pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынгәымза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Арӡынба имҩа ахәҭак аҿы ажраҭырҭәааратә усурақәа мҩаԥысуеит.

Аҟәа  ақалақь  Ахадара Анхара-комуналтә Нхамҩа адепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аҳҭнықалақь  Ахадара ареспубликатә трасса ахәҭак аиҭашьақәыргылара ахахьы иагеит.

Аҳәынҭқарратә Еилакы «Аԥснымҩа» Лакоба имҩаҿы ҿыц акаҭран ақәҵара анымҩаԥнага ашьҭахь, аҳҭнықалақь Ахадара егьырҭ ареспубликатә мҩақәа рҿы ажраҭырҭәааратә усурақәа рымҩаԥгара ахахьы иагеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 21, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс. Гагра ааигәа, ԥхынгәымза 8 -  9 рзы иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ашьҭахь иҟоу аҭагылазаашьа атәы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо еиҭалҳеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынба.

Хана Гәынба лажәақәа рыла, зегьы раасҭа ааха роуит Лӡааи Алаҳаӡи ақыҭақәа.

«Асасааирҭатә комплексқәа рҿы аӡы зҵалаз актәи аихагылақәа аусура иалагахьеит.  Атуристтә обектқәа зегьы абжьааԥнытәи арежим ала аус руеит», – ҳәа илҳәеит лара.

Хана Гәынба Гагра араион Ахадара иалшо зегьы ҟанаҵон, иагьыҟанаҵоит аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа рықәгара азы ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.  Гагра ақалақь асасцәа аднакылоит, ақьафурҭақәеи акрыфарҭақәеи акаҳуажәырҭақәеи, иара убас апансионатқәеи аус руеит.

Хана Гәынба лажәақәа рыла, Гагра араион Ахадара аҟны иаԥҵаз, араион ахада Иури Ҳагәышь напхгара зиҭо аоперативтә штаби аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа рықәгаразы акомиссиеи изныкымкәа аилатәарақәа мҩаԥнагеахьеит  азарал амҽхак аилкаарагьы хыркәшахеит.  

Аҟәа. Ԥхынгәымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа   В.А. Ҵәыџьба «Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа иаԥшьгарала Очамчыра араион аҟынтәи Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Алмас Акаба, Венори Бебиа, Вахтанг Голанӡиеи Баҭал Џьопуеи реиԥылара мҩаԥысит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны ауааԥсыра Аԥсны иахьаҵанакуа аус зуа урыстәылатәи ателехәаԥшратә каналқәа лассы-лассы реиԥҟьара азы агәынамӡара аадырԥшуа иалагеит.  Убри инамаданы Аимадареи амассатә коммуникациақәеи ацифратә ҿиареи рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҵыхәтәантәи аамҭазы иаабо урыстәылатәи ателехәаԥшратә каналқәа русура аҿы аиԥҟьарақәа анҭыҵтәи аҟазшьа амоуп ҳәа аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аспутникатә системақәа  рҟынтәи апрограммақәа иҭышәынтәалоу рыларҵәара аганахьала ицәырҵуа иалагаз апроблемақәа Аԥсны анҭыҵ иҟоу асигнал аазышьҭуа ашьақәгылагақәа ирыдҳәалоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза   23 – Аԥсны Аҳәынҭқарратә Бираҟ Амш аҽны имҩаԥысрны иҟоуп IV Ареспубликатә жәлар рнаплакыреи рнапҟазареи афестиваль.

Ацәыргақәҵатә хәаахәҭра мҩаԥыслоит асааҭ 11:00 инаркны  асааҭ 19:00 рҟынӡа абри аҭыӡҭыԥ ала: ақ. Аҟәа.Пушкин имҩа, аҩ.№7, И.Е.Кортуа ихьӡ зху Аԥсны жәлар рҟазара Ареспубликатә Центр  аҿы.

Афестиваль аԥҵаҩи аиҿкааҩи –  И. Е. Кортуа ихьӡ зху Аԥсны жәлар рҟазара Ареспубликатә Центр ауп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарӷәӷәаз асиа ала еиуеиԥшым азкызаара змоу аобиектқәа рҿы 2023 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу аргылара-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа иалацәажәеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрбеи Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥсныргылара» анапхгаҩы Руслан Тәанбеи русуратә еиԥылара аҿы.  

Иарбоу аобиектқәа рыргылара, реиҭашьақәыргылара, аеспубликатә биуџьет ахатәы ԥаратә хархәагақәа рыла имҩаԥысуеит. Урҭ реицҵалыҵ  270 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Шьаҭанкыла аргыларазы Аусбарҭеи Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥсныргылареи» аҟынтәи иҳауз адыррақәа рыла, аамҭа кьаҿ иалагӡаны аргылаҩцәа ареспублика арегионқәа зегьы рҿы аусурақәа рымҩаԥгара иалагоит.

Аҟәа ақалақь абжьаратәи ашкол №7 аҿы аспорттә зал шьаҭанкыла аиҭаҳьақәыргылара, Март  4, Лашәриа амҩадуқәеи Чехова Кәыҵниа амҩадуқәеи  рҿы, иара убас Кәыдрытәи амҩадууи рҿы акаҭран ҿыц ашьҭаҵара иазԥхьагәаҭоуп. Иарбоу аусурақәа рфинанстәра азеиԥш шәагаа –   22 млн. 300 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Гагра араион (ақ. Пицунда) ахәыҷбаҳча «Алашара» аҿы, иара убас Ахьӡ-Аԥша апарк иахьаҵанакуа ахәыҷтәы плошьадкақәа рыргылара иалагоит. Уи иақәхарџьхо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 2 млн. 400 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит; Бзыԥҭа аҳаблаҿы иҟоу афымцаеихшарҭатә цәаҳәақәа реиҭашьақәыргылара (5 млн. мааҭ.); Чагрыԥшь ақыҭан аӡымҩангага шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара (1 млн 274 тыс. руб.); Гагра ақалақь аҿы Лакоба имҩеи Аҟәатәи ашоссе рзы ҿыц акаҭран ақәҵара (8 млн. мааҭ).

Гал ақалақь аҿы абжьаратәи ашолқәа №№ 1 ,2  рҿы аиҭашьақыргыларатә усурақәа мҩаԥгахоит. Урҭ ирықәхарџьхо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 8 млн. 664 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан атранформатортә станциеиҵақәа №201, 214 рҿы амыфцаеибыҭаратә усурақәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп. Урҭ ирықәхарџьхо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 6 млн. 124 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит; Ақыҭақәа Аацы, Ҟәланырхәа, Оҭҳара, Хәаԥ рҿы астадион маҷқәа ргылахоит. Урҭ ирықәхарџьхо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 21 млн. 995 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит; Гәдоуҭатәи абжьаратәи ашкол №5 аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгахоит. Урҭ ирықәхарџьхо аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 1 млн. 800  нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Зыкапан дуу анаркотикатә маҭәашьар изакәанымкәа аахәара, аҵәахра, аиагара, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра ахь алагалара азы дыгәҩароуп 1982 шықәсазы ииз, Гәдоуҭа араион Аҷандара ақыҭан инхо Чамагәуа Русҭам Станислав-иԥа.

Иаанкылаз ахаҵа игәаҭараан идырбалеит ишкәакәоу аххыраԥшра змоу амаҭәашьар, уи анаҩс аекспертцәа иангәарҭа ашьҭахь «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотикатә маҭәашьар шьакәыз шьақәыргылан. Русҭам Чамагәуа иара изакәанымкәа Урыстәыла иааихәеит, анаҩс Агәаҭара-аужьҭратә Ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» ала аҳәаа иахганы  Аԥсныҟа иааигеит. 

Аҟәа. Ԥхынгәымза 21, 2023 шықәса. Аԥсныперсс. Аҵара Аминистрра ахь Аҟәатәи ашколқәак рҿы изакәанымкәа аттеастатқәа рыбланкқәа рзы аԥарақәа реизгара мҩаԥысуеит ҳәа азашшрақәа нашьҭын.  

Убри инамаданы, Аԥсны аҵара Аминистрра аттестатқәа рыбланкқәа хәыда-ԥсада ирыҭахоит, уи иазкны ареспублика иахьаҵанакуа изеиԥшразаалак  аԥара аизгара азы азин ыҟаӡам, ҳәа адырра ҟанаҵоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 21, 2023 шықәса. Аԥсныперсс.  Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа  Амилаҭтә ҭҵааратә университет «Иреиҳаӡоу аекономика ашкол» ахаҭарнацәа-ацҳаражәҳәаҩцәа Глеб Аџьбеи Мирон Бараҭелиеи идикылеит.

Аҵара Аминистрра апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара аҿы ирылацәажәеит абарҭ азҵаарақәа:  

Аԥсны аҵара Аминистрреи  Амилаҭтә ҭҵааратә университет «Иреиҳаӡоу аекономика ашколи» аусеицура рыбжьаҵара;

Амилаҭтә ҭҵааратә университет «Иреиҳаӡоу аекономика ашкол» «Аԥснытәи аклуб» ала  ареспублика ашколхәыҷқәа рзы азанааҭтә ҽҳәаақәҵара иазку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара;

Амилаҭтә ҭҵааратә университет «Иреиҳаӡоу аекономика ашкол» арҵаҩцәа рыла аԥснытәи арҵаҩцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра иазку апрограммақәа рымҩаԥгара;

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.