АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Нанҳәа.2023

Хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡаз ҩыџьа Аԥсны атәылауаа рыԥсыбаҩ аиндентификациа азура алыршахеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет аделегациа – Кавказ хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара азҵаарақәа рзы Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет ахаҭарнак Аниес Коту, Аԥсны амиссииа ахада Родриго де Резендеи  уи ихаҭыԥуаҩ  Борис Казанбеи дырԥылеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Анапхгара апресс-маҵзура.

Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет ахаҭарнакцәа Алеқсандр Анқәаб Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылараан хабарда ибжьаӡыз рыԥшаареи иԥшааз аԥсыбаҩқәа аиндентификациа рзуреи рганахьала имҩаԥгаз аусура азы  адырра ирҭеит.

Аниес Коту иҟалҵаз адыррақәа рыла, иахьазы даҽа ҩыџьа Аԥсны атәылауаа рыԥсыбаҩ аиндентификациа азура алыршахеит. Иарбоу ахырхарҭала аусура иацҵахоит, уи Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет иҷыдоу алабораториа аҿы имҩаԥыргоит аӡбаратә медицинатә експертцәеи агенетикцәеи. Аамҭак ала амиссиа иара убас хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иадҳәаланы активла аусура мҩаԥнагоит.

Родриго де Резендеи Аниес Котуи аԥыза-министр иҿцәажәо аиҿкааратәи атехникатәи азҵаарақәеи аусеицура аҩаӡара ашьҭыхра  хықәкыс иҟаҵаны Аԥсны анапхгаратә усбарҭақәеи дареи реимадара аиҿкаареи  ирылацәажәеит.

Алеқсандр Анқәаб Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа акыр шықәса инеиԥынкыланы иҟанаҵо ацхыраара иаҵоу аҵакы  ду атәы азгәеиҭеит.

«Аԥсны Анапхгара шәара инашәыгӡо, агуманитартә ҟазшьа змоу аусура акыр ахә ҳаракны иашьоит.  Ҳара ҳзы аибашьраан  хабарда ибжьаӡыз зегьы ирлахьынҵахаз аилкаара акырӡа аанагоит, уи аҳәынҭқарратә хыдҵаны иҟоуп.  Хабарда ибжьаӡыз рыуацәа рзы, иара ҳара зегьы ҳзы Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет ахаҭарнакцәа инарыгӡо амиссиа иаҵоу аҵакы ҳасаб азуны, ҳара еснагь аусеицура ҳшазхиоу шәдыруазарц ҳҭахуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр.


Read 430 times - Аԥшьаша, 10 Нанҳәа 2023 18:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.