pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынгәымза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа араион актив алархәны Администрациа 2023 ш. актәи азбжа аусура иазкны анҭыҵтәи аизара мҩаҧигеит.

Актив аусура иалахәуп Аҧыза-минмстр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, аиҳабыра алахәцәа, адепутатцәа.

«Аҟәа араион абиуџьет ахашәалатә хәҭа 2023 ш. актәи азбжазы планла иартәоит 126 млн мааҭ, ахатәы хашәалақәа - 64,4 млн мааҭ, планла иарбоу 49,8 млн мааҭ раан, адотациақәа - 20,6 млн мааҭ, планла иарбоу 61,7 млн мааҭ аан, 41 млн мааҭ абиуџьет иамоуӡеит, асубсидиақәа – 14,2 млн мааҭ», - абас иҟоуп Аҟәа араион ахада Алхас Ҷыҭанаа иааигаз арбагақәа.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь араион абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа 2023 шықәса актәи азыбжазы  104% рыла инагӡахеит, ҳәа имҩаԥгаз инарҭбаау аусуратә еилатәара аҿы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа адырра ииҭеит араион ахада Саид Ҳаразиа.

«Аплан ала ишьақәырӷәӷәаз 116 млн. мааҭ рҟынтәи фактла иалагалаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 120 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Урҭ рахьынтә ахатәы хашәалахәқәа  –  иазԥхьагәаҭаз 39 млн мааҭ раан иалагалахеит 43 млн. мааҭ», - ҳәа адырра ҟаиҵеит Саид Ҳаразиа.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ аҟны абзазаратә црыҵқәа рышьҭаҵарҭаҟны аргыларатә усурақәа шцо гәаиҭоит. Аобиект аҟны аусурақәа ирылагеит 2021 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Асоциал-економикатә ҿиара ацхрааразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Шьаҭанкылатәи аргыларазы аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит имҩаԥгоу аусуразы. Ари аусмҩаԥгатә афинансзоужьра 2 шықәса ҳәа еихшан. Ҳазҭагылоу аамҭазы аргыларатә усурақәа актәи рыхәҭа хыркәшахоит. 12 гектар зҵазкуа ашьҭаҵарҭа ацрыҵқәа рзы ажра мыругала еиқәыршәоуп, аихшарҭа цәаҳәа шьақәыргылоуп, арыцқьагатә ргыламҭақәа рзы амыругақәа ҿаҵоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәеи ауаажәларратә еиҿкаара «Ахеиқәырхара» алахәылацәеи аҵарадырреи анаукеи абызшәатә политикеи  адинхаҵареи амассатә информациа ахархәагақәеи рзы Апарламент аилак инарҭбаау аилатәара аҿы аԥсуа бызшәа аиқәырхара иадҳәалоу апроблемақәа ирылацәажәеит.

«Аԥсны аҳәынҭқарратә бызшәа азы» Азакәан аныҟоу аамҭазы аԥсуа бызшәа ала ицәажәо рхыԥхьаӡара ессааира еиҵахо иаауеит, уи аинформациатә хархәагақәа русура аҿы, аҳәынҭқарратә напхгара аусбарҭақәа русура аҿы, иара убас аусшәҟәқәа реикәыршара аҿы, иара убас адәахьтәи аӡырга, уҳәа рҿы ахархәара еиҳа-еиҳа иԥсыҽхоит», - ҳәа иазгәарҭон иқәгылоз ражәахәқәа рҿы.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2023. Апсныпресс. Аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа аиҳабы инапынҵақәа аамҭала иназыгӡоз Лоу Инал-иԥа, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Идҵа инақәыршәаны, Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ауаажәларратә шәарҭадара Аусбарҭа аиҳабы имаҵуратә ҭакԥхықәра анагӡара далагоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Гагра араион Ԥсахара ақыҭа даҭааит. Уи диԥылеит ақыҭа ахада Саид Ӡиаԥшь-иԥа.

Саид Ӡиаԥшь-иԥа аминистр изеиҭеиҳәеит ааигәа, ԥхынгәымза 9 рзы иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара аан ақыҭа акыр ааха шаиуз.

Иара иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ақыҭаҿы ирацәаны аҩнқәа ааха роуит, жәабала амашьынақәа ӡааҟәрылеит, ацҳа агеит, аӡхагалагақәа аӡы рыҵалеит, иара убас ҩ-обиект аӡы ихнарбгалеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Алитература, аҟазара, архитектура аҿы аихьӡарақәа рзы Д.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы Акомиссиа  апремиа аиуразы абарҭ акультуратә проектқәеи арҿиаратә рҿиамҭақәеи нанашьҭит:

  1. С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аспектакль "Сариа". Арежиссиор Мадина Аргәын;
  2. Инна Аҳашба лажәеинраалақәа реизга «Мера души»;
  3. Ателехәаԥшратә документалтә фильмқәа «Зураб Ачба», «Атеррор Ду. Аҩарданаа рҭоурых», «Аслан Оҭырба», «Алахьынҵа» «Аԥсны адоуҳа». Арежиссиор Асҭанда Кецба;

Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза  12 рзы Краснодартәи атәылаҿацә акурорттә-қалақь Шәача ақалақьтә округ амуниципалтә еиҿкаара Ахадара аҿы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Краснодартәи атәылаҿацә ала Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусбарҭа Хадеи афедералтә ҵакыра «Сириус» ала Урыстәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟәша рделегациақәа русуратә еиԥылара мҩаԥысит.  

Аганқәа аҳәаа иаԥну аҵакырақәа рҿы ауаажәларратә ҭышәынтәалареи ашәарҭадареи азинеиҿкаареи рышьақәыргылара хықәкыс иҟаҵаны аусеицура аиҿкаара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа ирылацәажәеит:

Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәанҭқарратә миграциатә Маҵзура Ахада Рамин Габлаиа атәыла аԥыза-министр Алеқандр Анқәаб  ҳазҭоу ашықәс актәи азыбжазы ахылаԥшырҭа инанагӡаз аусура азы адырра ииҭеит.  

Рамин Габалиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ажьырныҳәамза 1 инаркны ԥхынгәымза 1 аҟынӡа Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура иаднакылеит авизақәа раиуразы  4 061 рҟынӡа арзаҳал; амиграциатә шәҟәҭагалара иахысит 2 430 - ҩык аҳәаанырцәтәи атәылауаа; аусуразы азин аиуреи апатентқәа рыҭареи рзы ирыдыркылеит 3 717 зыҳәамҭа;   400 зыҳәамҭа аусураҭаҩцәа рҟынтәи. 

Ҳазҭоу ашықәс актәи азыбжазы Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аусуратә визақәа рыҭаразы иашәаз аҳәынҭқарратә баџь азеиԥш еицҵалыҵ  17 миллиони 487 нызықь мааҭи иреиҳауп.

Аҳәаанырцәтәи атәылауаа аусуразы азин аиуразы аҳәынҭқарратә баџь аҳасабала иҟарҵаз ашәтәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 15 миллиони 837 нызықь мааҭи иреиҳауп, апатентқәа раиуразы иршәаз ашәатәқәа – 4 миллионки 389 нызықь мааҭи иреиҳауп.

Аҳәаанырцәтәи аусуратә мчқәа радыԥхьаларазы азин зырҵабыргуа аршаҳаҭгақәа раиуразы аусураҭаҩцәа аҳәынҭқарратә баџь аҳасабала иршәаз ашәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ  6 миллионки 810 нызқь мааҭи иреиҳахеит.

Ҳазҭоу ашықәс актәи азыбжазы Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзура аусура ала ишәоу аҳәынҭқарратә баџь азеиԥш еицҵалыҵ 44 564 506 мааҭ рҟынӡа инаӡоит. (2022 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ишәаз аҳәынҭқарратә баџь азеиԥш еицҵалыҵ 32 420 320 мааҭ рҟынӡа инаӡоит).

Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистри Никарагуа амассатә информациа ахархәагақәеи акоммуникациақәеи рызҵаарақәеи ауаажәларратә зҵаарақәеи рзы Ахеилак Акоординатори реиԥылараан аинформациатә политика аҿы аусеицура иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Аганқәа Аԥсни Никарагууеи Реидгыларатә Амедиахолдинг аԥҵара иазырхоу аусура аплан ала еиқәшаҳаҭхеит.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.