Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит иахьа Аԥсны абылтәы џьармыкьа аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа атәы.
Иара еизаз иргәалаиршәеит 2023 шықәса анҵәамҭазы Урыстәыла аиҳабыра ԥхынҷкәынмза 12, 2012 шықәсазы ахәаахәҭра ибжьаҵаз арежим азы Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, аилахәыра «Роснефти», уи иаҿыгоу анаплакқәеи рымацара Аԥсныҟа анефҭаалыҵқәа хазхаҭала рекспорт амҩаԥгаразы аҷыдалкаатә зин рызҭо аӡбамҭа шаднакылаз.
«Аиԥш-зеиԥшу аӡбамҭа рыдаркылеит Аахыҵ Уаԥстәыла аганахьалагьы. Иахьатәи амш азы Аԥсныҟа еиԥш, Аахыҵ Уаԥстәылаҟагьы анефҭаалыҵқәа рекспорт иадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа еиԥшуп. Иарбоу аӡбамҭа зызкыз, насгьы уи ҳара ҳзы ахҟьаԥҟьақәас иацыз? Ԥхынҷкәынмза 21 рзы Аԥсны абылтәы џьармыкьа алахәылацәа аӡәырҩы Ԥсоу аӡиас ала инагоу аҳәааҿы зыхә ршәахьаз, насгьы зымҽхакқәа ашәҟәы иҭагалаз, аҳазалхратә шәҟәҭагалара иахысхьаз ртауар аиагараан ауадаҩрақәа рызцәырҵит. Урыстәылатәи Афедерациа аҳазалхратә усбарҭақәа, ԥхынҷкәынмза 16, 2023 шықәсазы Аиҳабыра аҿы ирыдыркылаз Аӡбамҭа иазхьаԥшуа аҳәаа иадгылаз анефть аалыҵ аиагаразы азин рырҭомызт. Ари аҩыза аҭагылазаашьа жәаҳәарада ауааԥсыра рыдагьы атәыла Анапхгарагьы акыр агәҭынчымра рызцәырнагоит», – ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.
Аминистр атәыла Анапхгара ишьақәгылаз аҭагылазаашьа активла аӡбара ишаҿыз азгәеиҭеит.
«2023 шықәса иалагӡаны Аԥсны аекономика Аминистрра изныкымкәа ари аҩыза аӡбамҭа адкылара шиашам азы ахатәы гәаанагара аофициалла иаанарԥшуан. Уи Аԥсны абылтәы џьармыкьа алахәылацәа русдкыларатә усурақәа аԥкрақәа алазгало усны иԥхьаӡан», – ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.
Аминистр иажәақәа рыла, иахьатәи амш азы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ала аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иаанханы иҟоуп 6 нызықь тонн абылтәы. Уи мызкы мацара иазхоит.
«Иахьа, урыстәылатәи ҳколлегацәа иҳарҭо адыррақәа рыла, Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара Ақәҵара ҭнажьит. Уи уаанӡа ирыдаркылаз ақәҵара азинмчы ааннакылоит.
Уи иабзоураны иалыршахоит аамҭа кьаҿ иалагӡаны аҳазалхратә шәҟәҭагалара иахысхьоу анефҭаалыҵқәа Аԥсныҟа раагара. Ари аҩыза аӡбамҭа ҳазыԥшуижьҭеи акрааҵуан», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Џьансыхә Нанба.
Аԥсны абылтәы џьармыкьа алахәылацәақәак мызкы рбылтәыҭаҭәарҭақәа русура ааныркылар акәхеит. Иҿыцу Ақәҵара азинмчы аҽҳәара фымз рҟынӡа инаӡоит.
«Ари хра злам анырра анаҭоит Аԥсны атәылауаа рымаҵ аура адагьы атәыла асоциалтә ҭагылазаашьагьы, иара убас ашәахтә лагалақәа рынагӡареи. Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа Аԥсны Анапхгара акыр ҭакԥхықәрала иазнеит. Аԥснытәи аган абылтәы џьармыкьа аҿы аҭагылазаашьа арҽеиреи аԥснытәи аусдкылаҩцәа русура арманшәалареи рзы иалшоз зегьы ҟанаҵеит», – ҳәа иҳәеит аминистр.
Џьансыхә Нанба иажәақәа рыла, абылтәы џьармыкьа аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа еиҳа иҭышәынтәалахеит, уажәазы абылтәы азымхара ыҟаӡам.
«Абылтәыҭаҭәарҭатә станциақәак аркуп, урҭ русура аанкылеит. Аха иҟоуп уаанӡа аилазаара «Роснефть» аус ацызуаз, урҭ абылтәы аҭира иадҳәалоу аусура мҩаԥыргоит. Ҳара даара ҳақәгәыӷуеит аԥсуа ган апозициа еилкааны ҳусдкылаҩцәа иарбоу аусхкы аҿы еффективла аусура рылзыршо амеханизмқәа шрыдыркыло», – ҳәа иажәа хыркәшо иазгәеиҭеит Џьансыхә Нанба.
Иахьазы Аԥсны иҟоуп 11 инарзынаԥшуа анефтаалыҵ аимпортиорцәа. Ҩ-еилазаарак роуп иахьазы иҭышәынтәаланы аус зуа – «РН-Абхазия», «Апсны-Ойл». Аԥсны зда ихәарҭам ашықәсбжьаратәи абылтәы амҽхак – 100 нызықь тонн рҟынӡа инаӡоит.