б) ҩ- ԥсыӡкратә ӷбақәа рхархәарала (аҭаӡара 240 регистртә тонн, даҽакала иуҳәозар - 24000 куб.фут., мамзаргьы 67920 кубометр иреиҳамзароуп) урыстәылатәи аԥсыӡкратә наплакқәа;
в) Аҩныҵҟатәи аџьармыкьа аԥсыӡ (акамшьиа, аҵыхәшәыгә) ала аиқәыршәара азы аԥсыӡкратә ӷбақәа 10 рхархәарала аԥсыӡкратә усхкы назыгӡо аиуристтә хаҿқәеи хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәеи.
2023 – 2024 шықәсқәа ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭазы азин ыҟам аҿыцкыра ԥсыӡ, ирхьшәашәоу, иҵаарку аԥсыӡ аекспорт. Мацара урыстәылатәи аԥсыӡкратә наплакқәа раархәаразы азин ыҟоуп.
Аиурист хаҿқәеи хазхаҭалатәи анаплакыҩцәеи азин рымам 2023 – 2024 шықәсқәа ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭазы аҩныҵҟатәи аџьармыкьа аԥсыӡ ала аиқәыршәара азы аҳәаанырцәтәи аԥсыӡкыга ӷбақәа аԥсыӡкра радԥхьалара, урҭ еиуеиԥшым амшынҵауларахь зынашьҭра алшо акаҭақәа рыла еибыҭазар.
Аекологиа азы аҳәынҭқарратә Еилакы 2023 – 2024 шықәсқәа рзы ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭазы иадҵоуп:
а) аԥсыӡкраз аштаб аԥҵара;
б) аԥсыӡкра иалахәу аӷбақәа рзеиԥш хыԥхьаӡара ахылаԥшра аиҿкаара,
в) акамшьиа аӷбақәа рҿы реилыҟәшәареи иссоу амшын алажьреи рақәиҭымтәра. Убри аан, аԥсыӡ маҷ амшын алажьра ахҭыс азгәаҭазар, аматериалқәа азырхианы Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистррахь рынашьҭра;
г) азин ыҟамзароуп: амшын аԥшаҳәа инаркны амшын агәахьы 500 метра рҟынӡа аԥсыӡкыгаӷбақәа рыла аԥсыӡкра;
амшын аԥшаҳәа инаркны амшын агәахьы х-мильк иреиҵамкәа аԥсыӡкыгақәеи аӷбаӷәрақәеи рыӡәӡәара;
Иара убасгьы азин ыҟам:
аӡиасқәа Ԥсоу, Бзыԥ, Мҷышьҭа, Гәымсҭа, Кьалашәыр, Кәыдры, Аалӡга, Егры амшын иахьалалои азин ахьыҟам араионқәеи рҿы аԥсыӡкра, аԥсыӡкыгаӷбақәеи атранспортӷбақәеи рыргылара.
Аԥсыӡ аус адуларатә наплакқәеи аԥсыӡкратә ӷбақәеи рыла аԥсабара аҳаиртә, адгьылтә, амшынтә ҵакыра ахьчара аганахьала аекологиатә нормақәа реилагара азы алицензиа азимчы аанкылареи аусура ахь анамышьҭреи азԥхьагәаҭоуп.