
pressadmin-2
Аҟәеи Гагреи иҩаԥыргеит апальма аԥхасҭа азҭо ахәаҷа-маҷақәа рықәгара азы атренингқәа.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 25- 27 рзы апальматә пынҵау ҳәа изышьҭоу ахәаҷа-маҷа ақәгара иазку атренингқәа мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥган Аҟәеи Гагреи апаркқәа рҿы. Аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара аҿы адгылара ҟаҵан Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟны иҟоу Афатә-ажәтәи ақыҭанхаҩатә еиҿкаареи рыпроекттә офис ала. Уи апроект «Ақыҭатә еилазаарақәа ринтересқәа рыхьчаразы ақыҭанхамҩеи абнарақәеи иҭышәынтәалоу рыҿиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахеит. Атренингқәа рхы аладырхәит ақалақьқәа рхадарақәа рхаҭарнакцәа, асасааирҭақәеи асанаториақәеи аԥшәмацәа, иара убас аҭыԥантәи апальмақәа ақәӡаара ашәарҭара иахьҭагылаз агәҭынчымра зызцәырнагаз ауааԥсыра.
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟны иҟоу Афатә-ажәтәи ақыҭанхаҩатә еиҿкаареи рыпроекттә офис аексперт Михаил Қриа аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷа хкқәа раарԥшреи рҿагылареи азы имоу адыррақәеи аԥышәеи атренингқәа ирылахәыз ирызнеигеит. Атренингқәа абарҭ атемақәа рыла имҩаԥысуан:
Алхас Кәыҵниа Аԥснынтәи инеиз ахәыҷқәа идикылеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Москваҟа, ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рзы аԥхынтәи ақалақьтәи аклуб «Аиааира Аԥхынра» ахь иааз аԥснытәи ахәыҷқәа дырԥылеит.
Аԥхынтәи аклуб Поклоннаиа гора ҳәа изышьҭоу аҭыԥ аҿы иҟоу атәыла Ихадоу арра-ҭоурыхтә Аиааира Амузеи абазала иаԥҵоуп.
Аинновациатә косметологиеи апластикатә хирургиеи Рыкиника аатуеит Аҟәа ақалақь аҿы.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, ԥыхьатәи асанаториа ПВО иахьаҵанакуа аинновациатә косметологиеи апластикатә хирургиеи Рыклиника аатуеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ақалақь аҿы аинспекциатә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны МВО, ПВО ҳәа изышьҭоу ԥыхьатәи арратә санаториақәа иахьрыҵанакуа 10 корпуск рҿы имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит.
Амедицинатә маҵзура анапхгаҩы Оксана Полиакова Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭалҳәеит ҩ-еихагылакны иҟоу ахыбрақәа руак аҿы аоперациа ҟаҵарҭақәа ҩба, аҳақьымтә уадақәа 9, акосметологиатә палатақәа 6 рыҟаҵара шазԥхьагәаҭоу.
Аветеринартә лабораториа азы ареагентқәа раахәаразы иазоужьхоит 840 нызықь мааҭ.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы 28 жьҭаарамза, 2022 шықәсазы ишьақәырӷәӷәаз анапхгаратә хықәкытә программа «2023 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара» аиҭакрақәа алагалара азы аӡбамҭа рыдыркылеит. Апрограмма иалагалоуп Ареспубликатә ветеринартә маҵзура алабораториа аҭаххрақәа рзы ареагентқәа раахәаразы ахарџьқәа – 840 нызықь мааҭ. Ареагентқәа ацхеи ацха аалыҵқәеи ранализқәа рымҩаԥгара азы ихымԥадатәиуп.
Апрограмма аиҭакрақәа ралагаларазы ажәалагала адгалара мҩаԥигеит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа.
Иааизакны 2023 шықәсазы, уи иаԥхьанеиуаз ҩы-шықәса рзы еиԥш, апрограмма анагӡаразы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иазоужьхоит 100 млн. мааҭ. Апрограмма иалагалоуп абарҭ ахарџьқәа:
Иҷыдоу арратә операциа аҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз аибашьцәа рҭаацәа 1 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо аԥаратә цхыраара рызшәахоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Донбасс аҿы иҷыдоу арратә операциа аҿы хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз аибашьцәа Едуард Шьакаеи Олег Бебиеи рҭаацәа 1 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡо аԥаратә цхыраара рызшәахоит.
Уи азы ақәҵара рыдыркылеит иахьа, ԥхынгәымза 27 рзы имҩаԥысыз аминистрцәа Реилазаара аилатәара аҿы.
Аԥсны ачахә иацлеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы «Ачашылеи ачеи рыхәԥса аҳәынҭқарратә ҭышәынтәалара азы» ақәҵара ҿыц рыдыркылеит.
Ишьақәыргылоуп иреиҳауи аҩбатәии асорт ачашыла иалху хык ача азы иҿыцу аизыкылаҭиратә хәыԥсеи азаҵәылаҭиратә хәыԥсеи. Уажәшьҭарнахыс иреиҳау асорт ачашыла иалху кьылак ача 50 мааҭ иреиҳахаӡом, 0,6 кг - 30 мааҭ иреиҳахаӡом;
Цәыббрамза 30 рҟынӡа Аҟәа ақалақь аҿы ацҳа Ҟаԥшь еиҭашьақәыргылахоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥигоз аинспекциатә гәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәатәи ашьха аҿы аԥшырҭатә плошьадкеи ацҳа Ҟаԥшьи рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит.
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба Аҳәынҭқарра Ахада иарбоу аобиектқәа рҿы иҩаԥысуа аусурақәа зегьы цәыббрамза 30 – Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30 - шықәса ахыҵра аҟынӡа ишхыркәшахо азы адырра ииҭеит.
Аҳҭнықалақь ахада ацҳа Ҟаԥшь ақалақь аҿы асимволра зҵоу ҭыԥны иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Аԥсны ҩыџьа атәылауаа анхарҭа ахәԥса ашәаразы азинҷыда рыҭоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала Ранета Биџьева аҳәынҭқарратә нхаратә фонд аҟынтәи ахатәра аҳасабала илыҭахо анхарҭа ахәԥса ашәаразы азинҷыда лыҭахоит.
Ранета Биџьева – Урыстәылатәи Афедерациа Лугансктәи Жәлартә Республика ицо аибашьра аҿы иҭахаз арепатриант Казбек Биџьев иԥшәмаԥҳәыс лоуп. Лара аҳәынҭқарратә нхаратә фонд аҟынтәи ахатәра аҳасабала илыҭахо, Гәылрыԥшь араион, Маҷаоа ақыҭа, Далтәи амҩа, аҩны № 2, ауада №2 ала иҟоу анхарҭа ахәԥса ашәара аҟынтәи зынӡа лхы дақәыиҭхоит.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа Адисциплинатә ԥҟаԥҵәа аиҭакрақәа алагалоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаараҿы «Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭақәа Адисциплинатә ԥҟаԥҵәа» ашьақәырӷәӷәаразы азы ақәҵара аиҭакрақәа аларгалеит.
Алеишәатә лахьыҭара аусбарҭа анапхгаҩы аиакәымура азы адырра аниоу инаркны жәамш ирылагӡаны имҩагазароуп, амаҵуратә гәаҭара амҩаԥгараан, мамзаргьы ашьаусеилыргара ахацыркраан акәзар, усҟан – аамаҵуратә гәаҭара, мамзаргьы ашьаусеилыргара рхыркәшара ашьҭахь мызкы иахымгакәа, ахара зду ичымазара аамҭа, мамзаргьы иԥсшьараамҭа уахь иналамҵакәа.
Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аиқәыршәазаара хыркәшахоит цәыббрамза 30 аҟынӡа.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит.
Аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит уажәазы имҩаԥысуа аусурақәа рзы. Уи иажәақәа рыла, иажәхьаз адренажтә система рыԥсахит, адгьыл риашаны ахаҳәцәыла ирчаԥеит.
«Аӡыршә еиҭашьақәыргылоуп, Индоевропатәи ателеграф 13 ҭоурыхтә шьаҟақәа шьақәыргылахоит. Урҭ аамҭак азы иқәган, уажәы еиҭашьақәыргылахоит», - ҳәа иҳәеит Беслан Ешба.