АЖӘАБЖЬҚӘА

01.Ԥхынҷкәын.2023

2023-2024 шықәса ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭазы 27 нызықь тонна рҟынӡа акамшьиа акра ҟалоит ҳәа иазԥхьагәаҭоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара Аԥсны аԥсыӡнхамҩа аусура аҭышәныртәалараз ауснагӡатәқәа шьақәнарӷәӷәеит. Убас, 2023-2024 шықәсқәа ҭагалан-аӡынтә аԥсыӡкраамҭазы аӡы-биологиатә ресурсқәа  рҭагылазаашьа  ҳасаб азуны шаҟа укыр ҟало азы Ақәҵара рыдыркылеит.

Иҟоуп ҳәа иазгәаҭоу аԥсыӡ аресурси шаҟа укыр ҟалои шьақәырӷәӷәан:

Акамшьиа - 90 000 тонна ыҟоуп ҳәа иазгәаҭоу аресурс аҟынтәи акра ҟалоит  - 27 000 тонна,аресурс аҭагылазаашьа бжьаратәуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

2023 – 2024 шықәсқәа ҭагалан-аӡынтә аԥсыӡкраамҭазы азин ыҟам аҿыцкыра ԥсыӡ, ирхьшәашәоу, иҵаарку аԥсыӡ аекспорт. Мацара урыстәылатәи аԥсыӡкратә наплакқәа раархәаразы азин ыҟоуп.

Иазгәаҭоу аресурс аҟынтәи егьырҭ аԥсыӡқхкқәа акра ҟалоит:

Аҵыхәшәыгә – 150 тонна;

Агәыҵаԥшь– 95 тонна;

Аԥсардаҳанқәа (акилька)  – 340 тонна;

Аидыԥсала-(алыцә, аҭлаԥ, акьыркьал,ахәымплаҳ) - 100 тонна;

Аҷарқал  – 60 тонна;

Амшынла – 3 тоннак;

Ашәиаҟ – 6 тонна;

Аскат (амшынбга, мамзаргьы амшынцгәы) – 20 тонна;

Алуфар, аҿаԥран – 45 тонна;

смарида – 50 тонна;

егьырҭ аԥсыӡхкқәа (адыԥсала, амшынла, аганвых, атах, алуфар, агәырԥсыӡ, асмарида, аԥсардаҳан, аҭкәицар, амыдаӷьқәа, аҿаԥран,  уҳәа убас егьырҭгьы) - 30 тонна.   

 


Read 234 times - Амҽыша, 03 Ԥхынҷкәын 2023 23:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.