Аҟәа. Жәабранмза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәсазы апрокуратуа аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкын аԥшьаша, жәабранмза 15 рзы имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа инарҭбаау аусуратә еилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура. .
Аилатәара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба,Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәба, апрокуатуа Хада аусзуҩцәа, Аҟәа ақалақь апрокурор, араионқәа рыпрокурорцәа.
Ажәахә хада ҟаиҵеит Аԥсны Апрокурор Хада Адгәыр Агрба, уи, ҷыдала, дырзааҭгылеит иҳаҩсыз ашықәс азы ареспубликаҟны имҩаԥысызи иаарԥшызи ацәгьоурақәа.
Аслан Бжьаниа аколлегиа аихшьалақәа дрыхцәажәо иазгәеиҭеит: «Аҳәынҭқарраҟны аус зуа зегьы, амчратә хырхарҭақәа зегьы рхықәкы - ҳҳәынҭқарра арӷәӷәароуп, избанзар аҳәынҭқарра- ҳара ҳзеиԥш ҩноуп. Шәара ибзианы ижәдыруеит аҳәынҭқарра зцәыӡыз ажәларқәа рлахьынҵа шышьақәгылаз. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы адунеи аҟны имҩаԥысуа шьаҭанкылатәи аҟазшьа змоу ахҭысқәа рацәоуп. Адунеи аҟны аибашьрақәа ахьцо аҭыԥқәа, иаҳҳәозар Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспублика, 30 шықәса рыҩныҵҟа ишьақәгылаз, иахьа фактла иҟаӡам. Азҿлымҳара ашәҭарц сҭахуп еиҳа аҵак ду змоу азҵаарақәа, убри аан Апрокуратура Хада аҳәынҭқарра ашьақәыргылараҟны инангӡо ароль ду. Шәара ижәдыруеит, ҳара зегьы ҳшазхарымҵац, ҳара ҳганахьала цәгьашақә зхы мҩаԥызго шыҟоугьы», - иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада, апрокуратура аусзуцәа ас еиԥш иҟоу апроцессқәа ирҿагылар шакәу азгәаҭаны.
Аҳәынҭқарра Ахада ҷыдала иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳаиҩызаратә еимадара ҵызшәаауа афакторқәа шыҟоу атәы. «Арҭқәа зегьы ҳтәыла аҿиара иаԥырхагоуп. Ицәырҵит амчқәа, ҳастратегиатә партниори ҳареи ҳаимадара аԥхасҭа азҭо. Ари ҟалашьа змам ауп» , - иҳәеит Ахада. Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра актәи Ахада Владислав Арӡынба иажәақәа игәалаиршәо, иҳәеит: " Аԥсуа ҳәынҭқарра аҟазааразы ихадароу ҩ-мчык ыҟоуп. Аԥсны жәлар ргәазыҳәареи Урыстәылатәи Афедерациаҟнытә адгылареи».
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит арҭ ахымҩаԥгашьақәа аҳәынҭқарра аҩныҵҟа аҭагылазаашьа аруадаҩыр шалшо. «Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳабжьара аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа ҳанрылацәажәо, аинформациатә жәылара цәырҵуеит. Ас еиԥш иҟоу аусура хықәкыла ҳҳәынҭқарратәра ахырбгалара иазкуп», -ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аилатәара ахыркәшамҭаз Ахада апрокуратура аусзуцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит имҩаԥырго аусуразы, иазгәеиҭеит уи ҷыдала аҵак ду шамоу