи рԥацәеи, иара убас жәҩык рмоҭацәеи.

Ас еиԥш аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа рыла аусура аҷыдарақәа ируаку –  рхәыҷы шықәсқәа рзы ирхыргаз ашәара ацәаныррақәа зыԥсҭазаара зегьы иагәылганы иаазгаз ауаа рыбжьы лабҿаба аҳара. Арҭ агәалашәарақәа анаҩстәи рыԥсҭазаара акыр анырра ду анаҭеит. Аамҭа хәшәуп жәаҳәарада, аха ахьаа џьаргьы имцаӡеит.  

Аизга аӡыргара иазку аусмҩаԥгатә аҿы иқәгыло Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут адирекор, афилологиатә наукақәа ркандидат Арда Ашәбеи аҭоурыхтә наукақәа рдоктор Аслан Аҩӡбеи аизга аҵакы ахәшьара ду арҭеит, иара убас автор изанааҭдырра аҩаӡара ҳаракы азгәарҭеит.

Саида Возба агәра ганы дыҟоуп усҟантәи аамҭазы иҟаз арепрессиақәа иаартны, иҟаз шыҟаз алацәажәара ахәҭоуп, аҭоурыхтә ԥышәа аҟазара ала аилыркаарала.

«Даҽакала аҭоурых аурокқәа ргәынкылашьа ыҟам», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.

Ари  аҭыжьымҭа  – «аҳәынҭқарратә машьына» агәымбылџьбара иақәшәаз ауаа иҵабыргу рҭоурых ауп, уи аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ирыхҳәаауп.

Ашәҟәы аҭоурыхҭҵаара знапы алаку аҭҵааҩцәа, иара убас аҭоурых иазҿлымҳау аԥхьаҩцәа ирзырхоуп.

Ашәҟәы Агәыҳалалратә фонд «Аԥснытәи ауаажәларратә аҿиара Афонд «Амшра» иҟанаҵаз афинанстә цхыраарала иҭыжьын.

Ашәҟәы ахҟьа автор– Мадина Бигәаа.

 

 


Read 118 times - Аҩаша, 05 Хәажәкыр 2024 20:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.