АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Абҵара.2023

Сарида Лакәатаа – ашахматтә композициақәа рыӡбаразы Аладатәи Афедералтә Округ Аԥхьахәгара аҿы аџьазтә аԥхьахә агара лҽаԥсалтәит.

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Сарида Лакәатаа ашахматтә композициақәа рыӡбаразы Аладатәи Афедералтә Округ Аԥхьахәгара аҿы аџьазтә аԥхьахә агара лҽаԥсалтәит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Краснодартәи атәылаҿацә азы иқәгыло Аҟәатәи ашахматистка 17 шықәса зхымҵыц аҭыԥҳацәа рыбжьара  ахԥатәи аҭыԥ аанылкылеит, уи  1-тәи аспорттә разриад анорма налыгӡеит.

Аԥхьахәгара  мҩаԥысуан абҵарамза 3 – 4 рзы Краснодартәи атәылаҿацә апарк-отель  «Џььубга» аҿы. Атурнир рхы аладырхәит Алада Урыстәылатәи Округ арегионқәа зегьы рҟынтәи 144-ҩык аспортсменцәа.    

 


Read 191 times - Ашәахьа, 06 Абҵара 2023 14:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.