pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынгәымза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Ацҳаражәҳәарҭа адипломатцәа ицны  Сандинисттәи Ареволиуциа ҟалеижьҭеи 44-шықәса аҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы рылаирхәит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура.  Аныҳәатә дкылара мҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Никарагуа Ацҳаражәҳәарҭа аҿы.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынтқарра Ахада Аслан Бжьаниа Жәларбжьаратәи аҿартә туристтә-патриоттә форум «Иаку Кавказ» апроекттә сессиа аусура аҽалархәразы Нальчикҟа дцеит.

Жәларбжьаратәи аҿартә туристтә-патриоттә форум «Иаку Кавказ»  2023 шықәса ԥхынгәымза 18 инаркны 21-нӡа Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликаҟны  имҩаԥысуеит.

Афорум хықәкыс иамоуп атәылауаҩра-патриоттәи ауаажәларра рзы хәарҭара злоу аҿартә туризми русхк азы апроектқәа раԥҵара, амилаҭбжьаратәи адинхаҵарабжьаратәи еинырра арӷәӷәареи атуризм амҩаԥгарала Кавказ ажәларқәа  ракреи рзы аконцепциақәа разырхиара, атуризми асасдкылара аиндустриеи рырҿиараҟны аҿар рроль ахцәажәара уҳәа убас егьырҭгьы.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада абарҭ амшқәа рзы Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика аҳҭнықалақь аҟны Нальчик имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аҿартә туристтә-патриоттә форум «Иаку Кавказ» алахәцәа аԥсшәа реиҳәеит.

 

Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҟны иҳәеит:

«Абзиара шәымаз Жәларбжьаратәи аҿартә туристтә-патриоттә форум «Иаку Кавказ» аиҿкааҩцәагьы алахәцәагьы!

Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгареи ажәлари рыхьӡала гәык-ԥсык ала иҭабуп ҳәа иасҳәоит Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Ахада Казбек Валери-иԥа Коков исиҭаз ааԥхьареи хра злоу ари аусмҩаԥгатә аҽалархәразы исиҭаз алшареи рзы.

Жәларбжьаратәи афорум «Иаку Кавказ» – усмҩаԥгатә бзиоуп, раԥхьа иргыланы, аҿартә политика аусхк аҟны аусеицуреи аԥшьгарақәа реимдареи рзы. Избан акәзар уи ииашаны анагӡара аҿиареи, аԥсадгьыл абзиабареи, агәыла аиашьара изуреи рус аҟны зҳәоу еиқәшәо Кавказ уаҵәтәи ахаҿра ҳәаақәнаҵоит.

Абри аганахьала, аҵак ду змоу уснагӡатәны ҳҿаԥхьа иқәгылоуп амилаҭбжьаратәи адинхаҵарабжьаратәи еинырра арӷәӷәареи Кавказ ажәларқәа ракреи ирызку аконцепциақәа разырхиара. Аԥсны ахаангьы ус иҟан, иахьагьы хәарҭара злоу, акрызҵазкуа аԥшьгарақәа рынагӡараҟны аиашьара ҳзызуа Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика гәыцԥыҳәарала аус ацура иазхиоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза  20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы аинфекциатә чымазарақәак рдиагностикеи рыхәышәтәреи рыпрофилактикеи ирызку актуалра злоу азҵаарақәа ирызкны ҩымш имҩаԥысуаз атренинг-семинар хыркәшахеит.  Атренинг рхы аладырхәит ареспублика амедицинатә усбарҭақәа рҟынтәи апедиатрцәеи аинфекцонистцәеи.

Азыҟаҵарақәа  мҩаԥылгон Москвантәи иааз амедицинатә наукақәа  ркандидат, аҳақьым-аинфекционист, апедиатр   Алиса Медикова.  

Атренинг алахәылацәа абарҭ атемақәа рыла алекциақәа ирзыӡырҩуан:

«Ахәыҷқәа рыҟны акьиатеитәи абактериалтәии авирустәи аинфекциақәа»;

Аҟәа. Ԥхынгәымза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аделегациа Аԥснытәи аделегациа Сандинисттәи ареволиуциа  ҟалеижьҭеи  44-шықәса аҵра азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатқәа  рхы  аладырхәит.

Манагуа ақалақь Ареволиуциа ашҭаҿы имҩаԥысит аныҳәатә концерт. Араҟа иқәгылеит акоманданте Даниель Ортега Сааведреи уи ихаҭыԥуаҩ  Росарио  Мурилиои.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аспортсменцәа XIX Жәларбжьаратәи ашахматтә форум «Moscow оpen 2023» рхы аладырхәуеит. Атурнир Москватәи аспорт 100-шықәса ахыҵра иазкуп. Аицлабрақәа ԥхынгәымза 23-нӡа имҩаԥыслоит.

Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны еицырдыруа урыстәылатәи агроссмеистерцәа злаху «Турнир звезд» мҩыԥгахоит, иара убас  аҳәсеи ахацәеи рыбжьара Урыстәыла Ахраҿа, Урыстәыла Ахраҿа ахәыҷтәы етап «Иҟәыӷоу ахәыҷқәа-иӷәӷәоу Урыстәыла» 9, 11, 13 шықәса зхымҵыц аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи, иара убас  15 шықәса зхымҵыц арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарт-отельқәа ракәӡам изыцәшәатәу, акоронавирустә ҿкы чымазареи аԥстәбара зцу амҩатә машәырқәеи роуп изыцәшәатәу! Абри атәы ԥхынгәымза  18 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион актив алархәны имҩаԥигаз инарҭбаау аусуратә еилатәара аҿы иҳәеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.

Аԥыза-министр ареспубликаҿы ииуа ауаа рхыԥхьаӡареи зыԥсҭазаара иалҵуа рхыԥхьаӡареи рзы арбагақәа ааигеит.

Алеқсандр Анқәаб иҟаиҵаз адыррақәа рыла, 1994 шықәсазы Аԥсны ииз рхыԥхьаӡара  48 520 –ҩык рҟынӡа инаӡон, зыԥсҭазаара иалҵыз – 40 163-ҩык. Ииз ауаа рхыԥхьаӡара иԥсыз раасҭа 8 357-ҩык рыла еиҳан.

«Абар иизи иԥсызи аԥсуаа рхыԥхьаӡара: иит 31 462-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 12 833 - ҩык. Араҟа иԥсыз ауаа рхыԥхьаӡара ииз раасҭа 18 629 – ҩык рыла еиҳауп. Арт арбагақәа раҳар сҭахуп адемографиа азҵаара апарт-отельқәа, асасааирҭақәа, аекскурсиақәа ирыдызҳәало», – ҳәа иҳәеит аԥыза-министр.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәса актәи азыбжазы аусура аихшьаалақәа рыла, Гал араион ашәахтәқәа раҳасабала иалагалаз ашәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 32 млн. 207,6 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит;  иааизакны аплан ахыхь анагӡара 9 млн. 754,3 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Ашәахтәқәа реизгара аганахьала азԥхьагәаҭаратә рбагақәа рынагӡара  143% рҟынӡа инаӡеит. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа араион актив алархәны имҩаԥигаз аусуратә еилатәара аҿы абри атәы иҳәеит араион ашәахтә инспекциа анапхгаҩы Роберт Жьиба.    

Аҟәа. Ԥхынгәымза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә технологиқәеи рзы Аилак инарҭбаау аилатәара аҿы иахәаԥшит икоммерциатәым апартниорра «Аԥсны ачаӡыҩцәа реидгыла» аҟнытә иааиз ааԥхьара. Ари аидгыла иҟанаҵаз ааԥхьараҟны ачашыла ахә еиԥш егьырҭ афатә аалыҵқәагьы рыхәқәа иахьрыцлаз, иара убас афымцамч иадҳәалоу азҵаарақәагьы азгәаҭаны, акоммерциатәу аиҿкаарақәа рзы ача ахәԥсақәа рҳәаақәҵара аԥыхразы алшара рырҭарц  аҳәара  ҟанаҵоит.  

Апарламент аҟны Бадрик Ԥлиа ихантәаҩрала имҩаԥысыз аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә технологиқәеи рзы Аилак аилатәара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Апарламент аҿы ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, уи лхаҭыԥуаҩ Емма Голеузова, уҳәа ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Амистрра егьырҭ ахаҭарнакцәа, иара убас ачеи ача аалыҵқәеи ҭзыжьуа аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа. 

Аҟәа. Ԥхынгәымза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Апрокуратура Хада Атәылауаҩра-ӡбаратә усбарҭа асоциалтә  еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рзы Аминистрра 2021 – 2022 шш. аусура амҩаԥгараан аџьатә закәанԥҵара ақәныҟәара ахьынӡазалыршаз агәаҭара иазкыз аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагеит.  Абри атәы аанацҳауеит апрокуратура Хада аофициалтә саит.

2021 шықәсазы имҩаԥгаз агәаҭара аихшьаалақәа рыла, Аминистрра ахь инашьҭын иаарԥшыз аилагарақәа рырҽеиреи аринахысгьы рыҟалара алмыршареи рзы азԥхьанҵа, убри аан Аминистрра аҿы аџьа азы аҳәынҭқарратә инспекциа аусура ишахҭоу ала аиҿкааразы инагӡатәу ауснагӡатәқәа инарҭбааны иалкаан.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.