
pressadmin-2
Леонид Агрба аԥратә спорт азы Жәларбжьаратәи аицлабрақәа «И.С. Исаков Имемориал» рҿы араӡнытә аԥхьахә игеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Леонид Агрба аԥратә спорт азы Жәларбжьаратәи аицлабрақәа «И.С. Исаков Имемориал» рҿы аихта акласс «Оптимист» аҿы аиҵбыратә гәыԥ иаҵанакуа арԥарцәа рыбжьара араӡнытә аԥхьахә игеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Атурнир мҩаԥысуан нанҳәамза 11- 17 рзы аӡиа Севан аӡымҽхак иахьаҵанакуа ақалақь Севан аиахт-клуб АФПС аҿы.
Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа аԥратә спорт асекциа аспортсмен Шәача ақалақь еизгоу акоманда аилазаараҿы ахәыҷтәи аԥратә клуб Sail in Sochi, пгт. Сириус ахьӡала дықәгылон.
Шәачантәи Аԥсныҟа идәықәҵахоит адәыӷба «Риҵа».
Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 9 инаркны Шәачантәи Аҟәаҟа аныҟәара иалагоит атуристтә дәыӷба «Риҵа».
Амаршрут мҩаԥыслоит Алада Урыстәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рҿы иҟоу ихадоу аҭыԥ ԥшӡарақәа рыла: Роза Хутор, Гагра, Аҟәа, Шәачатәи-аҳаирбаӷәаза, ҳәа адырра ҟанаҵоит «АиФ».
Сынтәа имҩаԥгахоит аԥышәаратә реисқәа хԥа: цәыббрамза 9, жьҭаарамза 28, иара убас абҵарамза 4 рзы. Амшын Еиқәа аԥшаҳәаҿы аԥсшьара згәы иҭоу Вологодтәи аобласть ауааԥсыра рзы адәыӷба ала аныҟәара атур (6-мши 5 ҵхи) ахәԥса иалагалоуп.
Нанҳәамза 17, ашьыжьымҭан хабарда ибжьаӡыз Саратов ақалақь аҟынтәи иааз иԥшаара алыршахеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥныпресс. Гагра ақалақь аҿы мышкы аԥхьа иӡыз Саратов ақалақь аҟынтәи Аԥсныҟа ԥсшьара ҳәа иааз иахьа ашьыжь шаанӡа иԥшаара алыршахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
Аҳазылхратә ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы адекларациа змамыз 600 пачка рҟынӡа асигаретқәа рымхара мҩаԥгахеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазылхратә ҭыԥ «Ԥсоу» аусзуҩцәа аҳазылхратә гәаҭара азона аҿы агәҭаразы иааныркылеит Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩ зыԥсҟы икыз автомашьына. Аидараҭыԥи амашьына асалон ашьҭахьтәи ахәҭеи ргәаҭараан иаарԥшын амхрагьы мҩаԥган 600 пачка рҟынӡа асигаретқәа, уи аҟазаара азы ишьақәыргылоу аформала адырра ҟаҵамызт, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит.
Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи ахәыҷқәа рзинхьчаҩи ахәыҷы изинқәа рыхьчара аганахьала аусеицура арҿиара иадгылоит.
Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьал дидикылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.
Аусуратә еиԥылара аҿы ахәыҷқәа рзинхьчаҩ асоциалтә реабилитациа, ашәарҭадара, аҭаацәа рҟынтәи иахәҭоу ахылаԥшра аиура, згәабзиаратә ҭагылазаашьа ԥку ахәыҷқәа рҵарадырра, уҳәа ирыдҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы дрылацәажәеит. Ирзааҭгылеит иара убас аҭаацәа рхәыҷқәа рганахьала изакәанымкәа рхымҩаԥгашьагьы иадҳәалоу афактқәа.
Нанҳәамза 26 рзы Аԥсны ихацыркхоит амузыкатә фестиваль Хьыбла Герзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…»
Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 26, 2023 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль «Хьыбла Герзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…» аартра. Афестиваль "Хьыбла Герзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" мҩаԥысуеит 2001 шықәса раахыс. Аԥхьанатә иара Аԥсны акәын иахьымҩаԥысуаз, аха нас уи аҳәаақәа ирҭыҵны аҽарҭбааит: Москва, Санкт-Петербург, Казань, Австриа, Монако, Швеицариа, Латвиа, Британиа ду, Италиа, ЕАА.
Зыхьӡ ахара инаҩхьоу ари афестиваль Џьакомо Пуччини иопера «Тоска» анагӡарала ихацыркхоит. Ихадоу ахацәа Марио Каварадоссии абарон Скарпиеиа рпартиақәа нарыгӡоит еицырдыруа аопертә шәаҳәҩцәа Арсен Согомониани Владислав Сулимски. Флорииа Тоски лроль ала дықәгылоит Хьыбла Герзмаа, уи уаанӡа изныкымкәа ари апартиа Станиславскии Немировичи-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр, иара убас Мариинтәи атеатри атеатр Дууи рҿы изныкымкәа иналыгӡахьан. Абри азы адырра ҟаҵоуп афестиваль апресс-релиз аҿы.
Италиатәи арепертуар анагӡаҩ нагацәа ари ахәылԥаз аҿы ирыцлоит ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамза 11 – 22 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысыз Хьыбла Герзмаа иаԥшьылгаз Актәи жәларбжьаратәи аконкурс алауретцәа: Алеқсеи Кулагин, Виачеслав Василиев, Глеб Периазев, Дамир Садуахасов, Мариа Лупариовеи Ливеи Хоу. Амузыкатә усмҩаԥгатә мҩаԥысуеит Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестр ацны, адирижиорс пульт дахагылоит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз арист, атеатр Ду адирижиор Антон Гришанин. Амузыкантцәа рнаҩс афестиваль аартра ацеремониа ихы алыирхәуеит еицырдыруа ателемҩаԥгаҩ Иулиан Макаров. Иазгәаҭатәуп, аусмҩаԥгатә С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр ахыбра аҿаԥхьа уи азы ҷыдала идыргылаз иаарту аплошьадкаҿы имҩаԥысуеит.
Афестиваль анаҩстәи аконцерт убасҵәҟьа иаарту аплошьадкаҿы имҩаԥысуеит: нанҳәамза 28 рзы Пицундатәи ауахәама аҿаԥхьа аоператә сцена апримадонна Хьыбла Герзмаа иаԥшьылгаз Актәи Жәларбжьаратәи авокалистцәеи аконцермеистрцәеи рконкурс алауретцәа дрыцықәгылоит. Алеқсеи Кулагин, Ольга Маслова, Вичеслав Василиев, Глеб Периазев, Ливеи Хоу, Марииа Лупариова, Дамир Садуахасов, Жаргал Цырендагбаевеи Гульдана Алдадосовеи урыстәылатәии жәларбжьаратәии акомпозиторцәа роперақәеи рдуетқәеи нарыгӡоит.
Аопертә шәаҳәаҩы иаԥшьылгаз аконкурс аҿы аиааира згаз, Урыстәыла, Китаи, Ҟазахсҭан рҟынтәи абаҩхатәра злоу авокалистцәа Москватәи аҳәынҭқарратә академиатә симфониатә оркестр иацны иқәгылоит, адирижиортә пульт дахагылоит — Антон Гришанин. Хьыбла Герзмаа иаԥшьылгаз аконкурс алауретцәа дрыцықәгылоит К.С. Станиславскии Вл.И.Немировичи-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр асолистка Полина Шаровароваи А. Иа. Ваганова лыхьӡ зху Аурыс Балет Академиа астудентка Кристина Ҷкотуа. Аныҳәатә концерт амҩаԥгаҩ — Иулиан Макаров.
Аԥсны аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит акультуратә аԥшьгарақәа рзы Апрезиденттә фонд иҟанаҵо адгыларала, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрреи Аԥсны акультура Аминистрреи УРЫСКОНЦЕРТи рыцхыраарала.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа игәабзиаразы ашәарҭара ыҟам.
Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа москватәи аклиникақәа руак аҿы аоперациа изун.
«Ачымазарашьақәыргылара ашьҭахь, уи аоперациа изыҟарҵеит. Апроцедура бзианы имҩаԥысит. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа игәабзиареи иԥсҭазаареи рзы шәарҭара ыҟам» , -ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Роберт Киут Игорь Кокоев диԥылеит.
Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Нхыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Аланиа аҟынтәи аԥснытәи хатәгәаԥхарауаа Реидгыла ахантәаҩы Игорь Кокоев дидикылеит.
Аиԥылара рхы аладырхәит Нхыҵ Кавказ аветеранцәа-хатәгәаԥхарауаа рымадара азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьал, аспорт азҵаарақәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Ахра Ашәба.
Амилицииа аинрал-маиор Роберт Киут ҳреспубликаҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа хатәгәаԥхарауаа ҷыдала ишырзыҟоу инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Инар Ладариа Панамтәи аканал аартра 109- шықәса ахыҵра аныҳәа далахәын.
Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Никарагууа иҟоу Панама Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа нанҳәамза 15 рзы Панамтәи аканал аартра 109- шықәса ахыҵра аныҳәа иҽалаирхәит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.
Аныҳәатә усмҩаԥгатә аҿы асасцәа ирыдгалан Панамтәи аканал аргылара, ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьеи ԥхьаҟатәи аперспективақәаеи рзы адыррақәа.
Акультуратә программа иалагалан Панама акультура аазырԥшуа амузыкатәи акәашаратәи ақәгыларақәа.
Гагра ақалақь аҿы иҟалаз амҩатә машәыр аҿы аӡәгьы ааха имоуӡеит. Абх. Абх.
Аҟәа. Нанҳәамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Гагра ақалақь аҿы ахыкәшарҭатә мҩа ала иҟоу атоннель аҿы амҩатә транспорттә машәыр ҟалеит. Иааихеит акросовери аеккурсиатә автобуси.