АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Абҵара.2023

Кристина Озган: аенергетикатә система акризис алгара азы ишьаҭарку атарифқәа рышьақәыргылара аҭахуп.

Аҟәа. Абҵарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Instagram аҟны лдаҟьа аҿы Аԥсны атарифқәа рганахьала ишьақәгылаз аҭагылазаашьеи атарифтә политикеи дрылацәажәеит.   

«2022 шықәсазы атәыла Анапхгара афымцамч азы атарифқәа рышьҭыхра азы акыр ихадоу, аҭакԥхықәра зҵоу аӡбамҭа аднакылеит. Уи зыдҳәалаз зегьы ирдыруа аҭагылазаашьақәа ракәын – ареспублика аенергетикатә система афункциақәа рынагӡара алыршара ауп», - ҳәа илҳәеит  Кристина Озган.

Ԥхынгәымза 1, 2022 шықәсазы ауааԥсыра рзы афымцамч атариф  40 копек рҟынӡа инаӡон.

«Еилкаауп, кВт/с азы 40 копек ахшәаарала еизгахо аԥарала аенергетикатә система аныҟәгара шзалмыршахо. Убри аан иазгәаҭатәуп, 2022 шықәсанӡа ари атариф  10 шықәса ирылагӡаны зныкгьы ишышьҭыҵыцыз.  Сара изныкымкәа исҳәахьеит, афымцамч – ари тауаруп. Исшәырба џьара тауарк ахәԥса змам.  Иарбанызаалак амаҵзура аума, атауар аума аԥара ахшәаара ахәҭаны иҟоуп.  Избан акәзар уи иақәхарџьхоит афинанстә хархәагақәа, амчқәа аамҭа, уҳәа. Ҳара ҳааҟәымҵӡакәа атарифқәа шылаҟәы иаҳзааныжьуам. Убри аан аамҭакала иара асистемагьы иахәҭоу аҭагылазаашьа аҭареи атәыла афымцамч азы аҭаххрақәа зегьы рынагӡареи ҳалымшар ҟалап. Ари иузеицынамыгӡо усқәоуп», - ҳәа иазгәалҭеит лара.

Аекономика аминистр аенергетикатә система акризис алгара азы ишьаҭарку атарифқәа рышьақәыргылара шаҭаху азы агәра ганы дыҟоуп.

«Ари аенергетикатә система аныҟәгара алзыршо ихадоу аҭагылазаашьақәа ируакуп. Аха ҳара шықәсык иалагӡаны изныкымкәа атарифқәа рышьҭыхра аганахьала ашьаҿа аҟаҵара ҳцәыуадаҩхеит. Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳауаажәлар рҭагылазаашьа еилкааны, иҿыцу атарифтә политика ахь маҷ-маҷ аиасразы алшара аԥҵара инамаданы акыр аамҭа аконсультациақәа мҩаԥаагон. Ҳара еилаҳкаауеит атарифқәа рышьҭыхра ауалафахәқәеи атәанчахәқәеи акыр ишаныԥшуа, убри аҟнытә ари апроцесс хәы-шықәса ирҭаҳагӡоит. 2022 шықәсазы иҟаз ахәԥсақәа рыла економикала ишьаҭарку атариф 2025 шықәсазы ауп ианҳауа», – ҳәа иазгәалҭеит Кристина Озган.


Read 335 times - Аԥшьаша, 16 Абҵара 2023 22:57
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.