pressadmin-2
АԤСНЫ АБАНК 2023 ШЫҚӘСАЗЫ АНЫХТӘҚӘА РХАРЏЬЫНҴА 434 МЛН 470 НЫЗЫҚЬ МААҬ РҞЫНӠА ИНАӠОИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә Банк 2023 шықәсазы аныҟәгара азы аныхтәқәа рхарџьынҵа ашьақәырӷәӷәара мҩаԥыргеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.
Адепутатцәа Абанк аныхтәқәа рхарџьынҵа шьақәдырӷәӷәеит. Уи 434 млн 470 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
АПАРЛАМЕНТ 2023 ШЫҚӘСАЗЫ АБИУЏЬЕҬ АДКЫЛАРА МҨАԤНАГЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы «2023 шықәсазы Ареспубликатә биуџьеҭ азы» азакәан апроект рыдыркылеит. Уи адкылара азы рыбжьы рҭиит 29-ҩык адепутатцәа.
2023 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьеҭ апараметр хадақәа ахашәалахәытә хәҭа ала 12 млрд 512 млн 657,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аныхтә хәҭа ала – 14 млрд 188 млн 530,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аҳәынҭқарратә биуџьеҭ адефицит – 1 млрд 676 млн 101, 9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
2023 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ареспубликатә биуџьеҭ ахашәалахәытә хәҭа азеиԥш еицҵалыҵ 9 млрд 622 млн 244,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи афинанстә цхыраарагьы уахь иналаҵаны.
Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраара наӡоит:
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы - 3 млрд 734 млн 689,7 нызықь мааҭ;
АПАРЛАМЕНТ АԤСНЫ ИБИУЏЬЕТТӘЫМ АФОНДҚӘА ХԤА 2023 ШЫҚӘСАЗЫ РБИУЏЬЕТҚӘА ШЬАҚӘНАРӶӘӶӘЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент аҿы аҩбатәии аҵыхәтәантәии аԥхьарақәа рҿы Аԥсны ибиуџьеттәым Афондқәа хԥа 2023 шықәсазы рбиуџьетқәа рышьақәырӷәӷәара мҩаԥысит.
1992-1993шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Иҳәынҭқарратәу ибиуџьеттәым рфонд 2023 шықәсазтәи ахашәалхәқәеи ахарџьқәеи ишьақәырӷәӷәоу реицҵылыҵ 199 млн 616,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциалтә бгаԥсеи аџьа ахьчареи рзы Афонд 2023 шықәсазтәи ахашәалахәқәеи ахарџьқәеи ишьақәырӷәӷәоу реицҵылыҵ 163 млн 902 нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡоит.
АПАРЛАМЕНТ АИЛАТӘАРА АКТӘИ АԤХЬАРА АҾЫ «АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АДМИНИСТРАТИВ-ҴАКЫРАТӘ АКҚӘА РҾЫ АНАПХГАРАҬАРА АЗЫ» АЗАКӘАН АИҬАКРАҚӘА АЛАГАЛАРАЗЫ АҚӘҴАРА РЫДЫРКЫЛЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «Аԥсны аҳәынҭқарра административ-ҵакыратә акқәа рҿы анапхгараҭара азы» Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы Ақәҵара рыдыркылеит. Азакәан апроект адгалара мҩбаԥго абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Амаршьан иҳәеит: «Иарбоу аиҭакрақәа рыла араион аҿы иҟоу ақалақьқәа Реизарақәа рзинмчқәа рҟынтәи амҩақәа, апроспектқәа, ашҭақәа, аскверқәа, абульварқәа, апаркқәа, уҳәа рыхьӡқәа рыԥсахреи ахьӡ ҿыцқәа рыхҵареи рзы аӡбамҭақәа рыдкылареи амемориалтә ӷәқәа рышьақәыргылареи, иара убас ақалақь абираҟ, агерб (геральдикатә дыргақәа) рышьақәырӷәӷәареи рзы аӡбамҭақәа рыдкылареи рзы азимчы алгахоит».
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА ИԤШӘМАԤҲӘЫС АЕЛИТА АХЬИБА АШКОЛХӘЫҶҚӘА ИААИУА АШЫҚӘС ҾЫЦ РЫДЫЛНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ашықәс Ҿыц аламҭалаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иԥшәмаԥҳәыс Аелита Ахьиба Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аҵаҩцәа ҳазҭалараны иҟоу аныҳәа рыдылныҳәалеит, зегьы хаҭа-хаҭала ахаа-мыхаақәа ҳамҭас ирылҭеит.
Ашкол аҧхьа Аелита Ахьиба дылԥылеит Аҟәа ақалақь Администрациа ахада Беслан Ешба.
Аҵаҩцәа Ахада иԥшәмаԥҳәыс ашәҭшьыҵәрақәа лырҭеит, иара убас рнапала иҟарҵаз ашықәсҿыцазтәи ажьа.
«Акыр иаԥсоу ахәыҷқәа, Аҵаа Бабаду ихаау аҳамҭақәа шәзааигеит. Ишәыдысныҳәалоит ҳазҭало Ашықәс ҿыц. Еснагь шәлахҿыхыз, шәгәы бзиаз, шәҭаацәа ишәырҭараны иҟоу аҳамҭақәа рыда хьаа рымамзааит. Даара бзиа шәаҳбоит, Аҳәынҭқарра Ахада иакәзар, салам шәиҭоит", - лҳәеит Аелита Ахьиба.
Ахәыҷқәа дрыдныҳәалеит иара убас аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба.
ЕДУАРД БЫҬӘБА «АКООРОНАВИРУСТТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА COVID-19 ХАМЕИГӠАРАЛА АҾАГЫЛАРА АЗЫ» АХЫЛАԤШРАТӘ МЕДАЛҚӘА РАНАШЬАРА МҨАԤИГЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба «Акоронавирусттә ҿкы чымазара COVID-19 хацәнымырха аҿагылара азы» ахылԥшратә медалқәа ранашьара мҩаԥигеит. Аҳамҭақәа ранашьахеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Вахтанг Аҩардан, афинанс-економикатә усбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Маргарита Чепниан, Аҟәатәи ирласу амедицинатә цхыраара астанциа аҳақьым хада Аслан Џьопуа, аинформациа аҟәша анапхгаҩы Дамеи Касланӡиа.
«Шәара зегьы
АҚАЛАҚЬ САНКТ-ПЕТЕРБУРГ ИҬЫҴИТ «ИРКЬАҾУ АԤСУА ЕНЦИКЛОПЕДИА» АКТӘИ АТОМ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ақалақь Санкт-Петербург иҭыҵит Аԥсны Аҭҵаара-дырратә центр ала еиқәыршәоу «Иркьаҿу аԥсуа енциклопедиа» актәи атом, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟалҵеит аҭыжьымҭа «Азиндырратә центр» адиректор Ирина Дамениа.
Аҭыжьымҭа аредактор хада – афилологиатә наукақәа ркандидат Васили Аҩӡба.
Е.ЕШБА ИХЬӠ ЗХУ АПАРК АҾЫ АХӘЫҶБАҲЧАҚӘА РААӠАМҬАЦӘА РЗЫ АШЫҚӘСҾЫЦТӘИ АМУЗЫКАТӘ АДНЫҲӘАЛАРАҚӘА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 26 -29 рзы Аҟәа ақалақь, Е.Ешба ихьӡ зху апарк аҿы ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа рзы ашықәсҿыцтәи амузыкатә адныҳәалара мҩаԥысуеит.
Аныҳәа аламԥалазтәи аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма аҿы иара убас иҟоуп ауаҩы ишәара инеиуа акьанџьақәа рыцнеиаира, иара убас афотосахьақәа рҭыхра.
АДЕПУТАТЦӘА БАДРАК ԤЛИЕИ КАН КӘАРҶИЕИ АҲӘАА АДЕЛИМИТАЦИА АЗЫ АКОМИССИА АИЛАЗААРА ИАЛАГАЛОУП.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара амшынтә ҵакырақәа аҳәаа абжьазаареи аҳәынҭқарратә ҳәаа аделимитациеи рзы Акомиссиа аилазаара аиҭакрақәа ралагалара азы» Ақәҵара инапы аҵаиҩит.
Акомиссиа аилазаара иалагалоуп Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа ҩыџьа: – Бадрак Ԥлиеи Кан Кәарҷиеи.
АТӘАНЧАҨРАТӘ ФОНД ԤХЫНҶКӘЫНМЗАЗЫ АТӘАНЧАХӘҚӘЕИ АԤАРАТӘ ЦХЫРААГӠАТӘҚӘЕИ РФИНАНСТӘРА ХНАРКӘШЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынкәынмза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 26, 2022 шықәса рзы Атәанчаҩратә фонд шықәсык азы акатегориақәа зегьы ирыҵанакуа атәанчаҩцәеи аԥаратә цхыраагӡатәқәа зауа ауааԥсыреи ашәатәқәа зегьы ршәара афинанстәра хнаркәшеит.
Атәачахәқәа, аԥаратә цхыраагӡатәқәа, ԥхынҷкәынмзазы ацҵақәа реицҵалыҵ 104 млн 994 нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡеит.
Атәынчаҩратә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, 2022 шықәса, ԥхынҷкәынмза 27 аҟынӡа атәачахәқәа, аԥаратә цхыраагӡатәқәа, ацҵақәа ршәара азы иазоужьхеит 1 млрд 279 млн 076,5 нызықь мааҭ, уи иҳаҩсыз ашықәс азы иҟаз аасҭа 76 млн 961,1 нызықь мааҭ рыла еиҳауп. 2021 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу амҭахәҭа азы ишәан 1 млрд 202 млн 115,4 нызықь мааҭ.
«Ԥхынҷкәынмза 27, 2022 шықәса азы Атәанчаҩратә фонд ахь иалалаз абгаԥсатә лагалақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 1 млрд 145 млн 312 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи 2021 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 148 млн 510 нызықь мааҭ рыла еиҳахеит. Ареспубликатә биуџьеҭ аҟынтәи адотациақәа 140 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит», - ҳәа иҳәеит Денис Гәылариа.