Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа иара убас Фазиль Искандер имҩаҿы Аҟәа ақалақь Ахадара аҭыӡҭыԥқәа зну аҭыӡҩырақәа зегьы рыԥсахра шымҩаԥнаго азы адыра ҟаиҵеит. Урҭ ҟарҵахьеит, аамҭа кьаҿ иалагӡаны ишьақәыргылахоит, ҳәа иҳәеит иара.
*Лаҵарамза 10, 2019 шықәсазы Фазиль Искандер игәалашәара анаунагӡатәра азы аҳәынҭқарратә Комиссиа ажәалагалала Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа Март 4 амҩа Фазиль Искандер ихьӡ ахҵаразы рыбжьы рҭиит.