АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Жьҭаара.2023

130 грамм инареиҳаны иџьбароу анаркотикатә маҭәашьар идырбалеит Санкт-Петербург ақалақь аҿы инхо ахаҵа.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшра аҭара азы Аусбарҭа аусзуҩцәа анаркотиатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәареи рыҵәахреи рыиагареи рыҭиреи рганахьала игәҩарахаз Алексеев Алеқсеи Андреи-иԥа дааныркылеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Алеқсеи Андреи-иԥа хаҭала игәаҭара аан ицыз арҭмаҟ аҿы ирбеит иагьимырхит ишкәакәу  аххыраԥшра змоу анаркотиатә маҭәашьар згәылаз аполиетилен иалху аилаҳәара, иара убас имаӡоу аҭаҵәахқәа ахьыҟоу аҭыԥқәа ргеолокациа зну амобилтә ҭел.  

Алеқсеи Алексеев иҩны иҵәахын аилаҳәагақәа –аиҟәыҭхага цахеи аелектронтә капангеи.  Ишеилкаахаз ала, Алеқсеи Алесеев Аԥсныҟа дааит анаркотикқәа рыларҵәара хықәыс иҟаҵаны, уи зыҟаҵара дахьӡаз имаӡоу аҭаҵәахқәа рҭыԥқәа рырбарагьы дазхиоп.

Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшра аҭара аусбарҭа аусзуҩцәа  ашаҳаҭцәа рыцны, иара Алеқсеи Алексеев ихаҭагьы далархәны, амҩаду хада «Ԥсоу-Егры» иацәыхарамкәа ирыԥшааит анаркотикатә маҭәашьар згәылаҳәаз ишкәакәоу аилаҳәара.  

Иара убас, ахархәаразы ирхиаз, аха изызкыз рҟынӡа инамӡацыз аиԥш-зеиԥшу анаркотикатә маҭәашьар згәылаз аилаҳәарақәа ҩба Аҟәа ақалақь, Ҷанба имҩала ирыԥшааит.

Ирыԥшааз зегьы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара ахылаԥшра аҭара аусбарҭа аусзуҩцәа анаҩс   аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу Аексперт-криминалистикатә Центр ахь идәықәырҵеит. Араҟа ишышьақәыргылаз ала, уи ззеиԥш капан  131,577 грамм рҟынӡа инаӡо  «метадон» ҳәа изышьҭоу анаркотиатә маҭәашьар ауп.

Аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаратә ҟәшеиҵа анаркотиатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәара, рыҵәахра, рыиагареи рыҭиреи рзы ашьауӷатә усеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡана аусҭҵаара мҩаԥнагоит.  

Аҟәа ақалақь Аӡбарҭа аӡбамҭа ала, Алеқсеи Алексеев ҩымз  аҭакрала ахьырхәра дақәыршәоуп. 


Read 126 times - Ахәаша, 03 Абҵара 2023 23:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.