АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Абҵара.2023

Аԥснытәи ателехәаԥшра 45-шықәса ахыҵит!

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпрессс.  Аԥснытәи ателехәаԥшара иахыҵит 45-шықәса. Аԥсуа телехәаԥшра егьырҭ ателехәаԥшратә каналқәа шцәырҵхьоугьы, иахьа уажәраанӡа азеиԥшмилаҭтә телехәаԥшраны иҟоуп, ҳтәыла ахи-аҵыхәеи зегьынџьара инаӡоит.

Ашьыжь аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы ицәырҵуеит асааҭ 08:00 рзы. Ҽынлатәи адырраҭарақәа рзеиԥш ҭагӡара 14 сааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра аҿы аус зуа рхыԥхьаӡара 160 - ҩык рҟынӡа инаӡот.  

Иахьа акьыԥхьтәи аелектронтәи амассатә информациа ахархәагақәа, иара убас аинтернет ресурсқәеи хыԥхьаӡара рацәала ианыҟоу аамҭазы, Ааԥнытәи ателехәаԥшра ареспублика аҿы зегьы реиҳа идуу ахәаԥшцәа раудиториа амоуп. Ажәабжь ҿыцқәа рдырраҭара «Амшеикәшара» акыр шықәса раԥхьа еиԥш уажәгьы аполитикатә, аекономикатә, асоциалтә, акультуратә информациа ахыҵхырҭа хаданы иҟоуп ареспублика  ауааԥсыра рзы. Амш иалагӡаны аефир ахь ицәырҵуеит аԥсышәалеи урыс бызшәалеи ԥшь-блок рҟынӡа ажәабжь ҿыцқәа.

Ҳазҭоу аамҭазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра аструктура иалоуп ауаажәларра-политиатә, аинформациатә программақәа, атематикатә редакциа, ашьыжьтәи адырраҭара «Шьыжьбзиа Аԥсынтәыла» аредакциа, Аԥсны арадиои атехникатә маҵзуреи.

Атематикатә редакциа аҿы иҟоуп  25 автортә ателехәаԥшратә проектқәа. Апрограммақәа зегьы ахатәы хықәкытә аудиториа, ахронометраж, аефир ахь ацәырҵра апериодра  амоуп.

Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра напхгара арҭон Миџьид Хәарҵкьиа, Шамиль Ԥлиа, Владимир Занҭариа, Гәырам Амкәаб, Руслан Ҳашыг, Алхас Ҷолокуа, Емма Хоџьаа, Леонид Еныкь, Ҭали Џьопуа, Роланд Бганба, Оҭар Лакрба. Ԥхынгәымза 1, 2020 шықәса инаркны Ареспубликатә ҳәынҭқарратә убарҭа «Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра» анапхгаҩы хадас дыҟоуп Ирина Агрба.  

Иахьа, асааҭ 17:00 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра иазкны имҩаԥысуеит аныҳәатә еизареи аконцерти.

Аинформациатә Агентра «Аԥсныпресс» аколлектив рколлегацәа Аԥснытәи ателехәаԥшра аиубилеи –  45-шықәса ахыҵра рыдырныҳәалоит!

Аԥснытәи ателехәаԥшра аԥҵара аҭоурых аҟынтәи

Аԥсуа телехәаԥшра аԥҵара аҭоурых ахы акуеит 1977-1978 шықәса рзы Аԥсны имҩаԥысуаз ахҭысқәа рхаан. Усҟан атәылаҟны имҩаԥысуан аполитикатә хҭысқәа. Еицырдыруаз аԥсуа уаажәларратә усзуҩцәа гәыԥҩык атәыла анапхгарахь ашәҟәы рҩит Қырҭтәыла анапхгара имҩаԥырго аԥсуа жәлар ақырҭуа етнокультура алаӡҩара хықәкыс измаз аполитика ишаҿагыло атәы арбаны. Қырҭтәыла Ацентр Комитет Акоммунисттә партиа адҵала апартиа аобком Апленум ашәҟәаҿы иарбаз афактқәа ирықәшаҳаҭымхеит, авторцәа ракәзар, ирықәыӡбеит. Автономтә Республика ашьагәыҭ уааԥсыра апленум аӡбамҭа ажәлар рзинқәа ирыӷрагылеит, амилаҭтә хақәиҭра азықәԥареи ахьыԥшымреи рымҩа ԥнакит ҳәа азырыԥхьаӡеит. Аԥсны аҭыԥ ылырхуа иалагеит амитингқәеи адемонстрациақәеи. Усҟантәи ашықәсқәа рзы иҟаз аполитикатә ԥышәа инақәыршәаны, аиҳабыра иџьбараз ауаажәларратә цәырҵрақәа рыбжьы ақәмыргакәа, амилаҭқәа рыбжьара иҟаз аиҿагыларақәа аиҿкааратәи аекономикатәи зҵаарақәа рхы иархәаны рҭышәныртәалара рҽазыршәон.

Атәылаҿы аҭыԥ змаз массала ақәгыларақәа еиҵахо иалагеит Асовет Еидгыла Акоммунисттә Партиа Ацентркомитет (ЦК КПСС), Асоветтә Социалтә Республикақәа Реидгыла Аминистрцәа Реилазаара, ВЦСПС "Аԥснытәи АССР акультуреи аекономикеи аԥхьаҟатәи рыҿиара иазку ауснагӡатәқәа рзы" Ақәҵара анрыдыркыла анаҩс, ара ателехәаԥшразгьы иаҳәон абас:

«Ателехәаԥшреи арадиои рзы Асоветтә Социалтә Республикақәа Реидгыла Аминистрцәа Реилазаара аҳәынҭқарратә комитет, Аимадаразы ахархәагақәа рзы Ааглыхра аминистрреи, Асоветтә Социалтә Республикақәа Реидгыла Аимадара аминистрреи ирыдҵоуп Аԥснытәи АССР аҟны ателехәаԥшратә дырраҭарақәа реиҿкаара алыршара, уи азы: хымз ирылагӡаны иазалхзарц еиҭаҵуа ателехәаԥшратә станциа, иара убас иахәҭоу амыругақәеи аппаратуреи ателехәаԥшратә дырраҭарақәа рымҩаԥгаразы аамҭатә схема инақәыршәаны, 1978 шықәса рзы астационартә телехәаԥшратә станциазы ирыҭазааит амыругақәеи аппаратуреи» ҳәа.

Абри Ақәҵара ала ихацыркын Аԥсуа телехәаԥшра аҭоурых, абас иагханы аусурагьы иалагеит ахәаԥшыҩцәа рхатәы бызшәала рацәажәара.

Аԥсуа телехәаԥшра раԥхьатәи адырраҭара аефир ахь иҭыҵит 1978 шықәса, абҵарамза 6 рзы. Асааҭ 19:00 рзы ателехәаԥшра аекран аҟны ицәырҵит ареспублика аҳҭнықалақь асахьа. "Убри аҽны Аҟәа, Лыхны, Ешыра, Кәтол, Тҟәарчал, Бзыԥ, Гагра, Пицунда, Аԥсны ахы-аҵыхәа зегьынџьара аекран аҟынтә раԥхьаӡакәны еицырдыруа жәлар рашәақәа рылаҩит, анаҩс урҭ адырраҭарақәа ирдырганы иҟалеит, убасҟан ателехәаԥшцәа аԥсышәалагьы ирацәажәеит абарҭ ажәақәа рыла: «Хәлыбзиақәа, акыр иаԥсоу Аԥсуа телехәаԥшцәа!». Уи ауха сааҭбжак ицоз апрограмма хыркәшан аконцерт ала, иалахәын ареспублика ашәаҳәарратә коллективқәа.

Аԥсуа телехәаԥшра аиреи ашьақәгылареи рыҟны еиуеиԥшым аамҭақәа алукаар ҟалоит.

Раԥхьатәи аамҭа - аиҿкааратә. 1978 шықәса рашәармза инаркны 1978 шықәса, абҵарамза 6 нӡа - аицлабратә ҟазшьала арҿиаратәи анџьныр-техникатә еилазаареи алхразы аҽазыҟаҵара, уи мҩаԥысит 1978 шықәса ԥхынгәымза 7 рзы, иара убас раԥхьатәи адырраҭара аус адулара. Убри аамҭазы имҩаԥысуан ателехәаԥшреи, арадиои, акьыԥхьи русура еиқәыршәаны аиҿкаара, Амассатә информациатә хархәагақәа рсистема ашьақәыргылара, ателехәаԥшрагьы уи иалаҵаны.

Аҩбатәи ахәҭа – 1978 шықәса анҵәамҭа инаркны мшаԥымза 1985 шықәсанӡа ицон амчра змаз, анырра ҟазҵоз амассатә информациа ахархәагақәа раҳасабала аԥсуа тележурналистика ашьақәгылара апроцесс. Иарбаз аамҭазы ателехәаԥшра хықәкыс иаман ауаажәларратә процессқәа рырҿыхара, агәҭакқәа инарықәыршәаны рышьақәыргылара.

Ахԥатәи ахәҭа алагамҭа 1985 шықәса азбжа иақәшәеит. Уи аиҿкааратәи апрограмматәи усурақәа рырҿыцра апроцесс иазкын, иара убас ателехәаԥшцәеи иареи реимадара арӷәӷәаразы аформа ҿыцқәеи аметодқәеи рыԥшаара.

Анаҩс, 1989 шықәса инаркны Аԥсны амилаҭтәи аполитикатәи ҟазшьақәа змаз аидысларақәа мҩаԥысуа ианалага, ателепублицистика ахаҭабзиара аҽаԥсахит. Иҟаз ацәырҵра ҿыцқәа, аҭагылазаашьақәа аԥхьа ашьҭра аҽазнашәо иалагеит. Ауаажәларра ихадароу апроблемақәа ирызхьарԥшуа, иҟаз афактқәа рхархәарала ишьақәгылаз аҭагылазаашьа инақәыршәаны оперативла ауаажәларра ргәаанагара ашьақәгылареи еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рыҟны иақәнагоу азыӡбақәа рыдкылареи иацхраауеит. Ари аиҭакрақәа анымҩаԥысуаз аамҭазы, ахҳәааҟаҵаҩ, арепортиор ихаҭара аԥхьагылара анамаз, рхатә гәаанагара ахьырҳәоз машәырла иҟалаз акы акәӡам. Ас еиԥш иҟаз адырраҭарақәа цәырҵуан аефир аамҭаа амҽхак ахьыҭбаахаз иабзоураны. Иара убас уи аҽаԥсахуан, тематикалеи жанрлеи еиуеиԥшымызт, актуалра аман, аласра ацын. Адиктор дзыԥхьоз ажәабжьқәа акиносиужетқәа рыла ихаҭәаан (азгәаҭа, аҳасабырба, арепортаж), афотоинформациа, ақәгыларақәа, аиҿцәажәара, ахҳәааҟаҵара. Ателехәаԥшра аҽазнашәон авидеоматериалқәа рацәаны реидкылара, уи еснагь изалмыршахозаргьы иахәҭаз атехникатә еиқәыршәара ахьыҟамыз иахҟьаны.

Абас, маҷ-маҷ аинформациатә ҭыжьымҭа ашьақәгылашьа аҽеиҿнакаауан, уи аҩныҵҟа иҟан:

атәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара иазкыз ажәабжьқәа;

аекономика ажәабжьқәа;

аҳәаанырцә имҩаԥысуаз ахҭысқәа ирызкны аинформациатә маҵзурақәа иаарышьҭуаз ажәабжьқәа ҿырҳәалатәи ахҳәаа ацҵаны;

акультура ажәабжьқәа;

аспорттә жәабжьқәа;

аҳауа зеиԥшрахо.

Аԥсуа телехәаԥшра аԥышәа ианыԥшуеит аоперативтә информациа аусхк аҟны егьырҭ, ареспублика амассатә информациа ахархәагақәа аџьабаа шрыцеиҩнашо, ажурналистика азеиԥш система аҳәаақәа ирҭагӡаны акьыԥхьи арадиои рааигәа иҟоуп, еснагь еицуп.

80-тәи ашықәсқәа рзы аԥсуа студиа аҳәаанырцәтәи ателарадиоеилахәырақәеи иареи арҿиаратә еимадара рыбжьанаҵоит. Атәыла аԥсҭазаара аусуратә ныҟәаразы арахь иаауаз аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа рыла иӡыргазтгьы, 1982 шықәса мшаԥымзазы раԥхьаӡа акәны еиҿкаан азеиԥштә дырраҭара - ателецҳа «Лыхны-Токио» агеронтологиа апроблема иазкны. Уи дырбан ателееилахәыра «Асахи» «Иапониатәи ажәабжь дуқәа» рыҟны. 1986 шықәса рзы аҭыхратә гәыԥ атәыла аделегациа аилазаараҟны иҟан Германиатәи Адемократиатә Республика (ГДР) «Аԥсны акультура амшқәа» аназгәарҭоз.

Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ақәҵарала 1991 шықәса цәыббрамза 10 рзы Аԥснытәи АССР ателехәаԥшреи арадиои рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахьӡ ԥсахын Аԥснытәи аҳынҭқарратә телерадиоеилахәыра ҳәа.

Аԥснытәи ателерадиоеилахәыра аусзуҩцәа 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аан хацәнымырха аус руан. Усҟан Аԥсуа телехәаԥшра аколлектив аоккупациа зызуз аҳҭнықалақь ихымԥадатәиу аиқәыршәагақәа  ралгареи Гәдоуҭантәи  адырраҭаратә усура аиҿкаареи  рылшеит. Ателехәаԥшреи арадиои рҿы ажәабжь ҿыцқәа роушьҭра аҵак дуӡӡа аман, избан акәзар урҭ атәыла ауааԥсыра рӷьырак рзы афронти атыли рҿы иҟаз аҭагылазаашьа азы адыррақәа раиура ахыҵхырҭа заҵәны иҟан. Афронт аҟынтәи иҟаҵаз арепортажқәа Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵара адагьы, дара ажурналистцәа рхаҭақәагьы хацәнымырха рзанааҭтә уалԥшьа анагӡара аанарԥшуан. Аԥсуа телехәаԥшра адырраҭарақәа иуадаҩӡаз аамҭа азы ҳауаажәлар ргәы шьҭырхуан, 1992-1993 шш. рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсуа телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа русураҟны иаадырԥшыз агәымшәареи ахачҳареи ирыбзоураны, иахьа иҳамоуп ишьаарҵәыраз урҭ ахҭысқәа рыхроника, адунеитә уаажәларра иадырит ақырҭуа националистцәа ргыгшәыгра атәы зҳәо аҵабырг.

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан Аԥснытәи ателехәаԥшра аусзуҩцәа аӡәырҩы атыл аҿы аанкылара мап ацәкны афронт ахь ицеит.

Иҟоуп иҭахазгьы - Валери Ажьиба, Автандил Гәарамиа, Аслан Камкиа, Џьамбул Џьопуа, Лаврент Бранӡиа. Изанааҭтә уалԥшьа анагӡараан, Гагра ақалақь ахақәиҭтәраан аснаипер ихы дагеит аоператор Анӡор Кәарҷелия, уи иашьҭахь иара икамера ала аус иуан Асҭамыр Саӡба. Аибашьра аан иуадаҩыз аҭагылазаашьақәа рҿы аусура Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩцәа ргәабзиара ианымԥшыр залымшеит. Аибашьра ашьҭахь рыԥсҭазаара иалҵит Анатоли Шьониа, Амиран Гамгиа, Ахра Акаба, Гарри Дбар.

2003 шықәса рзы,  Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра аԥҵара 25- шықәса ахыҵра инамаданы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра Аԥсны Аҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылареи Аԥсны жәлар рмилаҭтә интересқәа рыхьчара аус аҟны алагаламҭа ду азы «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара анашьан.  

 

 

 


Read 216 times - Ашәахьа, 06 Абҵара 2023 16:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.