АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Жәабран.2024

Аенергетикцәа разгәаҭарақәа: афымцамч ала аиқәыршәара иадҳәалоу аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара алыршахоит хәажәкырамза анҵәамҭазы.

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамчи» Егрытәи Аӡфымцатә Станциеи ареспублика афымцамч ала аиқәыршәара аганахьала аусеицуреи аԥхьаҟатәи аусура азԥхьагәаҭарақәеи ирызкын атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, «АУН «Амшынеиқәафымцамчи» Аӡфымцастанциеи рнапхгараҭара алархәны имҩаԥигаз аусуратә еилатәара аҿы.   Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Егрытәи Аӡфымцатә Станциа адиректор Леуан Мебониа иазгәаҭарақәа рыла, Урыстәылантәи асоциалтә шьаҭала  иаауа афымцамч арезервқәа, Џьвартәи аӡеизакырҭа ааԥынтәи аамҭахәҭа азы иҟоу аӡы аҩаӡара,  иара убас афымцамч аекономиа азы имҩаԥгахо аусмҩаԥгатәқәеи аҭә ҳасаб азуны уахәаԥшуазар, афымцамч ала аиқәыршәара иадҳәалоу аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара залыршахар ҟалап хәажәкырамза анҵәамҭа–мшаԥымза алагамҭазы.

Убас ала, Егрытәи Аӡфымцатә Станциа анапхгараҭара иҟанаҵо азгәаҭарақәа рыла, уажәырнахыс ҳаԥхьаҟа  2024-2025 шш. ҭагалан-аӡынәи аамҭахәҭа азы адефицит ахарҭәааразы иазԥхьагәаҭатәу аунагӡатәқәа ралкаара хымԥадатәиуп. Аенергетикцәа ргәаанагарала, аҭагылазаашьа аиҭакразы афымцамч ахархәара априборқәа рышьақәыргылара анаҩс афымцамч аиуразы альтернативатә хыҵхырҭақәа рыԥшаара алыршатәуп.  

Аԥыза-министр Егрытәи Аӡфымцатә Станциа аиҳабы имҩаԥгоу аусурақәа рзы иҭабуп ҳәа иаҳәаны ареспублика аенергетикеи атранспорти Рминистрреи «Амшынеиқәафымцамчи» алархәны апроблема ҽҳәараанӡа аӡбара алыршаразы амҩақәа рыԥшаара иазкны ажәалагалақәа реиқәыршәаразы аԥшьгара ҟаиҵеит.


Read 437 times - Амҽыша, 25 Жәабран 2024 17:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.