АЖӘАБЖЬҚӘА

06.Абҵара.2023

Лаша Ашәба Аԥснытәи ателехәаԥшра Адиректор хада И. Шь. Агрбеи аколлективи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра 45 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Абҵарамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаша Ашәба Аԥснытәи ателехәаԥшра Адиректор хада И. Шь. Агрбеи аколлективи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра 45 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

 

Ҳаҭыр зқәу Ирина Шьоҭа-иԥҳа!

Ҳаҭыр зқәу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥснытәи ателехәаԥшра 45 шықәса ахыҵра!

1978 шықәса абҵарамза 6 рзы Аԥснытәи ателехәаԥшра раԥхьаӡакәны аҳәынҭқарратә бызшәала аефир ахь ацәырҵра аԥсуа жәлар рзы ҭоурыхтә хҭысны иҟалеит.

Ҳтелехәаԥшра ашьақәгылара уадаҩны имҩаԥсыуан, аха шәара шәколлектив ари аԥышәара қәҿиарала иахысит.

Аԥснытәи ателехәаԥшра аԥызҵаз иазгәарҭаз ахықәкқәа рықәныҟәарала шәара ҳҳәынҭқарра уасхырс иазышьҭалаз астратегиамҩа шәанылеит аҳәынҭқарреи ажәлар зегьи рпозициа аарԥшуа. Иахьа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит амилаҭтә телехәаԥшра аԥҵара ахыҵхырҭаҟны игылаз, ААТЕ аветеранцәа зегьы. 

Арҭ ашықәсқәа зегьы ареспубликаҟны имҩаԥысуа ауаажәларратәии аполитикатәии хҭысқәа инарываргыланы, имҩаԥыжәго апрограммақәеи ателепроектқәеи рыла асоциал-економикатәи агуманитартәи хырхарҭақәа маҷымкәа раарԥшра шәылшеит.

1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ателехәаԥшра аинформациатә еибашьра иалахәын. Шәколлегацәа аӡәырҩы абџьар кны аӷа иҿагылан. Хашҭра рықәым аԥсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз!

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшра есқьынгьы ҳажәлар еидызкылоз, ҳтәыла иазку аинформациа ахыҵхырҭа хадақәа ируакны иҟан.

Иахьа шәусураҟны ҳаамҭазтәи атехникатә мыругақәа аларҵәо, ганрацәала шәылшарақәа рырӷәӷәара, жәларбжьаратәи аусеицура арҿиара шәаҿуп аҳәынҭқарра аҭахрақәа ԥыжәара рыҭаны. Ҳара агәра ҳгоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аԥхьаҟагьы иахьатәи аинформациатә технологиақәа хархәара рыҭо аҿиара, аизҳара шымҩаԥысло.

Ишәзеиӷьаҳшьоит арҿиаратә хықәк ҿыцқәа, ақәҿиарақәа шәнапы злашәкуа аусқәа рыҟны!


Read 176 times - Ашәахьа, 06 Абҵара 2023 16:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.