Ҳаҭыр Зқәу Иԥшьаӡоу Шәаҳаракыра Кирилл. Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, шықәсырацәа инеиԥынкыланы Иԥшьоу Аиашахаҵаратә Уахәама апозициа арӷәӷәаразы имҩаԥыжәго аусқәа рыҟны аихьӡарақәа.
Аслан Бжьаниа Москватәии Урыстәылазегьтәии Иԥшьаӡоу Апатриарх Кирилл Иира Амш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Абҵарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москватәии Урыстәылазегьтәии Иԥшьаӡоу Апатриарх Кирилл Иира Амш идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
"Иԥшьаӡоу Шәаҳаракыра! Аԥсны аиашахаҵаратә қьырсианцәа рыхьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәира Амш.
Аԥсны Шәара зыхьӡ нагоу аиашахаҵаратә динхаҵара ныҟәызго ақьырсианцәа рдоуҳатә ԥыза иаҳасабала шәеицырдыруеит, ҳаҭыргьы шәықәырҵоит. Шәара шәыԥсҭазаара Анцәа имаҵ аура, ауаа рыгәқәа рыҟны аиашахаҵаратә нцәахаҵара ашьақәырӷәӷәара иазышәкит. Шәара апатриарх иаҳасабала имҩаԥыжәго аԥшьамаҵзура аҳаҭырқәҵара ду иаԥсахеит. Иаса Қьырса иҳәамҭақәеи Евангельтәи ажәеи ауаа ирыларҵәо, урҭ ақьыиареи арыцҳаибашьареи абзиабареи ахачҳареи реиԥш иҟоу аҟазшьа шьахәқәа ирыҵоу аҵакы деилшәыркаауеит. Шәаамсҭашәареи ақьырсиан ҵасқәа рышьақәырӷәӷәареи ирыбзоураны адунеи зегьы аҿы хьӡи-ԥшеи шәыманы шәҟалеит.