АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Абҵара.2023

Тарас Шамба ихьӡ зху Аҟәатәи апарк аҿы арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Абҵарамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Тарас Шамба ихьӡ зху Аҟәатәи апарк аҿы арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рӷьырак хыркәшоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

Абҵарамза 18  рзы аҳҭнықалақь аҟны арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа реиҳарак ахьхыркәшоу Тарас Шамба ихьӡ зху апарк иаҭааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи ақалақь ахада Беслан Ешбеи. Урҭ «Ақалақьргыларапроект» адиректор Асҭамыр Ԥлиа инапхгарала имҩаԥгаз аусура рыдыркылеит.

Ақалақь ахада Беслан Ешба имҩаԥгоу аусурақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит. Гектарк аиҳа зҵазкуа апарк аиҭаеиҿкааразы ахарџь иартәеит 18 млн. мааҭ инарзынаԥшуа. Апарк аҵакыра иамҽханакуеит – 14300 ԥшьыркца метра. (110 метра аҭбаареи 130 метра ауреи).

«Адгьыл аҵаҟа ажрақәа алдоуп ахыхь аӡқәа ҭамтәаларц азы. Ара ишьҭаҵоуп 5 нызқь ԥшьыркца метра ахаҳәцәы. Иҟаҵаны ишьақәыргылоуп  58 шьаҟа алашарабагақәа, иара убас еиҭашьақәыргылоуп 12 ҭыџь шьаҟа Индоевропатәи ателеграфтә цәаҳәазы», - ҳәа иҳәеит Беслан Ешба, апарк аԥхьаҟатәи аиҿкаааразы иазԥхьагәаҭоу аусқәа ртәы ацҵаны.

Апарк аҿы арымӡқәа шьақәыргылоуп. Афонтан еиҭашьақәыргылоуп.

Анаҩс иазԥхьагәаҭоуп ариаҵәаратә усурақәагьы. Уи азы иаагоуп 1500 куб. метра рҟынӡа ичашәроу адгьыл.

«Иааиуа ашықәс азы Аинрал Дбар имҩаду аҿы ашьаҟамҩа  ахаҳәцәы ақәҵареи амашьынаргыларҭақәа рзы аҭыԥ алкаареи азԥхьагәаҭоуп. Уажәы амашьынақәа ашьаҟамҩаҿы идыргылоит, иара убри ала ашьаҟауаа рыиасра дыруадаҩуеит. Иара амҩаҿгьы иандыргылогьы убап. Иара убас Дбар имҩа аҿы ашьаҟамҩа иаваршәны инацҵаны афонартә шьаҟақәагьы дыргылараны иҟоуп», – ҳәа иҳәеит Асҭамыр Ԥпиа.

Иара еиҭеиҳәеит апарк аҿы хара имгакәа ахәыҷқәа рзы ауаргьалақәа шыргылахо, ауаажәларратә шьышьмаҭра шеиҭашьақәыргылахо,  иара убас ишазԥхьагәаҭоу ани асаби руада аиҿкаарагьы.

--- * Индоевропатәи ателеграфтә цәаҳәа — XIX ашәышықәсазы Европа атәылақәеи Индиеи еимаздоз ателеграфтә цәаҳәа ауп. Уи Германиа, Урыстәыла, Ҟрым, Кавказ, Персиа иалсны ииасуан.


Read 172 times - Ашәахьа, 20 Абҵара 2023 22:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.