pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь аҿы аҩ-ҳәынҭқаррак рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара ашьаҭала Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара азеиԥш социалтәи аекономикатәи ҵакыра ашьақәыргылара азы апрограмма анагӡара азы аусуратә гәыԥ аилатәара мҩаԥысуеит.

Аԥсны аганахьала аусуратә гәыԥ ацхантәаҩыс дыҟоуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Урыстәыла аганахьала – Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ  Дмитри Вольвач.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы аҩаша, жьҭаарамза 17 рзы Аза Аргәын  еихьӡылоу асериа аҟынтәи ахԥатәи лышәҟәы «Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа» аӡыргара мҩаԥысит. 

Аҭыжьымҭа зеиӷьаҟам ала аиллиустрациа зызу, XX ашәышықәса аҩбатәи азыбжеи XXI ашәшықәса алагамҭеи рзы ареспубликаҿы инхоз асахьаҭыхыҩцәа рнысымҩеи рырҿиарамҩеи атәы зну альбомны еиқәыршәоуп. Ари ашәҟәы аԥхьаҩ Аԥсны амилаҭтә сахьаҭыхратә ҟазара аҿиара атәы еилнаркаауеит.

Ари альбом  Ахра Аџьынџьал, Валери Арканиа, Геннади Барцыц, Рауф Барцыц, Диана Воуба, Лаша Габелиа, Игорь Панченко, Николаи Писарчук, Сергеи Сангалов, Алеқсандр Семенцов, Сасун Торосиан, Диана Хьынҭәба, Рудорльф Хочаа, Мактина Ҵәыџьба, Ҟәараса Черқьезиа иреиӷьу русумҭақәа алалеит.

Ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа, аӡыргара аартуа, ари ашәҟәы аҟазарадырра аҿы иҟоу абжьаха ханарҭәаауеит, еизгоу аматериал ацхыраарала Аԥсны ҳаамҭазтәи аҟазара апроблемақәа анализ азура алыршахоит.

«Даара ҳақәгыӷуеит Аза даҽа ҭыжьымҭак аԥҵара лыллыршап ҳәа», - илҳәеит Ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор. 

Амилаҭтә сахьатә галереиа анапхгаҩы Сурам Сақаниа, асериа «Аԥсны асахьаҭыхы.цәа» ах-шәҟәык томкны аҭыжьра ахәҭоуп ҳәа игәаанагара иҳәеит.

Автор лажәақәа рыла, ахԥатәи аҭыжьымҭа ацәырҵра  машәыршақә иҟамлаӡеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 16 рзы Аҟәа ақалақь, акультура-усуратә плошьадка «Гәыма» аҿы Адунеизегьтәи афатә-ажәтә Амш иазкны ақыҭанхамҩатә цәыргақәҵа мҩаԥысит.   

Сынтәа атема хаданы иҟалеит – «Аԥсҭазаара азы аӡы. Афатә-ажәтә азы аӡы». Аусмҩаԥгатә еиҿнакааит апроекттә офис «Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу Амлакра аҿагылара азы Аиҿкаара». Уи аҭааҩцәа зегьы рзы аинтерактивтә программа еиқәнаршәеит.

Ари агәаларшәагатә рыцхә рылаҳәахеит 1979 шықәсазы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу Амлакра аҿагылара азы Аиҿкаара аконференциа аҿы.  Уи ахықәкы хада — ауааԥсыра адунеизегьтәи афатә-ажәтә проблема аганахьала рдырра аизырҳареи амлакра, аӷарра, арыцҳара аҿагылараҿы аидгылара аарԥшреи иадҳәалоуп.  Иара убас ари амш 1945 шықәсазы ишьақәгылаз Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу Амлакра аҿагылара азы Аиҿкаара аԥҵара иамшны ирыԥхьаӡоит.  

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу Амлакра аҿагылара азы Аиҿкаара апроекттә офис ахада Омар Дахдули ацәыргақәҵа аҭааҩцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиареи аӡытә ресурқәа рбаланс аиқәырхареи иаҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит. Уи аамышьҭахь абарҭ актуалра злоу атемақәа рыла алекциа кьаҿқәа мҩаԥысит:

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы аҩаша, жьҭаарамза 17 рзы Аза Аргәын  еихьӡылоу асериа аҟынтәи ахԥатәи лышәҟәы «Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа» аӡыргара мҩаԥысит.  

Аҭыжьымҭа зеиӷьаҟам ала аиллиустрациа зызу, XX ашәышықәса аҩбатәи азыбжеи XXI ашәшықәса алагамҭеи рзы ареспубликаҿы инхоз асахьаҭыхыҩцәа рнысымҩеи рырҿиарамҩеи атәы зну альбомны еиқәыршәоуп. Ари ашәҟәы аԥхьаҩ Аԥсны амилаҭтә сахьаҭыхратә ҟазара аҿиара атәы еилнаркаауеит.

Ари альбом  Ахра Аџьынџьал, Валери Арканиа, Геннади Барцыц, Рауф Барцыц, Диана Воуба, Лаша Габелиа, Игорь Панченко, Николаи Писарчук, Сергеи Сангалов, Алеқсандр Семенцов, Сасун Торосиан, Диана Хьынҭәба, Рудорльф Хочаа, Мактина Ҵәыџьба, Ҟәараса Черқьезиа иреиӷьу русумҭақәа алалеит.

Ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа, аӡыргара аартуа, ари ашәҟәы аҟазарадырра аҿы иҟоу абжьаха ханарҭәаауеит, еизгоу аматериал ацхыраарала Аԥсны ҳаамҭазтәи аҟазара апроблемақәа анализ азура алыршахоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аинвалидцәа Рфонд аҿы Ауаажәларратә еиҿкаара «1992- 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рхәыҷқәа» алахәылацәеи  атаитә бокс азы адунеи Аԥхьахәгара аҿы аиааира згаз Нестор Гадлиеи реиԥылара мҩаԥысит.

Нестор Гадлиа цәыббрмза  28 инаркны жьҭаарамза  8 аҟынӡа Ҭырқәтәыла имҩаԥысуаз  атаитә бокс азы адунеи Аԥхьахәгара аҿы аиааира игеит.

Аиԥылара рхы аладырхәит 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра  аинвалидцәа Рфонд ахантәаҩы Дмитри Ҭарба, Афонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба,  Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Асҭамыр Герхьелиа, аибашьра аветеранцәа.

«Ҳара иҭабуп ҳәа уаҳҳәоит Аԥсны аҿар рпатриоттә ааӡара аҿы улагала азы. Ҳара иахьа агәадура ҳазҭо ҳамоуп – ҳџьынџьуаҩ адунеи Аԥхьахәгара аҿы аиааира игеит», – ҳәа илҳәеит Ауаажәларратә еиҿкаара «1992- 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рхәыҷқәа» ахантәаҩы Адица Цәышба.

Аҟәа. Жьҭаарамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион Гиачрыԥшь ақыҭа амҩа хада аҿы акаҭран ашьҭаҵара иалагеит. Уи иацу ахарџь ахахьы иагеит Гагра араион Ахадара.

Гагра араион Ахадара аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, акаҭран ашьҭаҵара иадҳәалоу аусурақәа жәамш раԥхьа ихацыркын.   

Амҩа ԥшь-километрак рҟынӡа инаӡоит.  Актәи аетап аҿы 750 метра рҟынӡа амҩа ахәҭа ариашара мҩаԥгахеит, абӷанҷ ықәрыԥсеит, анаҩс акаҭран шьҭарҵеит. Хара имгакәа  500 метра рҟынӡа инаӡо амҩа ахәҭа аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рынагӡара иалагоит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Маиҟәаԥҟа аусуратә визитла ицеит Ареспубликатә ҳәынҭқарратә Усбарҭа «Аԥснымедиа» агазеҭ «Аԥсны» аредактор хада Ахра Анқәаби Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет В.П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-дыгатә филологиа Ацентр алаборант еиҳабы Асмаҭ Беииеи.    

Аԥснытәи апресса ахаҭарнакцәа ареспубликатә газеҭ «Адыгэ Макъ» аредакциа аколлектив ирԥылеит. Аиԥылараҿы аҩ-редакциак рнапхгаҩцәа аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убас адыга бызшәалеи аԥсышәалеи аматериал аҭыжьра аганахьала аԥышәеимдара мҩаԥыргеит.

«Жәҳәарада, аусеицура ҳабжьазар ахәҭоуп. Ҳаамҭазы иарбанызаалак аинформациа асоциалтә ҳақәа рыла абара азы алшара шыҟоугьы, иарбоу аҭыжьымҭа ахкы актуалра шамац иаанхоит. Агазеҭ ианылоит аполитика, ауаажәларратә ԥсҭазаара, акультура, аспорт, уҳәа аусхкқәа рҿы зегьы реиҳа аинтерес зҵоу ахҭысқәа рзы адыррақәа. Уимоу, иазгәаҭатәуп, амилаҭтә бызшәақәа рыла аҭыжьымҭақәа рырҿиара хымԥадатәиуп», - ҳәа иҳәеит Ахра Анқәаб.

Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. IV Жәларбжьаратәи атуристтә форум «VISIT АPSNY» Аҟәа ақалақь аҿы иаатит.

Афорум апрограммаҿы иҟоуп – атематикатә астол гьежьқәа,  амастер-классқәа, аусуратә сессиақәеи апроект ҿыцқәа рӡыргареи.

«Аԥсны атуристцәа Реидгыла» апрезидент, «VISIT АPSNY» аиҿкааҩ Анна Калиагина, афорум абар шьҭа ԥшьышықәсоуп традициала Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеижьҭеи ҳәа иазгәалҭеит.  

Аҟәа. Жьҭаарамза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Алада Урыстәылатәи арратә Округ арратә база аԥшыхәратә ҟәшеиҵа хаҭалатәи аилазаара ашьхараҟны, аҽазыҟаҵарҭа Ҵабал аҿы ихыҭҳәаау изакәаным бџьарла еибыҭоу аиҿкаара агәыԥ аԥырырхит, ҳәа иаанацҳауеит Алада Урыстәылатәи арратә Округ апресс-маҵзура.

Аԥшыхәцәа ашьхара иаԥну абнара аҵакыраҿы иарбаз араион аҿы аԥшаара-ԥшыхәратә усмҩаԥгатәқәа нарыгӡеит. «Аӷа» итәарҭа ахьыҟоу аҭыԥ анеилкааха ашьҭахь, аруаа иарбоу аобиектқәа ркоординатқәа аимадара ахархәагақәа рыла  егьырҭ рҩызцәа ирзынарышьҭит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.