Алеқсандр Анқәаб аԥснытәи аган жәларбжьаратәи аусуратә еимадарақәа рҳәаақәа арҭбаара ишазҿлымҳау, иара убас кореиатәи акорпорациа ажәалагалақәа рыхәаԥшреи рылацәажәареи ишазхиоу азгәеиҭеит.
19.Жәабран.2024
Алеқсандр Анқәаб Китаитәи Жәлартә Демократиатә Республика аҟынтәи аделегациа идикылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Китаитәи Жәлартә Демократиатә Республика аҟынтәи жәларбжьаратәи ахәаахәҭра Акорпорациа «Мангенбон» адиректор хада Иун Гук Намом напхгара зиҭо Акорпорациа аделегациа идикылеит..
Акорпорациа афатә-ажәтә аалыҵқәеи ааглыхратә тауарқәеи рыҭиара, IT-технологиақәа, амедицина аусхкы аҿы аусеицура абжьаҵара, амшын аалыҵ аусдулара, атрикотажтә ааглыхра иадҳәалоу аусура нанагӡоит.
Аԥыза-министр иԥылара аҿы аделегациа афатә-ажәтә ааглыхра, абанктә усхкы, атуризм, уҳәа егьырҭ ахырхарҭақәа рҿы аусеицура, иара убас Аҟәеи Пхениани ақалақьқәа рҿы аҩганк рыхәхаахәҭратә Хаҭарнакрақәа раартра азҵаарақәа ирылацәажәеит.