1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рфонд 2024 шықәсазы ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи 224 млн. 696,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.
07.Жәабран.2024
Жәлар реизара-Апарламент адепутатцәа Арепатриациа Афонди Аинвалидцәа Рфонди 2024 шықәсазы рбиуџьетқәа шьақәдырӷәӷәеит.
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала Аԥсны абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа ҩба 2024 шықәсазы рбиуџьетқәа шьақәдырӷәӷәеит.
Арепатриациа Афонд 2024 шықәсазы ишьақәырӷәӷәоу ахашәалахәқәа реицҵалыҵ 311 млн. 850 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аныхтәқәа реицҵалыҵ – 334 млн. 460,7 нызықь мааҭ рҟынӡа.