
pressadmin-2
Астанцеиҵа “Алаҳаӡы” аҿы звольҳараку афымцацәаҳәақәа ҩба дыргылеит.
Аҟәа. Рашәарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Астанцеиҵа “Алаҳаӡы” аҿы зоужьҭратә мчхара 10 МВт. рҟынӡа инаӡо звольҳараку афымцацәаҳәақәа ҩба дыргылеит.
Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» Гагратәи аҿга анџьныр Хада Аспар Коӷониа ажурналистцәа дрыҿцәажәо акурортә сезон азы Алаҳаӡы ақыҭан есымша афымцацәаҳәақәа рықәыӷәӷәара еизҳауан ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» ацәаҳәақәа иҿыцу аобиектқәа раҿакра азы атехниатә ҭагылазаашьақәа раԥҵара азы ауааԥсыра рҟынтәи лассы-лассы азыҳәамҭақәа ҳауан. Аха ацәаҳәатә мчхарақәа рыҟамзаара инамаданы, арҭ аҳәарақәа рынагӡара залыршахомызт», – ҳәа иҳәеит Аспар Коӷониа.
Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аҟәшеиҵақәа зегьы ирӷәӷәоу аусура арежим ахь ииагоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аиҳабы, аинрал-маиор Дмитри Дбар идҵа ала, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аҟәеиҵақәеи хаҭалатәи аилазаареи ирӷәӷәоу аусура арежим ахь ииагоуп.
Гал ақалақь аҿы ашьапылампылмаҷ адәы аҟаҵара иаҿуп.
Аҟәа. Рашәарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гал ақалақь аҿы ашьапылампылмаҷ адәы аҟаҵара ахыркәшамҭахь инеиуеит.
Гал араион Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аилак ахада Бачуки Ехваиа ажурналистцәа дрыҿцәажәо астадион азы аҭыԥ алхра машәыршақә иҟамлаӡеит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Уажәы ишыжәбо еиԥш ашьапылампылтә стадион хада иахьаҵанакуа аргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит. Араҟа ихадоу адәы азааигәара зшәагаа 44 x 22 ԥшьырцатә метр рҟынӡа инаӡо, иԥсабаратәым ашьацыркырала ихҟьоу ашьапылампылмаҷ адәы ҟалоит. Ашьапылампылмаҷ адәы ахархәарахь адкылара иабзоураны астадион аҿы Ашьапылампылтә Клуб «Самырзаҟан» ашьапылампыласыҩцәа реиԥш егьырҭ уи азы агәазыҳәара змоу зегьы аҽазыҟаҵаразы алшара роуеит».
Аушьҭымҭацәа рбал мҩаԥысуеит Аҟәа ақалақь аҿы.
Аҟәа. Рашәарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәсазы ашкол иалгаз 400-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа Аҟәа ақалақь, Аԥснытәи адраматә театр аҿаԥхьа аплошьад аҿы имҩаԥысуа аныҳәатә бал ахь еизеит. Уи аԥхьа Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа алагеит.
Сынтәатәи аҵарашықәс азы Аҟәа ақалақь азеиԥш ҵараиурҭақәа ирылгеит 474-ҩык аҵаҩцәа. Аҳҭнықалақь Ахадара аҵара аусбарҭа аспециалист хада Марина Аршба лажәақәа рыла, сынтәа имҩаԥгахо аужьҭымҭацәа рбал аексперименталтә ҟазшьа аҵоуп.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Ирласны анырра аҟаҵаразы иҷыдоу аотриад разыҟаҵара аҩаӡара иҳараку ахәшьара аиҭеит.
Аҟәа. Рашәарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Ирласны анырра аҟаҵаразы иҷыдоу аотриад даҭааит. Ацәаҳәақәгылара ашьҭахь аминистр Ирласны анырра аҟаҵаразы иҷыдоу аотриад аҿы имҩаԥгаз аусура азы адырра ирҭеит.
Аотриад акомандаҟаҵаҩ, аподполковник Дадын Чачхалиа, абаза иахьаҵанакуа аԥыԥшырҭа ахәҭа ахыбра ҿыц ргылан ҳәа адырра ҟаиҵеит. Уи иахәҭоу атехникала еиқәыршәоуп, уахи-ҽни авидеохылаԥшра мҩаԥысуеит.
Роберт Киут абџьаршьҭаҵарҭа, аплошьадкеи аотриад ртәарҭеи гәеиҭеит, иҷыдоу атехникеи абџьари рыхкқәа гәеиҭеит. Атеориатә дҵақәеи аруаа рҵаратә хәҭеи иҷыдоу аҵаратә класс аҿы имҩаԥгахоит.
Аминистр аруаа иахәҭоу аформамаҭәала реиқәыршәара иадҳәаланы иҟоу аҭагылазаашьа дазҵааит. Акомандаҟаҵаҩ Дадын Чачхалиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аотриад атәыла анапхгара аганахьала ганрацәала адгылареи ацхыраареи роуеит. Аруаа рхыдҵақәеи рмаҵзуреи рынагӡара азы ихымԥадатәиу зегьы рыла еиқәыршәоуп.
«Иарбан усмҩаԥгатәзаалакгьы азы ҳара иахәҭоу аформамаҭәеи ахархәагақәеи ҳамоуп», - ҳәа иҳәеит иара.
Беслан Кәыбраа: апансионат «Самшитовая роща» азы ақьыратә еиқәшаҳаҭра аӡәгьы иаԥиимхӡеит.
Аҟәа. Рашәарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы Пицунда ақалақь аҿы иҟоу апансионат «Самшитовая роща» амазаратә комплекс Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аоперативтә напхгараҭара аҳасабала аҭара азы адҵа аҭоуп.
Ари аӡбамҭа мшаԥымза 13, 2001 шықәсазы ирыдыркылаз «Ареспублика Аԥсны аҿы ареспубликатә мазара ареспубликатә хатәреи административ-ҵакыратә еиҿкаарақәа рхатәреи рыла аихшара азы» Аԥсны Азакәан №627-с-XIII ахәҭаҷқәа 4, 5, 9 инарықәыршәаны, иара убас жьҭаарамза 16, 2009 шықәса рзы аминистрцәа Реилазаара аҿы ирыдыркылаз «Аҳәынҭқарратә мазара ақәхреи аиагареи аиҭныԥсахлареи рынагӡара аԥҟарақәа рзы» Ақәҵара №180 инақәыршәаны ауп ишрыдыркылаз.
Ауаҩшьра аҿы ахара зду Евгени Крылов иус Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь инашьҭуп.
Аҟәа. Рашәарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокуратура Хада Крылов Евгени Алеқсандр-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла 99 ахәҭа 2 апунктқәа «а», «д», «к» рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа («Ауаҩшьра»), иара убас Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 29, ахәҭа 3 ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоура («Ацәгьоура аҽахыҟаҵареи ацәгьоура аҽазышәареи») рыла ахарадҵа идҵоуп, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада асаит аҿы.
Аспорзалқәа реиҭашьақәыргылареи ахыбра аԥсахреи: Бзыԥтәи ашколқәеи Пицундатәи ашколи рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит.
Аҟәа. Рашәарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Бзыԥтәи абжьаратәи ашол № 1 аҿы шьаҭанкыла аспортзал аиҭашьақәыргылара, Бзыԥтәи абжьаратәи ашкол №2 ахыбра аԥсахра, иара убас Гагра араион Пицунда ақалақь абжьаратәи ашкол №1 аспортзал аиҭашьақәыргылареи мҩаԥысуеит. Уи афинанстәра Гагра араион Ахадара ала имҩаԥысуеит.
Хәы-шықәса ирылагӡаны Бзыԥтәи абжьаратәи ашкол №1 аркын, уи аҭагылазаашьа амашәыр ахылҿиаар ахьалшоз инамаданы.
Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынба ишеиҭалҳәаз ала, ажәытә спортзал ықәганы шьаҭанкыла аҿыц аргылара иалагеит.
«Иарбоу апроект ахарџьынҵа – 27 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Цәыббрамзазы - аспортзал ҿыц аргылара ахыркәшара азԥхьагәаҭоуп, уи ашколтә ԥсҭазаара иақәшәо иҟаҵахоит. Араҟа иҟалоит амҵәышәмпыли анапылампыли рзы аплошьадкақәа», – ҳәа илҳәеит лара.
Очамчыра араион ақыҭақәа фба амшцәгьа аԥхасҭа рнаҭеит.
Аҟәа. Рашәарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәараза 22-23 ауха рзы илеиз ақәаршыҩ иахҟьаны Очамчыра араион ақыҭақәа фба амшцәгьа аԥхасҭа роуит.
«Ахәҭакахьала, ақыҭақәа Тамшь, Лашькьындар, Акәасқьа, Баслахә, Лабра, Кәтол ахатәыҩнқәа актәи аихагылақәеи агәраҵақәеи аӡы рыҵалеит, ацҳақәа агеит.
Очамчыра араион Амцарцәара-еиқәырхаратә ҟәша аиқәырхаҩцәа аҩнқәа ирыҩналаз аӡы аҭгареи аудақәа ррыцқьареи, иара убас аҩнымаҭәеи атехниеи рдәылгареи рҿы аҭыԥантәи ауааԥсыра ирыцхраауеит», - ҳәа иазгәаҭоуп Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иҟанаҵо адыррақәа рҿы.
Аалӡга аӡиас иху ацҳа аҿы ашьаҟамҩа хаҳәцәыла ачаԥара иазку аусурақәа 70% рыла инагӡоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 23,2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭҟәарчал ақалақь Аалӡга аӡиас иху ацҳа аҿы ашьаҟамҩа хаҳәцәыла ачаԥара иазку аусурақәа ахыркәшамҭахь инеиуеит.
Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «СтройДом» адиректор Раули Шамугиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ашьаҟамҩатә хаҳәцәы ашьҭаҵара иазку аусурақәа иҳаҩсыз ашықәс азы ихацыркын, аусурақәа рхықәшара радхалара аобиективтә ҵаҵӷәқәа амоуп.
«Аусурақәа маҷк ада зегьы хыркәшоуп. Мызкы иалагӡаны ҳара ахаҳәцәы ашьҭаҵара ҳалгоит. Ахаҳәцәы ахьықәҵоу азеиԥш ҵакыра 1 160 ԥшьыркца метра рҟынӡа инаӡоит. Ишьҭаҳҵахьеит 745 ԥшьыркца метра рҟынӡа. Аусурақәа 70 процент рыла инагӡоуп», -ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Раули Шамугиа.