АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Нанҳәа.2023

Лаша Ашәба: «Аахыҵ Уаԥстәыла аҿы алахьеиқәҵара Амш уи ажәлар рфырхаҵареи аиааиразы еицамкуа ргәазыҳәареи ирсимволны иҟоуп».

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   Аахыҵ Уаԥстәыла аибашьра аныҟала амш инаркны жәохә шықәса аҵра инамаданы, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика Апарламент Ахантәаҩы  Алан Алборов ихьӡала ашәҟәы дықәиҵеит.

Ашәҟәы аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Алан Иура-иԥа! Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәеи хаҭала сареи ҳахьӡала Ари алахьеиқәҵара Амш аҽны, нанҳәамза  8, 2008 шықәсазы Қырҭтәыла аганахьала иҟаҵаз агрессиа аҿы акыр ацәыӡ ду зауз Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар зегьы ргәырҩеи рхьааи шрыцеиҩаҳшо сҳәар сҭахуп.  

Аҭынч уааԥсыра, аахыҵуаԥстәылатәи ахьчаҩцәа, урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа, ацхырааразы иааз Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа аруаа, уҳәа ажәлар хыԥхьаӡара рацәала рҭахара азы иҳауаз адыррақәа хьаа ӷәӷәаны ҳгәаҵанӡа инаӡон.

Агәра ганы ҳаҟоуп, ус еиԥш аамҭа шыҟало аҭоурых  иара ахала ианаӡбо ари аус, уи  ауаԥс дгьыл аҿы имҩаԥысыз атрагедиатә хҭысқәа иахәҭоу ахәшьара шанаҭо. Ари арратә цәгьоура ду аҿы ахара зду рхьырхәра аганахьала аамҭаԥҵәа ыҟаӡам.

Аахыҵ Уаԥстәыла аҿы алахьеиқәҵара Амш уи ажәлар рфырхаҵареи аиааиразы еицамкуа ргәазыҳәареи ирсимволны иҟоуп.  Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар иҷыдаҟазшьаны ирылоу ахықәынагӡара, аицамкра, ахачҳара, аԥсҭазааратә  амчлшара, уҳәа ирыбзоураны акыр амыҟәмабарақәеи аԥышәарақәеи хьыӡла-ԥшала иалҵны ихьыԥшым аҳәынҭқарра арӷәӷәара аус анаҩс ацҵара рылдыршеит».


Read 164 times - Аԥшьаша, 10 Нанҳәа 2023 17:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.