АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Абҵара.2023

Аслан Бжьаниа таитәи абокс азы адунеи аԥхьахәгара аҿы аиааира згаз Нестор Гадлиа дидикылеит.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа таитәи абокс азы адунеи аԥхьахә агара азы аицлабраҟны аиааира згаз Инал Гадлиа дидикылеит.

Аԥснытәи аспортсмен зыкапан 48 кьыла иҟоу рыҩныҵҟа урыстәылатәи аизгатә гәыԥ далан.

Аицлабра мҩаԥысуан Ҭырқәтәыла Анталиа ақалақь аҟны.

Аслан Бжьаниа аспортсмен қәыԥш аиааира идиныҳәалеит, аспорт аҟны аԥхьаҟатәи аихьӡарақәа изеиӷьеишьеит.

«Аферы муара! Уеихьӡарақәа ҳреигәырӷьеит. Иара убас ашкол аҿгьы аҵара бзианы иуҵалароуп»,- ҳәа ахықәкы ацәхьамҵра, аҽазҵәылхра, ахы агәрагара шаҭаху дазхьарԥшны иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Ақәԥаҩ Аҳәынҭқарра Ахада аҵара бзианы ишиҵало азы ажәа ииҭеит, иара убас аԥхьаҟатәи аицлабрақәа рҟынгьы иҟазара аарԥшра дшазхиоу иҳәеит.

Абоксиор иазыҟаҵаҩ Ҭемраз Гьергьедаа Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит ареспубликаҟны аспорт аҿиара иаиҭо адгыларазы. «Ари аҩыза адгылара - таитәи абокс аҟны мацара акәӡам, егьырҭ ахкқәа рҟынгьы ишыҟоу убаратәы иҟоуп. Атәыла анапхгара аҿар реиҵааӡараҟны абас аҵак ду змоу ахырхарҭа ишазыҟоу аабоит. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит уи азы»,- ҳәа иҳәеит иара.

Аиԥылара иара убас далахәын Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Асҭамыр Гьерхьелиа, АК «Гьаргь Аиааира зцу» анапхгаҩы Коба Гогохьиа.

Аиԥылараҟны иара убас ишьҭыхын ареспубликаҟны абҩарҵәыра аҿиараҟны иактуалтәу азҵаарақәа.

 

 

 

 

 


Read 189 times - Ашәахьа, 20 Абҵара 2023 21:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.