03.Абҵара.2023
Саид Зыхәба Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.
Аҟәа. Абҵарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟала Саид Зыхәба Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.
Аусԥҟа атекст аҿы, ахәҭакахьала иаҳәоит:
«Аподполковник Саид Валериан-иԥа Зыхәба Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵазааит».
Аусԥҟа анапаҵыҩра мҩаԥысит абҵарамза 3, 2023 шықәсазы.