pressadmin-2
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәылатәи агвардиеи рыбжьара анапхгарабжьаратәи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра апроект еиқәыршәоуп.
Аҟәа. Жәабранмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәылатәи агвардиеи рыбжьара анапхгарабжьаратәи аусеицура иазырхоу аиқәшаҳаҭра апроект еиқәыршәоуп.
«Аиқәшаҳаҭра апроект актуалра злоу аусеицура ахырхарҭақәа рыла аԥышәеимадара, Урыстәыла агвардиа иатәу аҵараиурҭақәеи азыҟаҵаратә Центрқәеи рбазала акадрқәа разыҟаҵара, аҵара-методикатә еизгарақәеи аҽазыҟаҵарақәеи, иара убас аинформациатә технологиақәа рыҿиареи азинеиҿкаара аганахьала азакәанԥҵаратәии егьырҭ анорма-зинтә шәҟәынҵақәеи рыла аимдара амҩаԥгара иазырхоуп», – ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
2023 шықәсазы Амилаҭтә шәаратә система АԤРА аҿы имҩаԥгаз аоперациақәа рзеиԥш мҽхакы 35 млрд мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
Аҟәа. Жәабранмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса аихшьаалақәа рыла, Ареспублика Аԥсны Амилаҭтә шәаратә система АԤРА аҿы имҩаԥгаз аоперациақәа рзеиԥш мҽхакы 34,8 млрд мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Уи 15% (4,6 млрд. мааҭ) рыла 2022 шықәсазтәи арбага еиҳауп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Амилаҭтә Банк аофициалтә саит.
Имҩаԥгаз аоперациақәа рыструктура аҿы АԤРА ахсаалагақәа рыхәҭаахь иақәшәоит 14,2 млрд. мааҭ, АМР ахсаалагақәа рахь – 11,6 млрд. мааҭ, Амультисервистә шәаратә Система (МПС) – 9 млрд. мааҭ.
Абанктә хсаалагақәа рыла Аԥсны ахәаахәҭра-сарвистә наплакқәа рҿы ашәаратә операциақәа рымҩԥгара амҽхак 2023 шықәсазы 33% рыла иазҳаит. Убас ала уи 12,5 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Ахсаалагақәа МИР ала ареспублика аҿы имҩаԥыргаз ашәарақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 6,1 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, Амультисервистә шәаратә Система (МПС) ахсаалагақәа рыла - 5,6 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, 868 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит Аԥсны атәылауаа АԤРА ахсаалагақәа рыла инарыгӡаз инапынҵадоу ахшәаарақәа рзеиԥш еицҵалыҵ.
Аҟәатәи ашьха аҿы аԥшырҭатә плошьадка аиҭашьақәыргылара хыркәшахароуп ҩымз ирылагӡаны.
Аҟәа. Жәабранмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи ашьха аҿы аԥшырҭатә плошьадка аиҭашьақәыргылара ҩымз ирылагӡаны ихыркәшахароуп, ҳәа Аԥсныпресс акореспондент диҿцәажәо иҳәеит Аҟәа ақалақь Ахадара «Ақалақьргыларапроект» адиректор Асҭамыр Ԥиԥиа.
«Уажәы инхаз аҟаҵара иаҿуп, иара акомплекс ахаҭа ашәра ахыркәшарахь инеиует. Иара убас арлашагақәа рышьақәыргылара мҩаԥысуеит. Ҩымз рыла аобиект ахархәаразы аҭара иазырхиахоит», – ҳәа еиҭеиҳәеит Асҭамыр Ԥиԥиа.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аделегациа идикылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Уыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аделегациа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Киут иааԥхьарала Аԥсныҟа иааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр урыстәылатәи иколлегацәа бзиала шәаабеит ҳәа дырԥыло Аԥсны амчратә хылаԥшырҭақәа анапхгарабжьаратәи атактикатә рзыҟаҵарақәа рылахәхара азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Фазиль Искандер дахьынхоз аҩны аҿы амемориалтә ӷәы шьақәдыргылоит.
Аҟәа. Жәабрамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара аилатәара аҿы адепутатцәа Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба Фазиль Искандер имҩала игылоу аҩны №43 аҿы ашәҟәыҩҩы игәаәалашәара анаунагӡатәра азы амемориалтә ӷәы ашьақәыргыларазы иааишьҭыз ашәҟәы иахәаԥшит. Адепутатцәа еицҿакны адунеи зегьы аҿы еицырдыруа ашәҟәыҩҩы аанкьа дахьынхоз аҟәатәи аҩны аҿы амемориалтә ӷәы ашьақәыргылара ишазыразу азы ргәаанагара рҳәеит.
Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан аӡхагаларатә станциа дыргылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан аӡхагаларатә станциа аргылара хыркәшахеит.
Аргыларатә усурақәа хацыркын 2022 шықәсазы Аҟәа араион Ахадара ахтә харџь ала. Апроект азеиԥш харџьынҵа 40 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аҟәа араион Ахадара ауаажәларра рымадара аҟәша аиҳабы Дамеи Касланӡиа иҟаиҵаз аинформациа ала, араион ақыҭақәа хԥа аӡрыжәтә ала реиқәыршәара иазку аусурақәа актәи аетап аҿы Ӡыгәҭа ақыҭан аӡхагаларатә станциа аргылара азԥхьагәаҭан: аҵхырҭақәа ԥшьба ржит, ҳаамҭа иақәшәо аиқәыршәагақәа шьақәыргылан, амҩақәҵагарҭа ргылан, астанциа аҵакыра хкаауп, иара убас уи ахьчара еиқәыршәоуп. Астанциа амчхара – уахыки-ҽнаки рыла ҩ-нызықь кубометра рҟынӡа аӡы.
2023 шықәсазы Аԥснынтәи иалганы иргеит 200 тонна амимоза.
Аҟәа. Жәабранмза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амимоза раԥхьатәи апартиақәа Аԥснынтәи експортла Урыстәылаҟа адәықәҵара иалагеит.
Раԥхьатәи «ашәҭтә» декларациа 150 кьыла ашәҭ азы иалаҵан, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура. 2023 шықәсазы Аԥснытәи иалганы иргеит рекордла зхыԥхьаӡара рацәоу 200 тонна рҟынӡа «ахьтәы» ашәҭшьыҵәрақәа. Бжьаратәла асезон аҩныҵҟа Урыстәылаҟа инагахоит 150 тонн амимоза.
117 цыра акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа Гәдоуҭа араион аҿы ирымырхит.
Аҟәа. Жәабранмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аоператив-профилактикатә усурақәа рымҩаԥгараан Гәдуҭа араион аҿы 117 цыра акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа рыԥшааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусура ицәгьам ҳәа ахиҳәааит.
Аҟәа. Жәабранмза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа адырра ииҭеит иҳаҩсыз 2023 шықәсазы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусура аихшьалазы, убри инақәыршәаны, 12 мзы рыҩныҵҟа азинхьчареи ашәарҭадареи рхырхарҭала иаарԥшыз алҵшәа бзиақәа. Иара убас иазгәаҭоуп - атәылаҟны 795 рҟынтә 665 рҟынӡа ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара шмаҷхаз, уи шаҳаҭра ауеит аусура адинамика бзиа аманы ишымҩаԥысуаз азы.
Амчратә усбарҭа аҳасабырба иаанарԥшит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ақәыларақәа рхыԥхьаӡара ишагхаз. Иҳаҩсыз ашықәси ҳазҭоу ашықәси еиҿырԥшны уахәаԥшуазар, 130-нтә еиҵоуп. Еиҳараӡакгьы уи бзианы иубарҭоуп азеиԥшшьауӷа ахырхарҭаҟны, ацәгьоурақәа 119-нтә еиҵахеит. «Иазгәасҭарц сҭахуп, ацгьоурақәа раарԥшра аҩаӡара 95% рҟынӡа ишынаӡо, регионқәак рыҟны еиҳагьы еиҳауп", - иҳәеит Роберт Киут.
Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа Аҟәа араион аҿы амаининг ферма рыԥшааит.
Аҟәа. Жәабранмза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аинформациа-коммуникациатә технологиақәа изакәанымкәа рхархәара аҿагылара аиҿкаара азы Аусбарҭеи Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы Аҳазалхратә Ԥыԥшырҭеи русзуҩцәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи аусзуҩцәа рыцны имҩаԥыргаз аоперативтә усмҩаԥгатәқәа раан Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭан ирыԥшааит аус зуаз 63 цыра акриптовалиута арҳара иазкыз аппаратқәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.








