АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Жьҭаара.2023

Алиса Гыцба иаԥшьылгаз II Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еицлабра иаиааиз рылаҳәоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Алиса Гыцба иаԥшьылгаз II Жәларбжьаратәи ашәаҳәаратә еицлабра иаиааиз аҳамҭақәа ранашьара иазку аныҳәатә церемониеи агала-концерти мҩаԥысит  аԥшьаша, жьҭаарамза  26 рзы Р.Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы.

Аԥсны Жәлар рартистка, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз аристка,  атеатр «Геликон-Опера» асолистка Алиса Гыцба аконкурс зҽалазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа ралҳәеит, иара убас аконкурстә лыԥшаара акыр иџьбаран ҳәа иазгәалҭеит. Аконурс алахәхаразы иалагалан 88 зыҳәамҭа. Аҩбатәи атур ахь инеит 64-ҩык анагӡаҩцәа, ахԥатәи атур аҟынӡа инаӡеит – 29-ҩык ахкынагӡаҩцәеи быжь-ансамбльки.  

Ашәаҳәаҩ иазгәалҭеит аицлабра ари аԥаратә ҳамҭа мацара акәымкәа, хадаратәла аԥышәеи аҟыбаҩ злоу аҿар ацхыраара рыҭареи шакәу изызку. «Ҳара уажәраанӡа шәҿаԥхьа иаркыз ашәқәа раартра аҿы иҳалшо ала ацхыраара шәаҳҭалоит», - ҳәа аконкурс иалахәыз артистцәа рахь лхы рханы илҳәеит лара.  

Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов ари апроект амузыкантцәа анаҩстәи русеицура азы хра злоу шьаҭаны иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит. «Амузыка иабзоураны ауаа еиҳа еиӷьны еилибакаауеит», – ҳәа иҳәеит иара.  

«Ансамбльқәа рҟазара» аноминациа аҿы Аиааира еицеиҩыршеит ҩ-гәыԥк Надежда Черемныхи Наталиа Белоколенко-Каргини, Алеқсандра Акишинеи Мариа Зеленини.

Аҩбатәи аҭыԥ - Иулиеи Ивани Покровскиаа.

Ахԥатәи аҭыԥ ааныркылеит Ольга Шишенко, Улиана Петрова, Мариеи Дисеславеи Бобринаа, Иулиа Архангельскаиа, Алеқсандр Куликов.

Аноминациа «Академиатә ахкы анагӡара» аноминациа аҿы актәи аҭыԥ ааникылеит - Владислав Бириуков. Артист иара убас иҷыдоу априз ианашьахеит -  атеатр «Геликон-Опера» асценаҿы ахкынагӡаратә концерт, аҩбатәи - Валериа Лобанова, Кристина Попова, Екатерина Шпильман, ахԥатәи аҭыԥ иаԥсахеит Аркади Демидов, Изабелла Мерман, Мариа Самусева, агран-при - аԥсуа шәаҳәаҩы Софиа Сақаниаԥҳа.

Аицлабра иаиааизи адиплом занаршьази ргала-концерт Давид Терзиан напхгара зиҭо Аԥсны Аҳәынҭқарратә камертә оркестри Нхыҵ Уаԥстәыла жәлар рартист Заурбек Гугкаев напхгара зиҭо Уаԥстәыла аҳҭнықалақь Владикавказ иҟоу Мариинсктәи атеатр афилиал Асимфониатә оркестри алахәны имҩаԥысит.

Аконкурс алахәхара аҟынтәи ироуз ацәаныррақәа ртәы Аԥсныпресс акорреспондент иҿцәажәо ирҳәеит «Ансамбльқәа рҟазара» аноминациа аҿы аиааира згаз Алеқсандра Акишинеи Мариа Зеленинеи. «Ҳара машәыршақәа ауп ари аконкурс атәы шҳаҳаз. Иаразнак уи ҳҽалаҳархәыргьы ҳҭаххеит.

Ҳара уажәада ахаангьы Аԥсныҟа ҳмааӡацызт, уи ҳара ҳзы даара аинтерес аҵан. Ҳара даара иџьаҳшьеит иагьаҳгәаԥхеит шәара шәфилармониеи шәмузыкатә ҵараиурҭеи. Аиашазы араҟа даара ауаа бзиақәа рацәаны иҟоуп. Даара ҳаигәырӷбоит Аԥсныҟа ҳаартә еиԥш алшара ахьҳауз. Убасҵәҟьа иазгәҳҭар ҳҭахуп аконкурс алахәылаца зегьы рзанааҭтә дырра аҩаӡара акыр ишыҳараку. Урҭ зегьы акыр имариам, игәылҭәаау  апрограмма рымоуп».     


Read 125 times - Ахәаша, 03 Абҵара 2023 22:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.