Аҟәатәи Афымцатә Станциа аҳҭнықалақь аҿы ишьақәнаргылахьеит 14 нызықь инареиҳаны афымцахархәаратә приборқәа. Ақалақь агәи аҩадатәи ахәҭеи аџьармыкьа иахьаҵанакуеи еиҳа ақәыӷәӷәара аиуеит, уаҟа иҟоу аҩнқәа рҿы макьаназы афымцахархәаратә приборқәа шьақәыргылаӡам.
Аилатәара иалахәыз ақалақь Ахада афымцамч ахархәара азы ашәатәқәа реизгара азы аҭагылазаашьа азы адырра ирҭеит. Аиуристтә хаҿқәа рыла ашәатәқәа ризгара 90 процент иреиҳауп, хазхаҭалатәи ахаҿқәа ашәатәқәа рылхра иадҳәалоу аҭагылазаашьа еиҳа иуадаҩуп.
Беслан Ешба аилатәара иалахәыз Аҟәа ақалақь Ахадара аҳәаанырцәтәи аспециалистцәа алархәны ақалақь аҿы иҟоу афымцамҩангагақәа рҭагылазаашьа атехникатә аудит аҟаҵара азԥхьагәарҭеит ҳәа адырра риҭеит.
«Ҳара ақалақьтә фымцамҩангагақәа рҭагылазаашьа атехникатә аудит амҩаԥгаразы аилазаарақәак рыҿцәажәара ҳаҿуп. Аусуратә гәыԥ аԥҵахоит, уи иалалоит ақалақь Ахадара, АУН «Амшынеиқәафымцамч», Аҟәатәи Афымцатә Станциа» ахаҭарнакцәа», – ҳәа иҳәеит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба.