АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Абҵара.2023

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы УА Афедералтә Еизара апалатақәа рхантәаҩцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ацҳаражәҳәаҩи Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Абҵарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсыпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Жәлар ракзаара амш аламҭалазы Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша адныҳәаларақәа ишьҭит УА Афедералтә Еизара апалатақәа рхантәаҩцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ацҳаражәҳәаҩи рыхьӡала.

УА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко ихы лықәкны Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша, ҷыдала, иҳәеит:

«Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иԥҳа! Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала Шәаргьы шәколлегацәа - УА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак алахәцәагьы ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа ду -   Жәлар ракзаара амш!

Урыстәыла ажәларқәа ракзаара урыстәылатәи аҳәынҭқарра ашьақәгылара аҭоурых иадҳәалоуп. Урыстәыла ажәларқәа рлахьынҵа иара иалахьынҵаны иҟалеит. Иахьа урыстәылатәи ажәлар рҿаԥхьа иқәгылоуп ҳаамҭазтәи ашәарҭара дуқәа.

Урыстәылатәи аҳәынҭқарра иазеиӷьаҳшьоит ахирра, аҭынчра, агәабзиара, аихьӡарақәа уи иқәынхо атәылауаа зегьы хаҭа-хаҭала».

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы  Ашәба Лаша УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин ихьӡала  иишьҭыз адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Урыстәылатәи аҳәынҭқарра иахьа хада злоу амилаҭзеиԥштә уснагӡатқәа рыӡбара иаҿуп, амилаҭбжьаратәи аконфессиабжьаратәи ауаажәларратә еизыҟазаашьақәа рыдгылареи реиӷьтәра аҵак ду рыҭаны. Урыстәыла ажәлар ракзаара иабзоураны аҳәынҭқаррақәа акра ԥгара амаӡам, аихьӡарақәеи аиааирақәеи замоугьы уи ауп.

Ҳаҭыр зқәу Виачеслав Виктор-иԥа! Шәаргьы, Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәагьы, Урыстәыла ажәларқәа зегьы ирзеиӷьаҳшьоит аихьӡарақәа ирҿыцу Урыстәыла аргылараҟны».

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа рыхьӡала Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша адныҳәалара ишьҭит иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин ихьӡала: «Ҳара агәра ҳгоит урыстәылатәи ажәлар ракзаара иабзоураны иҟоу ауадаҩрақәа зегьы ириааины ҿыц иқәнаргыло ахықәкқәа рынагӡара шалшо».

Ашәба Лаша Михаил Шургалини Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу УА Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа зегьы ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, агәамч Урыстәыла аизҳазыӷьара иазкны имҩаԥырго аусураҟны. 

 


Read 152 times - Ашәахьа, 06 Абҵара 2023 16:32
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.