АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Жәабран.2024

Сергеи Багаԥшь ибаҟа иреиӷьу апроект азы аконкурс II аетап аихшьаалақәа ҟарҵоит лаҵарамза 20 рзы.

Аҟәа. Жәабранмза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акультура аминистр аамҭала  инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр акультура Аминистрра аҟны иҟоу амонументалтә  ҟазара азы  аҳәынҭқарратә Комиссиа аилатәара мҩаԥылгеит.

Аилатәара аҿы Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь ибаҟа иреиӷьу апроект азы жәларбжьаратәи аконкурс II аетап аихшьаалақәа рыҟаҵареи Аҟәа ақалақь аҿы уи ихьӡ зху аплошьад аиқәыршәазаареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа  ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла акультура Аминистрра апресс-маҵзура.  

Аконкурс аҩбатәи аетап аихшьаалақәа ҟарҵоит лаҵарамза  20, 2024 шықәса рзы.

Аконкурс аҩбатәи аетап амҩаԥгара Сергеи Багаԥшь (04.03.1949 – 29.05.2011шш.) диижьҭеит 75-шықәса аҵра иазкны агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа ирыдҳәалахоит.  

«Аконкурс амҩаԥгара асимволтә ҵакы аанахәоит, избан акәзар уи Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь ииубилеитә рыцхә иадҳәалахоит», – ҳәа илҳәеит лара.

Аилатәараҿы иара убас Очамчыра ақалақь аҿы С.У.Багаԥшь ибаҟа аргыларазы иреиӷьу апроект аконкурс амҩаԥгара иадҳәалоу азҵаарақәагьы ирылацәажәеит. Аконкурс амҩаԥгара иазыԥҵәоу аҽҳәара – жәабранмза 28 инаркны лаҵаамза 20, 2024 шықәсанӡа.   

 

 


Read 293 times - Асабша, 24 Жәабран 2024 01:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.