АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Нанҳәа.2023

Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Ливан, Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика рҟынтәи 79-ҩык ахәыҷқәа Аԥсны рыԥсы ршьараны иҟоуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 10 - 22  рзы Аԥсны аус аулоит алагерь «Ахьышьҭрахь». Ара рыԥсы ршьараны иҟоуп Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Ливан, Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика рҟынтәи 79-ҩык ахәыҷқәа. Абри азы Аԥсныпресс ахь адырра ҟаиҵеит аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантаҩы Вадим Ҳаразиа.

Уи иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ахәыҷқәа реиҳараҩык Аԥсныҟа иаахьеит, ахәылбыҽха Ливанынтәи ахәыҷқәа раара иазыԥшуп.

«Ҭырқәтәылантәи иаҳзааит 49-ҩык ахәыҷқәа, Иорданиантәи – 5-ҩык, Ливанынтәи – 9-ҩык, Ҟарачы-Черқьессиатәи Ареспублика аҟынтәи – 17-ҩык. Алагерь алахәылацәа рықәра – 12 - 16 шықәса рҟынӡа инаӡоит. Ахәыҷқәа зегьы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет азеиԥшеиланхарҭа аҟны инырхахоит», - ҳәа еиҭеиҳәеит Вадим Ҳаразиа.

Алагерь аофициалла аартра мҩаԥгахоит уаҵәы, нанҳәамза 11 рзы, аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы аизарақәа рзал аҟны.  Уи аԥхьа алагерь алахәылацәа Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы иҟоу 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит, иара убас Алада Ешыра ақыҭан иҟоу Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба имемориал иаҭаауеит.   

«Алагерь апрограмма еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа рыла акыр игәылҭәаауп. Ахәыҷқәа аӡиа, Риҵа, Афонҿыцтәи аҳаԥы, амузеиқәа, уҳәа Аԥсны еиуеиԥшым аҭыԥ ԥшӡарақәа ирҭаараны иҟоуп.  Ахәыҷқәа иара убас сасра ирзыԥшуп Аԥсны араионқәа рҿы. Иазԥхьагәаҭоуп иара убас аԥснытәи ахәыҷқәеи дареи реибадырреи аиҩызара рыбжьаҵареи иазку аԥсабараҿы аԥсшьарамш аиҿкаара», - ҳәа иазгәеиҭеит аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы.

Алагерь аусура ишалаго азы адырра рыҭоуп иахәҭоу аусбарҭақәа зегьы. Уи Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, агәабзиарахьчара Аминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ауп. Урҭ еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла ацхыраара ҟарҵалоит.  Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа аныҟәарақәа раан ахәыҷқәа зҭоу амашьынақәа ирыцзаауеит.

«Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ахәыҷқәа ишахәҭоу ала рыԥсы ршьарц, иара убас Аԥсны азы рдыррақәа иацырҵарц, аԥснытәи рықәлацәеи дареи еибадырырц, насгьы аиҩызара рыбжьаларц азы. Ҳара иаҳҭахуп урҭ ргәалаҟазаара бзианы аҩныҟа ихынҳәырц, насгьы анаҩстәи Аԥсныҟа  рцара ргәы хыҭхыҭуа иазыԥшларц», –  ҳәа иҳәеит Вадим Ҳаразиа.

Уи иазгәеиҭеит иара убас, алагерь есышықәса ишеиҿкаахо, аха 2020 – 2021 шш. иҟалаз акоронавирустә ҿкы чымазара апандемиа иахҟьаны уи аусура шеиԥҟьахаз.  Иҳаҩсыз ашықәс азы Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа – Ҟабарда-Балкариеи Ҟарачы-Черкьессиеи рҟынтәи мацара ахәыҷқәа ааҳгеит.

Вадим Ҳаразиа иажәақәа рыла, ас еиԥш иҟоу алагерьқәа реиҿкаара ахықәкы хаданы иҟоуп ахәыҷқәа ааны рҭоурыхтә ԥсадгьыл рбарц, уи аҭоурыхи атрадициақәеи акультуреи абзазареи, уҳәа рзы излауа ала ирацәаны адыррақәа роурц аҟаҵара. Араҟа урҭ рыжәлантәқәа рбар, ирдырыр, аҭыԥантәи рықәлацәа ирабадырыр рылшоит.

«Ари аԥсшьаратә лагерь аиҿкаара аԥышәа иаҳнарбеит ахәыҷқәа аҩныҟа ианыхынҳәлак ашьҭахь рҩызцәеи дареи ирыбжьалаз аимадара шыдмырӡо. Уимоу, урҭ рҭаацәагьы рҭоурыхтә Ԥсадгьыл аҭааразы ацхырааразы иҳадҵаалоит», – ҳәа иҳәеит Вадим Ҳаразиа.

Алагерь аиҿкаара ахахьы иагеит аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә Еилакы. Убри аан адгылареи ацхыраареи ҟарҵоит Аҳәынҭқарра Ахадеи атәыла Анапхгареи, иара убас  Ҭырқәтәыла иҟоу аԥснытәи акультуратә центрқәа Рфедерациеи Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны аҷыдалкаатә хаҭарнак Ибраҳим Аҩӡбеи.

 

 


Read 472 times - Аԥшьаша, 10 Нанҳәа 2023 18:59
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.