Аԥсны Афырхаҵа, Мрагыларатәи афронт Маркәылатәи абаталион акомандаҟаҵаҩ, адесант-жәыларатә баталион (Тамшьтәи амшынтә десант акомандаҟаҵаҩ) Заур (Лакут) Зарандиа жәабранмза 18 рзы 75-шықәса ихыҵра азгәеиҭеит.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Зарандиа Заур «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара ианеишьеит.
Заур Чанҭа-иԥа Зарандиа 1992-1993 шш. рзы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан илагаламҭа дуи Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара активла иҽалархәреи рзы иреиҳау аҳәынҭқарратә ҳамҭа ианашьоуп.
Аусԥҟа иаҵаҩуп 2024 шықәса жәабранмза 15 рзы.