pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 18 – 19 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥыслоит жәларбжьаратәи афорум  “Аԥсны. Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижтҭеи 15 шықәса аҵра».

Афорум аиҿкаара рхахьы иргеит  – Афонд «Акоммуникациақәа рыҿиара Жәларбжьаратәи аинститут  АҬЫНЧРА– АЦҲА – АԤСНЫ», Иара убас Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет.   

Афорум аартра мҩаԥгахоит нанҳәамза  18 азы аминистрцәа Реилазаара  аконференц-зал аҿы.

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны атол гьежьқәа ҩба абарҭ атемақәа рыла амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп:

«Аԥсны – Урыстәыла 2070»,

«Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аинформациатә усеицура: апрактика, аԥышәа, аперспективақәа».

Аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа еиуеиԥшым аспектқәеи урҭ рыҿиара аперспективақәеи ирызкхоит жәларбжьаратәи аимадарақәеи аекономикатә зҵаарақәеи рзы ААУ апроректор Максим Ӷәынџьиа, Акоммуниациақәа рыҿиаразы Амилаҭтә ҭҵаарадырратә Институт адиректор ихаҭыԥуаҩ, асоциологиатә наукақәа рдоктор Валентина Комлева, Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц, Жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа Ринститут иԥхьагылоу аусзуҩ, ажурнал «Международная аналитика» аредактор хада   Сергеи  Маркедонов, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу  , аҳәынҭқарратә маҵзуреи жәлар рынхамҩеи рзы Урыстәылатәи Академиа (РАНХиГС) ауаажәларратә еимадарақәа Рцентр адиректор ихаҭыԥуаҩ Сергеи Шатунов, уҳәа егьырҭ рықәыгыларақәа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректор Алеко Гәарамиа иԥылара ашьҭахь  ААУи Акоммуникациақәа рыҿиаразы Амилаҭтә ҭҵаарадырратә Институти (ақ. Москва).  аусеицура рыбжьаҵаразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥгахоит.

Аилацәажәара афилософиа аҟынтәи даара иуашәшәыроу, ирласны зҽеиҭазкуа адунеи аҿы абиԥарақәа рзеиԥш шьаҭа ашьақәыргылареи ахәдуқәа рыиагара апрактика афиласофиа ахь аиасра  шԥалыршатәу – ари PR,  GR  рзы аполитикатә абжьгаҩ, апсихолог, аексперт Алиона Августи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Унивеситет ахаҭарнакцәеи  амассатә информациа ахархәагақәеи апресс маҵзурақәеи русзуҩцәеи реиԥылара атема хада ауп.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Нанҳәамза 15 рзы имҩаԥысраны иҟоуп жәларбжьаратәи ашәарҭадаразы XI Москватәи аконференциа.

Аконференциа аиҿкаара ахахьы иагеит Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра.

Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа напхгара зиҭо атәылахьчара Аминистрра аделегациа аконференциа ахы аланархәраны иҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.   

Шәкы инареиҳаны атәылақәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәеи афорум алахәхаразы ааԥхьара рыҭахеит.

Аконференциа жәларбжьаратәи арра-техникатә форум Ар-2023 аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 14 рзы – Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара Амш азгәарҭоит.  Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи зегьы рҿы 1992-1993шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рбаҟақәеи рҳаҭгәынқәеи ирҭаауеит, урҭ рымҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит.

31 шықәса раԥхьа, нанҳәамза   14, 1992 шықәсазы, Аԥсны атерриториа иалалеит Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә Совет архәҭақәа.   Қарҭ ирыӡбеит Аԥсныҟа архәҭақәа аларгаларц. Официалтә мзызқәас иарбан Звиади идгылаҩцәа рыла иаанкылаз Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр  Роман Гвенцаӡеи ихы ақәиҭтәреи, азвидистцәа рҟынтә аихамҩа ахьчареи. Усҟан ари аихамҩа мацарала акәын Урыстәылеи Ермантәылеи рыбжьара аидара амҩангара зламҩаԥысуаз. Нанҳәа 11, 1992 шықәсазы азвиадистцәа Жәыргьыҭҟа аиҿцәажәарақәа рзы иааз даҽа жәаҩаҩык Қырҭтәыла аполитикатә усзуҩцәа рӷьычуеит. Усҟан ажәабжь гәарарҵеит урҭ Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы иаанкыланы ирымоуп ҳәа, аха уи ҵабыргымызт.

Уи анаҩс Аԥсны аганахьала бџьаршьҭыхлатәи агрессиа ахь икылнагеит.

Қарҭ хықәкыс иаман Аԥсны ҩаԥхьа анапаҿы аагара, убри аан Аԥсны аиҳабыра азықәԥон Қырҭтәылатәи ССР иаланаҵы  Аԥсны автономиатә зинқәа рырҭбаара.

Аибашьра аналагоз аҽны, нанҳәамза 14, 1992 шықәсазы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҿы иазԥхьагәаҭаны иҟан аҩ-республикак рыбжьара афедеративтә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара азҵаара алацәажәара. Азиндырратә наукақәа рдоктор Тарас Шамба еиқәиршәаз «Ареспублика Аԥсни Ареспублика Қырҭтәылеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рышьаҭақәа рзы Аиқәшаҳаҭра» апроект алацәажәара азԥхьагәаҭан.  Аха уи зыҟамлаӡеит, ари асессиа еиԥырҟьан ақырҭқәа атәыла ралалара иахҟьаны. Қырҭтәыла анапхгара Қырҭтәылеи Аԥсни  рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыпроблема аӡбаразы арратә мҩа алнахит.  

Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә Совет имҩаԥнагоз ауснагӡатәқәа «азыҟаҵара бзиа змоу, Аԥсны атерриториа ампыҵахара хықәкыс измоу аоперациа» аҳасабала иаднакылеит.

Аԥсны аоккупациа рхы аладырхәит ҩ-нызықь-ҩык инарзынаԥшуа «агвардеиццәа», 58 цыра рҟынӡа акәалӡтәы техника, хыԥхьаӡара рацәала артиллериатә шьақәгылагақәа (ареактивтә шьақәгылагақәа «Град», «Ураган» уахь иналаҵаны). «Меч» ҳәа акодтә хьӡы змаз Аԥсны аоккупациа иазкыз аплан  Қырҭтәыла Еиду Амилаҭқәа Реиҩызара ахь ианрыдыркыла ашьҭахь ҩымчыбжь ааҵуаны имҩаԥган.

Аибашьра раԥхьатәи амш Азы Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы Владислав Арӡынба ателехәаԥшрала аԥсуа жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аӷацәа аҿагылара рыҭатәуп ҳәа.

Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ақәҵарала атәылаҿы азеиԥш мобилизациа рылаҳәан, 18 шықәса инаркны 40 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахацәа рыбжьара, абџьар Аԥсны аҩныҵҟатәи архәҭақәа рполк ахь аиагареи рзы адҵа ҟаҵан.  **

413 мши ҵхи ицоз аибашьра аԥсуа жәлар иргаз аиааирала ихыркәшахеит. 1993 шықәса цәыббра 30 рзы аԥсуа ар атәыла аҵакырадгьыл зегь рнапаҿы иааргеит, Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет аибашьцәа Аԥсны иалцан. Убри инаркны Аԥсны Аҳәынҭқарра зхы иақәиҭу, ахьыԥшымра нагӡа змоу ҳәынҭқаррак аҳасабала иқәгылеит.

Аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, апоковник Валикәа Пачлиа  (20.11.1945 - 20.04.2021 шш.)  ишәҟәы «Боевые действия в грузино-абхазской войне (1992 – 1993 гг.) Документы и материалы», аԥхьажәа аҿы иҟаиҵо адыррақәа рыла, «Иааизакны, аԥсуа-қырҭуа еибашьра аҿы аԥсуаа рганахьала рхы аладырхәит 18 150 - ҩык.

Урҭ рахьынтә: аибашьратә хҭысқәа ирылахәын - 13 970 – ҩык,

атылтә маҵзурақәа рҿы - 4 180-ҩык. 

Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рхыԥхьаӡара - 2 310 – ҩык рҟынӡа инаӡон.

Еиуеиԥшым афронтқәа рҿы еибашьуаз рхыԥхьаӡара: 

Гәымсҭатәи афронт аҿы - 12 520-ҩык.

Мрагыларатәи афронт аҿы - 5 630-ҩык.

Гагратәи афронт аҿы- 1 600-ҩык. (афронт ыҟан 1,5 мзы ирылагӡаны).

Аибашьра аҿы еиуеиԥшым ахәрақәа зауз рхыԥхьаӡара – 7 нызықь ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Иҭахаз ауаа - 2-нызықьҩык рҟынӡа инаӡоит».  

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра алагеижьҭеи   31 шықәса ҵит.  Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ари аибашьра аҿы иҭахаз аибашьцәа Рмемориал амҵан ашәҭ шыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа  мҩаԥысит.  

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 14 – Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара амш аҽны Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу иҟоу Амемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

Владислав Арӡынба ҳаҭырла дыргәаладыршәарц арахь имҩахыҵит Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ-Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны иҟоу Приднесторовтәи  Молдавтәи Ареспублика аофициалтә Хаҭарнакра аиҳабы Гарри Кәпалба, Аԥсны Арбџьармчқәа рыруаа, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарауаа, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 14 рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз аахыс 31 шықәса аҵра инамаданы Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

 

Ааԥхьара атекст аҟны иҳәоуп:

«Акыр иаԥсоу 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа!

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

1992 шықәса нанҳәамза 14 рзы Аԥсны жәлар ҳтәыла ижьышо иақәлаз агрессор иҿагылеит, ибзиангьы ирдыруан хьаҵра шыҟамлоз, ҳ-Аԥсадгьыл Аԥсны алахьынҵа рнапы ишаныз.

Аибашьра иаанагаз агәырҩа, ахьаа еиҳагьы еиднакылеит милаҭрацәала еилоу ҳреспублика ауааԥсыра зегьы, ари аидгыларала иагьалыршахеит ихьыԥшым рҳәынҭқарраҟны анхара-анҵыразы ирымаз азин ахьчара.

Аҟәа. Нанҳәамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи 31 шықәса аҵра инамаданы Ааԥхьара ҟаиҵеит.

 

*** Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

31 ш. раԥхьа, 1992 шықәса, нанҳәамза 14 рзы иалагеит аԥсуа жәлар рҭоурых аҟны зегь раасҭа ишьаарҵәыраз ахҭысқәа ируакны инхаз - 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра.

Аӷа мыцҳәарыла ҭынч инхоз-инҵуаз ҳажәлар дрықәлеит, рықәхра, реимҵәара хықәкыс иҟаҵаны.

Урҭ ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла анапхгара ирыӡбеит адипломатиа абызшәа мап ацәкны, бзарбзанлеи танклеи ҳажәлар ирацәажәарц. Иацтәи арецидивистцәа усҟан архәҭақәа рнапынҵа зырҭаз, агыгшәыгра аарԥшуа, атәыла зегьы ашьаҟьара рҽазыркит. Амилаҭ рнырҵәара, аҭынч уааԥсыра рырҳәра, ауаажәларратә мазареи амилаҭтә ҭынхеи реимҵәара Аԥсынтәыла ахи-аҵыхәеи иахыҵәеит. Аха ҳажәлар ргәы еиҭамԥеит, ҳԥыза ду Владислав Арӡынба ҳ-Аԥсадгьыл  ахьчаразы иҟаиҵаз ааԥхьара иадгылеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Пицунда-Мыссратәи аҳәарԥсарра ахатәы лаготип, афото-видео материалқәа зцу асаит, иара убас аинформациа-навигациатә система аиуоит. Убасҵҟьа, аҳәарԥсарра абнахылаԥшрақәа рыхԥагьы: Пицундатәи, Лӡаатәи, Мыссратәи рахь уназго амҩахәасҭақәа зегьы рҿы адыррарбагатә ҭаӡҩыра хәыҷқәа шьақәыргылахоит.  Уи зегьы злалыршахо Аԥснытәи ауаажәларратә аҿиара афонд «АМШРА» ацхыраара ала ауп.

Аҟәа. Нанҳәамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Шәачатәи амшынтә баӷәаза  «Аҷныш аҵаҟа азал» ҳәа изышьҭоу азал аҿы аусура иалагеит акамертәи абарокатәи амузыка азы ахәбатәи афестиваль.

Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны, Урыстәыла инагоу амузыкантцәа ирыцны иқәгылеит Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асолистцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Зҽаԥсазтәыз артистцәа Лука Гаделиеи (аорӷан) Кристина Ешбеи (сопрано), ҳәа иарбоуп афестиваль апресс-релиз аҿы.

Амузыкантцәа ахәаԥшцәа ирыдыргалеит апрограмма  «Аепохақәа рсаркьа ибжьырҟьаны » – бароко аамҭазы иаԥырҵаз амузыка инаркны ҳаамҭазтәи акомпозиторцәа рырҿиамҭақәа рҟынӡа. Бах, Персел, Вивальди, Боельман, уҳәа рырҿиамҭақәа аемоциа зцу  А. Пиацоллеи Д. Гершвини рырҿиамҭақәеи, уимоу ҳаамҭазтәи акомпозиторцәа Х. Циммери  Л. Еинауди рмузыкеи еилалеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа 2022 шықәсазы Аҟәа ақалақь абиуџьет анагӡара азы аҳасабырба шьақәдырӷәӷәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақьтә Еизара аофициалтә саит.

Абиуџьет анагӡара азы инарҭбаау аҳасабырба адгалара мҩаԥигеит Аҟәа ақалақь Ахадара афинансқәа Русбарҭа аиҳабы Алхас Лагәлаа.

Абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа 111 % рыла инагӡоуп.   2022 шықәсазы аҳҭнықалақь абиуџьет апараметр хадақәаны ишьақәгылеит:

Ахашәалахәқәа рыла – 1 млрд. 619 млн. 656 нызықь мааҭ,

Аныхтәқәа рыла – 1 млрд.  553 млн. 820 нызықь мааҭ.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.