АЖӘАБЖЬҚӘА

05.Хәажәкыр.2024

Гәылрыԥшь араион аҟны 2023 шықәсазы ахашәалатә хәҭа 108% рыла инагӡоуп.

Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Гәлрыԥшь араион аҟны 2023 шықәсаантәи аусура аихшьалазы аҳасабырба идикылеит. Гәылрыԥшь араион Администрациа ахада Саид Ҳаразиа аҳасабырбатә аамҭа аҩныҵҟатәи аусуразы аихшьала ҟаиҵеит.

«Гәылрыԥшь араион аҟны 2023 шықәсазы ахашәалатә хәҭа 108% рыла инагӡоуп. Аплан аҟны иарбаз 312,7 млн. мааҭ раан  фактла ааимҭақәа идыртәеит – 337,8 млн мааҭ. Урҭ рахьынтә ахатәы хашәалақәа идыртәеит –135,5 млн. мааҭ аплан аҟны иарбаз 110,4 млн мааҭ раан, мамзаргьы 122,8%. Абасала, ахатәы хашәалақәа ирызҳаит 44 млн. мааҭ рыла мамзаргьы  48,2% рыла еиҳахеит ҵыԥхтәи ашықәс аасҭа. 

Гәылрыԥшь араион ахада иаҵшьны иҳәеит аекономикатә рбагақәа абиуџьет ахь ааимҭақәа ирыцҵаны рааира шалдыршаз.

«Ари иабзоураны аԥаратә хархәагқәа дәықәҵан араион анхамҩатә обиектқәа рматериал-техникатә база арӷәӷәарахьы, ҳауаажәлар, абиуџьеттә усхк аҟны иҟоу ауааԥсыра рҭагылазаашьа аиӷьтәрахь: аҵараиураҟны, агәабзиарахьчараҟны, акультураҟны, иуашәшәыроу ауааԥсыра аматериалтә цхыраара рыҭарахь. Иааизакны, араион аҟны адотациақәа, асубсидиақәа, атрансферқәа 2023 шықәсазы идыртәеит  189,5 млн мааҭ», - иҳәеит иара.

Саид Ҳаразиа араион Администрациа аусураҟны ихадараны иазгәеиҭеит ақыҭауаа рҭагылазаашьа аиӷьтәра. Уи иажәақәа рыла араион аекономикатә лшара дуқәа амоуп еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыҟны, атуризм аусхкгьы налаҵаны. 

Иара убас Администрациа анапхгаҩы Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит 2023 -2025 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы аинвестициатә программа амҩаԥысшьазы. Иҳәеит инагӡахараны ишыҟоу 177, 3 млн мааҭ рыхә апроектқәа 5.  2023 ш. инаркны 2025 шықәсанӡа ишазԥхьагәаҭаз араион аҟны амҩақәа 4 шьаҭанкылатәи рырҽеира 131, 9 млн мааҭ рыхә, ҩ-мҩакы рыла аусурақәа харҭәааны ишынагӡоу, агьырҭ аҩба рыҟны аусура шцо.

Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит зегьы иреиҳау апроект аҳаиртә баӷәаза аиҭашьақәыргылара иазку иамоу аҵак ду.

«Мшаԥымза-лаҵарамзазы ихацыркхоит ареспубликатә мҩа ду аиҿкааразы аусура. Аҭыԥантәи амчхарақәа русбарҭақәа ианаҭахха ацхыраара ҟарҵароуп, зегьы шәеидгыланы ареспубликатә мҩа ду ишақәнагоу иҟашәҵароуп, - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада. Убри аан амҩа иаԥну аҭыԥқәа рыҟны шьаҭанкылатәи аобиектқәа рыргылара ҟамлароуп», - ҳәа ацҵаны. 

Аслан Бжьаниа иара убас Гәылрыԥшь араион Администрациа ахада инапы ианиҵеит аҵара аминистрраеи дареи еидгыланы изыхәҭоу адокументқәа реиқәыршәара, аҭыԥқәа ралхра, ашколқәа зегьы рыҟны аспорттә шҭақәа рыргыларазы апроект анагӡара дырццакырц.

Саид Ҳаразиа иҳәеит ари азҵаара аӡбара нап шадыркуа. 

Аҳәынҭқара Ахада Гәылрыԥшь араион аҟны имҩаԥысуа аусура алҵшәақәа цәгьаӡам ҳәа ахә ишьеит, аусура алҵшәақәа рышьҭыхразы иацҵаны аусура амҩаԥгара иазхьарԥшны.   

 

 

 


Read 119 times - Аҩаша, 05 Хәажәкыр 2024 21:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.