АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Абҵара.2023

Едуард Быҭәба Гәдоуҭатәи араионтә Хәышәтәырҭа Хада аусура гәеиҭеит.

Аҟәа. Абҵарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Гәдоуҭатәи араионтә Хәышәтәырҭа Хада аусура, ахәҭакахьала ахәышәтәырҭа аӡынра ишазхиоу гәеиҭеит. 

Анҭыҵтәи аилацәажәара аҿы арионтә хәашәтәырҭа Хада аҳақьым хада Ҳаџьараҭ Шамба аминистр иарбоу амедусбарҭа аҿы аус шауа адизельтә генераторқәа ҩба, урҭ рахьынтә акы шрезервтәу азы адырра иҭеит .

«Афымцамч арцәара иахҟьаны ҳара апроблемақәа ҳазцәырымҵыроуп, избан акәзар иҳамоу адизельтә генераторқәа рыҩбагьы ибзианы аус руеит, урҭ иахәҭоу ахылаԥшра рымоуп», -ҳәа иҳәеит Ҳаџьараҭ Шамба.

Агәабзиарахьчара аминистр аҳақьым хада ари азҵаара иара ихатәы контроль аҿы ааныжьра азы анапынҵа ииҭеит.

«Уаанӡа еиԥш уажәгьы агәабзиарахьчара Амнистрра ҳхәышәтәырҭақәа афымцамч ала реиқәыршәара иазку арезервтә хархәагақәа рыла реиқәыршәара ахшыҩзышьҭра анаҭоит. Ҳара иаҳгәалашәоит иҳаҩсыз аӡынразы шаҟа иуадаҩыз  аҭагылазаашьа, аха уеизгьы афымцамч дырцәо иалагаргьы апациентцәа уи акала ирныԥшыр ҟалаӡом. Урҭ ианаамҭоу иахәҭоу ахәышәтәра роуртә аҟаҵара хымԥадатәиуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба.

Ҳаџьараҭ Шамба ҳазҭоу ашықәс алагара инаркны Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа ахь иадҵаалахьеит 10 нызықьҩык инареиҳаны еиуеиԥшым ачымазарақәа змоу апациентцәа ҳәа аминистр адырра ииҭеит.

«Ареспублика асасцәа – атуристца ракәзар, 2023 шықәса алагара инаркны ахәышәтәырҭа адкыларҭа иаҭааит 675-ҩык, ахәыҷтәы ҟәша акәзар – 2350-ҩык.  Ахәышәтәырҭа абжьааԥнытәи арежим ала еиԥҟьарада аус ауан», - ҳәа иазгәеиҭеит аҳақьым хада.

Иахьазы ахәышәтәырҭаҿы аус шауц иауеит аковидттә ҟәша. Ари аҟәша аҿы астационартә хәышәтәра иахысуеит 12 – ҩык. Зынӡа ашықәс алагара инаркны COVID-19 ҳәа адиагноз рыманы ахәышәтәырҭа ахь инаган  200-ҩык инарзынаԥшуа апациентцәа.

Ҳаџьараҭ Шамба мышқәак раԥхьа 5 тоннак рҟынӡа зкуа арезервуарқәа зегьы аҵәыҵәри ала ирҭәын, апациентцәа зегьы, иаҭаххоны иҟалозар, аҵәыҵәритә цхыраара роур рылшоит, уи азы зегьы рхиоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит.  

Аминистр иара убас Афонҿыцтәи ахәышәтәырҭагьы даҭааит. Едуард Быҭәба ахәышәтәырҭа анапхгара аусуратә зҵаарақәа рыла дрыҿцәажәеит, анаҩс ааигәа еиҭашьақәыргылаз ахәышәтәырҭа адкыларҭа гәеиҭеит.


Read 304 times - Аԥшьаша, 16 Абҵара 2023 22:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.