Аҟәа. Абҵарамза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жьҭаарамза 30, 2023 шықәса рзы аоппозициатә политикатәи ауаажәларратәи аиҿкаарақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра анапхгара апансионат «Самшитовая роща» ареидертә мпыҵакразы аҽазышәаразы ахара рыдызҵо аҳәамҭа аладырҵәеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра апартиақәеи ауаажәларратә еидгыларақәеи Реидгыла аҭак аҳасабала аҳәамҭа ҟанаҵеит. Уаҟа иаҳәоит:
Раԥхьаӡа иргыланы, апансионат «ареидтә мпыҵакра» азы ахара адҵара агәыҩбареи агәынамӡареи ҳазцәырнагоит. Аҳәамҭа авторцәа адазҳәазҵам афакт аӡбахә рҳәаӡом. Апансионат «Самшитовая роща» аргылара аҿазҵази ахатәра азин змази Асоветтә Социалтә Республикақәа Реидгыла Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Акомитет акәын. 2023 шықәсазы аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы, иарбоу аобиект Аԥснытәи АССР аамҭахәҭа азы ахылаԥшратә адҳәалазараа инамаданы, Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Пицунда ақалақь аҿы иҟоу апансионат «Самшитовая роща» амазаратә комплекс Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аоперативтә напхгараҭара аҳасабала аҭара азы иҟанаҵаз аҳәара иадгылеит.
Убас ала, апансионат «Самшитовая роща» амазаратә комплекс, аҳәынҭқарратә мазараны ишыҟаз, хазы игоу ахаҿқәа, аолигархцәа, мамзаргьы егьырҭ ахԥатәи ахаҿқәа ракәымкәа, аоперативтә напхгараҭара аҳасабала Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура иазырхынҳәхеит. Апансионат «Самшитовая роща» уаанӡа еиԥш уажәгьы аҳәынҭқарратә мазараны ишыҟац иаанхоит, ари адазҳәаҵам фактуп», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны апартиақәеи ауаажәларратә еидгыларақәеи Реидгыла иаланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.
Иара азҵаара аҭоурых акәзар, рашәарамза 2, 1999 шықәсазы аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара №118 инақәыршәаны, аҳәынҭқарратә Еилазаара «Аԥсныкурорт» апансионат «Самшитовая роща» амазаратә комплекс ахатәы баланс аҟынтәи Аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы аҳәынҭқарратә Еилакы абаланс ахь иианагеит. Аҳәынҭмазара Аилак аҳәынҭқарратә наплакы «Самшитовая роща» аԥыхреи апансионат амазара Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Анаҟәаԥиа» 15-шықәса ҽҳәарас иаманы қьырала аҭареи рзы аҭакԥхықәра адҵан.
Убри аан хымԥада иазгәаҭатәуп, 1999 шықәсазы апансионат қьырала аҭара хыԥхьаӡара рацәала агхақәа ацны ишымҩаԥгаз. Арҭ аилагарақәа рыҭҵаара иазкын адепутатцәа Кецба В. И., Смыр В. А., Кецба Т. И. раԥшьгарала имҩаԥгаз апарламенттә комиссиа аусеилыргара. Апарламенттә комиссиа аусеилыргара алҵшәақәа ԥхынҷкәынмза 20, 1999 шықәсазы иҭыҵыз агазеҭ «Нужная» аномер аҿы икьыԥхьын. Имҩаԥгаз аусҭҵаара инақәыршәаны, акомиссиа рашәарамза 2, 1999 шықәсазы аминистрцәа Реилазаара иаднакылаз Ақәҵара аԥыхра ахәҭаны иаԥхьаӡеит. Аха апарламенттә комиссиа аӡбамҭа иахәҭоу азхьаԥшра амаӡамкәа иаанхеит.
Анаҩс, ԥхынгәымза 31, 2014 шықәсазы Аҳәынҭқарратә мазара анапхгараҭареи априватизациеи рзы аҳәынҭқарратә Еилаки ақьырагаҩыс иқәгылаз Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Анаҟәаԥиеи» ақьыра аҽҳәара цәыббраза 8, 2039 шықәсанӡа ацҵаразы иҿыцу аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Иазгәаҭатәуп уи шыҟалаз лаҵарамза 27, 2014 шықәсазы иҟалаз идыру ахҭысқәа рышьҭахь, иҟалар алшоит урҭ ирыхьҟьан иҟалазаргьы.
Иара убас агәынамӡареи агәыҩбареи узцәырнамгар залшом аҳәамҭа авторцәа ажьырныҳәамза 1, 2020 шықәса инаркны ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәсанӡа апансионат ашәахтә гәаҭарақәа раан иаарԥшыз ибааԥсу аилагарақәа ртәы иахьаламцәажәо. Аус злоу ашәахтәқәеи аизгақәеи ршәара аҽақәмыршәара, ахашәалахәқәа раармырԥшра, амазара азы ашәахтә армаҷреи ззеиԥш еицҵалыҵ 133 миллион мааҭ иреиҳау ашәахтәқәҵара иаҵанакуа ахашәалахәы аиҵатәреи. Иҟалар алшоит, ари аҩыза аус амырзара, иарбоу аилагарақәа аӡбарҭатә усбарҭақәа рҿы рҿагылара азы агәҭакқәа рыҟазаара иадҳәалазар. Убри акәзар ҟалап, асанатори ақьырагаҩцәа азинхьчаратә усбарҭақәа рыла афинанстә усшәҟәқәа анаҩстәи ргәаҭара амҩаԥгара изаҿагыло.
Азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа афинанстә ҳасаббара аусшәҟәқәа рахь рынамышьҭра, «Самшитовая роща» қьырала иаанызкыло Аԥсны жәлар ирцәырӡо ак шыҟоу аанагозар ҟалоит.
Хыхь иарбоу аҳәамҭа авторцәа иара убас аӡбахә рҳәаӡом – шықәсык азы 3 800 000 мааҭ рҟынӡа инаӡо асанатортә комплес азы акыр илаҟәу ақьыратә хәыԥса атәы. Иарбоу аобиект аҟазшьардыргеи аԥшьаҩцәа рхыԥхьаӡареи иҟоу амаҵзурақәа рыхәԥсеи шьаҭас иҟаҵаны уахәаԥшуазар, ари ахәԥса аҳәынҭқарратә мазара ахашәалахә ду алызхуа, аха убри аан уи аҳәынҭқарратә биуџьет алагалара зҭахым хазы игоу атәылауаа рзы аҳәынҭқарра аҟынтәи ҳамҭак аҳасабала ишьақәгылар ҟалоит. Иаагозар, хазхаҭалатәи ампыҵакҩы иҿы зҵакыра 500 м². рҟынӡа инаӡо аофистә хыбра ақьыратә хәыԥса шықәсык ахь 3 000 000 мааҭ рҟынӡа инаӡоит, апансионат «Самшитовая роща» акәзар, уи аҵакыра ҳасаб азуны, хазхаҭалатәи ахаҿқәа рыла аҳәынҭқарра аҟны қьырала иаанкылоуп 72 рыла еиҵоу ахәԥса ала!
Ус аринахыс изыҟалашам. Аԥсны апартиақәеи ауаажәларратә еидгыларақәеи Реидгыла Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа аӡә далхымкәа зегьы, ԥыхьатәии ҳазҭоу аамҭазтәи рылшамҭақәа ирыдҳәаламкәа, ианаамҭоу, инагӡаны ашәахтәқәеи аизгақәа ршәара рыхәҭоуп, ашахтәқәеи аизгақәеи ршәара ацәхьаҵреи ашәахтәқәа рыҵәахреи рзы азакәан ишьақәнаргыло аҭакԥхықәра рыдҵахоит. Дарбанызаалак аусдкылаҩ аҳәынҭқарратә мазара иаҵанакуа аобиект зхы иазырхәо, хазы иара изы иаԥҵоу азинҷыда инақәыршәаны ишьақәыргылоу ахәԥса ахархәарала уи ахашәалахә ду алхны ихатә џьыба аҭаҵара акәымкәа, уи актуалра злоу аџьармыкьатә хәыԥса ишәозароуп. Аҳәынҭқарра хазхаҭалатәи ахаҿқәа қьырала иаанкыланы ирымоу аҳәынҭқарратә обиектқәа зегьы рҟынтәи инагӡаны ахашәалахәы аиулароуп.
Апартиақәеи ауаажәларратә еидгыларақәеи Реидгыла зыӡбахә ҳамоу аҳәамҭа авторцәа иарбоу апроблема аполитикатә ҟазшьа аҭарала ауаажәларра ашәахтә гәаҭараан иаарԥшыз аилагарақәа аҟынтәи рхьарԥшра хықәыс ирыман ҳәа аҳәаҭа ҟарҵоит. Атәыла анапхгара аганахьала ухаҿы иааугар иҟоуи ҟалашьа змами аилагарақәа рзы ҵаҵӷәы змаӡам ахарадҵақәа, ауаажәларра рыхшыҩзышьҭра иаарԥшыз аилагарақәа реихшьаалақәа рыла асанатори афинанстә гәаҭара амҩаԥгара мап ацәызкуа, азинҷыдатә қьыраԥса акәымкәа, иахәҭоу ақьыратә хәыԥса аҳәынҭқарратә биуџьет ахь алагалара зҽацәхьазкуа ақьырагаҩцәа рҟынтәи даҽаџьара аиагара хықәкыс ирымоуп.
Апартиақәеи ауаажәларратә еидгыларақәеи Реидгыла ақәмақаррақәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи, иааизакны аҳәынҭқарреи «хазхаҭалатәи аҭакԥхықәра» азы аультиматум ҟазшьа змоу аҳәамҭақәеи ацәажәарақәеи зынӡа ирықәшаҳаҭӡам. Ишәгәалаҳаршәоит, аҭакԥхықәра шьақәзыргыло хазы игоу аиҿкаарақәеи аполитикатә активистцәеи шракәым, уи Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан ауп ишьақәзырӷәӷәо.
Апартиақәеи ауаажәларратә еидгыларақәеи Реидгыла Аԥсны атәылауаа зегьы Аԥсны Аконституциеи Азакәанқәеи рҿаԥхьа реиҟарара апринцип шьаҭас иҟаҵаны, аганқәа рыбжьара аконструктивтә диалог ашьақәыргылара иадгылоит. Убри аан хымԥада иазгәаҭатәуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада жәларзегьтәи абжьыҭирала далхуп, уи иганахьала иахәҭам, ихьымӡӷыргаго аҳәаҭақәеи ацәажәарақәеи, Аԥсны жәлари Аконституциеи Азакәанқәеи ҳаҭыр рықәымҵара форманы ишыҟоу.
Ауадаҩра злоу азҵаарақәа зегьы рыла аконструктивтә диалог – апроблемақәа рыӡбаразы иреиӷьу форманы иҟоуп, иара убас уи – асанатортә комплекс «Самшитовая роща» ишиашоу ала уаҳа здаҟам аԥшәымас иамоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлар зегьы рахь аҳаҭырқәҵара зеиӷьаҟам ала иаанарԥшуеит. а форманы иҟоуп.