pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә ҳәынҭқарратә Усбарҭа «Аԥснымедиа» адиректор хада Роберт Џьопуа агазеҭ «Аԥсны» аколлектив дыдирдырит аредактор хада ҿыц Анқәаб Ахра Владимир-иԥа.

Роберт Џьопуа қәҿиарала аусеицуразы агәыӷра шимоу иҳәеит.

«Ахра Владимир-иԥа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы аус иуеит.  Иара аҵарадырра асистема аҿиараҿы илагала дууп. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра далахәын. Ахра Владимир-иԥа аредактортә усура аԥышәа имоуп», - ҳәа иҳәеит Роберт Џьопуа.

Ахра Анқәаб иоуз агәрагара азы ҭабуп ҳәа раҳәо, зыхьӡ нагоу агазеҭ аколлектив қәҿиарала аус рыцура шалыршахо азы агәыӷра шимоу иҳәеит.

Анқәаб Ахра Владимир-иԥа диит ԥхынгәымза 20, 1974 шықәсазы Гәдоуҭа араион Хәаԥ ақыҭан.  

1981 - 1991 шш. В. П. Анқәаб ихьӡ зху Хәаԥтәи абжьаратәи ашкол аҿы аҵара иҵон.  

1991 - 1997 шш. – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет афилологиатә факультет аҿы азанааҭҵара «Аԥсуа бызшәеи алитературеи» ала аҵара иҵон.

1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра далахәын.  

Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи Аихамҩа Гагра араион аихамҩаҿы аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа рықәгара мҩаԥнагоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥснытәи Аихамҩа апресс-маҵзура.

Аусурақәа мҩаԥысуан ҽынла еиԥш уахынлагьы. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи Аихамҩа абригадақәа  ирыцхраауан урыстәылатәи аспециалистцәа.

Иахьатәи амш азы Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи Аԥсныҟа иаауа адәыӷбақәа зегьы аихамҩатә станциа «Цандрыԥшь» иаанкылоит.

Аԥснытәи аихамҩа, аԥсабаратә рыцҳара аныҟала раԥхьатәи амш азы еиԥш уажәгьы апассаџьырцәа Аҟәантәи Цандрыԥшь аҟынӡа раагара еиԥш, иаауа асасцәа аҳҭнықалақь аҟынӡа ргарагьы еиҿкнакаауеит.

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ааигәа аформат нагӡаны аусура иалагараны иҟоу Санкт-Петербург иҟоу Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аконсулра аофис даҭааит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр иҟанаҵо адыррақәа рыла, иарбоу аофис Санкт-Петербург ақалақь аҿы зегьы реиҳа иҳараку ахыбра «Лидер Тауэр»  40 аихагыла аҿы иҟоуп.  

Санкт-Петербург ақалақь аҿы инхоит хыԥхьаӡара рацәала аԥснытәи аџьынџьуаа, лассы-лассы имҩаԥысуеит идуу жәларбжьаратәи аусмҩаԥгатәқәеи афорумқәеи, иҟоуп жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рофисқәа.  

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. XXVI Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ареспублика Никарагуа Ахада аинвестициақәеи ахәаахәҭреи жәларбжьаратәи аусеицуреи рзы иабжьгаҩ, Урыстәыла аус ацура азы Никарагуа иҷыдоу ахаҭарнак Лауреано Ортега Мурилио напхгара зиҭо Никарагуа аделегациа ахаҭарнакцәеи реиԥылара мҩаԥысит.  

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылараҿы аганқәа Аԥсни Никарагуеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә усеицуреи уи афинанстәи алогистикатәи еиқәыршәареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа ашьыжь шаанӡа Гагра ақалақь  аҿы илеиз ақәыршҩы иахҟьаны ареспубликатә трасса ахәҭаки ахатәы ҩнқәеи асасааирҭаки ааха роуит.

«Иахьа, рашәарамза 14 рзы, ашьыжь шаанӡа, асааҭ 5 инарзынаԥшуа Гагра ақәыршыҩ ӷәӷәаны иауит. Уи иахҟьны ареспубликатә трасса ахәҭаки ахатәы ҩнқәеи асасааирҭаки ааха роуит»,  – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит Гагра араион ала Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа Рминистрра иатәу амцарцәара-еиқәырхаратә отриад аиҳабы Давид Бганба.

Ареспубликатә трасса ахәҭак илеиз ақәыршҩи аӡыҳәынҵәатә ҩарӡқәеи ирыхҟьаны аамҭала иаркхеит.

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Санкт-Петербург ақалақь иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы аҵара зҵо, ахәҭакахьала, аплатформа «Аԥсны аԥеиԥш» ацхыраара иҭалаз астудентцәа дырԥылеит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр иҟанаҵо адыррақәа рыла, Инал Арӡынба астудентцәа хара имгакәа Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аус ацура аиӷьтәра хықәкыс иҟаҵаны Санкт-Петербург иҟоу ҳаҭыр зқәу Аԥсны аконсул икандидатура аликаауеит ҳәа адырра риҭеит.

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аделегациа рашәарамза  14 – 17 рзы Петербург ақалақь, ацәыргақәҵатә центр «Экспофорум» аҿы имҩаԥысуа XXVI  Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум  ахы аланархәуеит.

Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, Апарламент адепутатцәа Беслан Ҳалуашь, Алхас Ҳагба, Алиса Гәылариеи Наур Нарманиеи.

Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум 1997 раахыс имҩаԥгахоит, уи аполитикцәа, абизнеси атехнологиатә стартапқәеи рхаҭарнакцәа реибабареи реиҿцәажәарақәеи рзы ауникалра злоу плошьадканы иҟоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Зшәгаа маҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә Инспекциа аӡхәыҵалацәа Аҟәатәи ақалақьтә ӡҭаларҭа иаҵанакуа амшын аҵа агәаҭареи арыцқьареи ирызку аусурақәа мҩаԥыргеит.  Акорреспондент Аԥсныпресс диҿцәажәо абри азы адырра ҟаиҵеит зшәгаа маҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә Инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.

Уи иажәақәа рыла, ас еиԥш аусурақәа есышықәса имҩаԥгахоит.

«Амшын аҵа агәаҭареи арыцқьареи раан аӡхәыҵалацәа есымша аиха иалху еиуеиԥшым амаҭәарқәа, аихаҵәқәа, уи моу, аметалл иалху атәарҭақәагьы рԥыхьашәоит», –  ҳәа иҳәеит иара.

Ҭенгиз Сабуа ҷыдала ишазгәеиҭаз ала, амшын аҵа агәаҭараан ус баша иузышьҭымхуа аихаҵәқәеи аихацқәеи рыԥшааит, урҭ ихҵәаны, хәҭа-хәҭала рықәгара ада уаҳа ԥсыхәа ыҟам.   

«Абри зегьы ҳара асхема аҿы иаҳарбоит, анаҩс урҭ анаҩс аҽыкәабаразы азин ахьыҟам аҭыԥқәа адырбарц азы ақалақь Ахадара ахь инаҳашьҭуеит. Иара убас иԥҽу ацәқәырԥаеиҩсагақәа рааигәара аҽыкәабаразы азин шыҟам ала адыргақәа рышьақәыргылара, мамзаргьы иарбоу аҭыԥқәа зынӡа рыҩкаареи хымԥадатәиуп», – ҳәа иҳәеит Ҭенгиз  Сабуа.

Аҟәа. Рашәарамза 14,  2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иҟалаз ақәыршҩи аӡыҳәынҵәатә ҩарӡқәеи ирыхҟьаны Гагра ақалақь аҿы ашьыжь, асааҭ  5 инаркны ӡыла аиқәыршәара аанкылан.  

«Аӡхагаларатә станциақәа «Репруа-1», «Репруа-2» русура аанкылан, избан акәзар аӡыҳәынҵәатә ҩарӡқәа аӡхагаларатә станциа иаҿасуан. Аӡи аӡыҳәынҵәатә ҩарӡқәеи маҷк ианықәҵ ашьҭахь ҳара аӡхагаларатә станциа ашҟа ҳалбааит, иҟоу аҭагылазаашьа гәаҳҭеит. Уажәы ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәара еиҭашьақәыргылоуп», – ҳәа иҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цишба. 

Уи иажәақәа рыла, афымцамч ала аиқәыршәара аганахьала уадаҩра ыҟам.

Гагра иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду ахәҭакала амашьынақәа рныҟәаразы иаартуп.

«Автомашьынақәа рныҟәара аамҭала ишьақәыргылоу ареверсивтә хырхарҭала иныҟәоит. Амҩа ахаҳәи-мҿыҳәи рацәаны иҿықәнагалеит, уи инагӡаны макьаназы арыцқьара залыршам», - ҳәа иҳәеит Адамыр Цишба.

Амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа рықәгара ашьҭахь, Гагра араион  Ахадара азарал аихшьаалақәа рыҟаҵара иалагоит.  

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсныҟа иаауаз апассаџьыртә дәыӷбақәа «Москва – Аҟәа», иара убас «Санкт-Петербург – Аҟәа аихамҩатә станциа «Цандрыԥшь иаанкылан. Шьҭахьҟа урҭ дәықлоит дусы реихшанҵа инақәыршәаны.

Адәыӷбақәа рпассаџьырцәа зегьы автотранспорт ала рымҩа ахьынӡахо астанциақәа рҟынӡа инаргоит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи Аихамҩа» апресс-маҵзура аҿы. Аҟәантәи идәықәлараны иҟаз апассаџьырцәа адәыӷбақәа рныҟәара аихшанҵа инақәыршәаны, Аҟәантәи, Афонынтәи, Гәдоуҭантәи, Гагрантәи Цандрыԥшь аихамҩатә станциа аҟынӡа рнагара еиҿкаахоит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.