Аҟәа. Жәабранмза 4, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Лисичанск ақалақь Украина Арбџьармчқәа рыла ракетала алахысра иахҟьаны ауаа рҭахара инамаданы Владимир Путин дидышшылеит.
Адышшыларатә цҳамҭаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Гәалсра дула сшәыдышшылоит Лисичанск ақалақь иаланхоз 28-ҩык ауааԥсыра рҭахара инамаданы.
Шәхьаа шәыцеиҩысшоит, иҭахаз рҭынхацәа гәалсрыла срыдышшылоит. Аԥсны жәлар Лугансктәи Жәлар р-Республика, Урыстәылатәи ажәлар зегьы ироуз агәырҩа рыцеиҩыршоит.
Ҳгәыӷлоит ас еиԥш иҟоу ахҭыс бааԥсқәа уаҳа иҟаларым ҳәа».
Аԥсны Ахада иара убас Лугансктәи Жәлар р-Республика Ахада Леонид Пасечник дидиышшылеит.