Ҽынла, ареспубликатә трасса аҿы, Аҟәа араион Ачадара ақыҭа иахьаҵанакуа убасҵәҟьа авариа ҟалеит. Автомашьына аҵла ианааха ашьҭахь амца акит. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥыԥшыҩ иажәақәа рыла, иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны аӡәы дҭахеит.
10.Нанҳәа.2023
Аԥстәбара зцу амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс ҟалеит Аԥсны, нанҳәамза 10 рзы.
Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥстәбара зцу амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс ҟалеит Аԥсны, нанҳәамза 10 рзы.
Ашьыжьымҭан, амҩаду «Бзыԥ-аӡиа Риҵа» 24-тәи акилометр аҿы иҟалаз авариа иахҟьаны дҭахеит 1959 шықәсазы ииз Урыстәыла атәылауаҩԥҳәыс. Амҩан иааҳәит автомашьына УАЗ.
Иара убас иҟоуп еиуеиԥшым аахақәа зауз ауаагьы, урҭ Гагратәи ахәышәтәырҭахь инагоуп, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа анапхгаҩы Зосма Гыцба.