АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Жәабран.2024

Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан аӡхагаларатә станциа дыргылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан аӡхагаларатә станциа аргылара хыркәшахеит.

Аргыларатә усурақәа хацыркын 2022 шықәсазы Аҟәа араион Ахадара ахтә харџь ала. Апроект азеиԥш харџьынҵа 40 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Аҟәа араион Ахадара ауаажәларра рымадара аҟәша аиҳабы Дамеи Касланӡиа иҟаиҵаз аинформациа ала, араион ақыҭақәа хԥа аӡрыжәтә ала реиқәыршәара иазку аусурақәа актәи аетап  аҿы Ӡыгәҭа ақыҭан аӡхагаларатә станциа аргылара азԥхьагәаҭан: аҵхырҭақәа ԥшьба ржит, ҳаамҭа иақәшәо аиқәыршәагақәа шьақәыргылан, амҩақәҵагарҭа ргылан, астанциа аҵакыра хкаауп, иара убас уи ахьчара еиқәыршәоуп.  Астанциа амчхара – уахыки-ҽнаки рыла ҩ-нызықь кубометра рҟынӡа аӡы.

«Зегь реиҳа аӡрыжә аганахьала апроблемақәа змаз Баслаҭа ақыҭауаа ракәын. Аҩбатәи аетап аан уаҟа аусурақәа мҩаԥгахоит.  Уажәы Баслаҭа ақыҭа аӡхагаларатә стациа аҿакра азы  иахәҭоу апроект-харџьынҵатә документациа аиқәыршәара  мҩаԥысуеит», – ҳәа иҳәеит иара.

Уи иажәақәа рыла, астанциа еиԥҟьарада х-қыҭак – Баслаҭа, Ӡыгәҭа, Киалашәыр рҿы инхо, зхыԥхьаӡара 3300-ҩык рҟынӡа инаӡо ауааԥсыра аӡрыжәтә ала реиқәыршәара алнаршоит. 

Басла ақыҭанӡа аӡымҩангага ашьҭаҵара ашықәс нҵәаанӡа иазԥхьагәаоуп, анаҩс Ӡыгәҭа ақыҭан аӡеихшаратә ҳақәа реиҭашьақәыргылара иалагоит.  Иара убри ала 547 нхамҩа –  1196 –ҩык ақыҭауаа аӡрыжәтә ала еиқәыршәахоит.


Read 198 times - Асабша, 10 Жәабран 2024 16:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.