
pressadmin-2
Ашьхара иӡыз ахаҵа иԥшаара алыршахеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥшаара-еиқәырхаратә отриад аусзуҩцәа ԥшьымш раԥхьа ашьхара хабарда ибжьаӡыз 60- шықәса зхыҵуа Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа инхо Рамаз Ҵәыџьба иԥшаара рылшеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.
Гагранӡа аихамҩатә ныҟәара еиҭашьақәыргылоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» Гагра ақалақь аихамҩатә вокзал аҿы ааигәа иҟалаз аԥсабаратә цәырҵра ахҟьа-ԥҟьақәа рықәгара мҩаԥнагеит. Гагранӡа аихамҩатә ныҟәара еиҭашьақәыргылоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥснытәи аихамҩа апресс-маҵзура.
Уажәы аусурақәа мҩаԥысуеит «Гагра – Бзыбь» акаҵар аҿы.
Зынӡа инагӡаны аихамҩатә ныҟәара аиҭашьақәыргылара ԥхынгәымза 12 ахәылбыҽханӡа иазԥхьагәаҭоуп.
Гәылрыԥшьи Очамчыреи араионқәа рҿы иҟалаз ақәаршҩы иахҟьаны 20-ҩны инарзынаԥшуа аӡы рыҵалеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз ауха иҟалаз ақәаршҩы иахҟьаны Гәылрыԥшьи Очамчыреи араионқәа рҿы 20 инарзынаԥшуа ахатәы ҩнқәа аӡы рыҵалеит.
«Акурорт Пицунда» акорпусқәа 70 номер рҟынӡа аӡы рыҵалеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апансионатқәа Реидгыла «Акурорт Пицунда» акорпусқәа рҿы илеиз ақәаршҩы иахҟьаны 70 номер инарзынаԥшуа аӡы рыҵалеит. Абри азы ԥхынгәымза 8 ауха инаркны ԥхынгәымза 9-нӡа иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра азҵаарақәа ирызкны Гагра араион Ахадараҿы имҩаԥгаз аусуратә еилатәара аҿы адырра ҟаиҵеит атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба.
«Аӡы рыҵалеит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьымҩаԥырымгац ажәытә хыбрақәа. Ауаа егьырҭ аномерқәа рҿы индырхеит, уи инамаданы уадаҩра ҳәа акгьы ыҟаӡам. Ааха заузгьы ыҟаӡам»,- ҳәа иҳәеит иара.
Гал араион аҿы аҩнқәа аӡы рыҵалара аҽацәыхьчара алыршахеит.
Аҟәа. Ԥхынгәыза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гал араион ахада Константин Ԥлиа ԥхынгәымза 10 рзы, араион ахада ихаҭыԥуаҩцәа, аҟәшақәа реиҳабацәа, араион аструктуратә ҟәшеиҵақәеи амаҵзурақәеи рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Аусуратә еилатәара иалахәыз араион аҿы ақәаршҩы аура инамаданы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа азы адырра ҟарҵеит.
Ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭа адыррақәа рыла, аҩнқәа аӡы рыҵамлаӡеит. Аҵыхәтәантәи ҩы-шықәса рыла Аусбарҭа ала ақәаршыҩншьҭахьтәи аҩнқәа аӡы рыҵалара аԥхьырҟәҟәаара азы мҽхакы ҭбаала аусура мҩаԥнагеит.
Аслан Бжьаниеи Алеқсандр Анқәаби ақәыршҩы ӷәӷәа иахҟьаны ааха зауз Гагра араион иаҭааит.
Гагра. Ԥхынгәымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион ақәыршҩы ӷәӷәа иахҟьаны ааха аиуит. Ԥхынгәымза 10 рзы, ашәахьа, араион иаҭааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби.
Абарҭ аминуҭқәа рзы аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра азҵаарақәа ирызкны Гагра араион Ахадараҟны аилацәажәара мҩаԥысит.
Араион Ахада Иури Хагәышь Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара инамаданы аусурақәа шцо азы. Иури Хагәышь излаиҳәо ала, Гагра араион иҟалаз ақәаршҩы иахҟьаны ԥхынгәымза 9 рзы еилкаахеит аԥхасҭа ӷәӷәа шроуыз ақыҭақәа хԥа: Ԥсахара, Лӡаа, Алаҳаӡы, Бзыԥҭа ҳаблак, Гагра ақалақь ахәҭақәак.
«Ааха роуит 1100 нхарҭа, иара убас 250 цыра инарзынаԥшуа автомашьынақәа», - ҳәа иҳәеит Иури Ҳагәышь.
Аслан Бжьаниа ақәыршҩы ӷәӷәа иахҟьаны ааха зауз Гагра араион ақыҭақәа дырҭааит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа ԥхынгәымза 8 – 9 рзы иауз ақәыршҩы ӷәӷәа иахҟьаны ааха зауз Гагра араион ақыҭақәа дырҭааит.
Алаҳаӡы ақыҭан 250 инареиҳаны ахатәы ҩнқәа аӡы рыҩналеит, иара убас аҩақәа ирныз акаҭран ҵнаӡәӡәааит.
Убасҵәҟьа иҟоуп Лӡаа ақыҭангьы аҭагылазаашьа. Аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны ахатәы ҩнқәеи асасааирҭаҩнқәеи амҩақәеи ӷәӷәала аԥхасҭа роуит.
Аԥслымӡ, ахаҳәқәа, иҵнажәаз аҵлақәа рымахәқәа, уҳәа амҩа иҿықәнагалаз агәам-сам автотранспорт аныҟәара акыр иаԥырхагоуп. Аԥсыӡзауад ахь инагоу амҩа ахәҭак ыҵнаӡәӡәааит.
Атуристцәа аӡрыжәтәи ачеи рыла реиқәыршәара аиҿкаара алыршаразы Аҳәынҭқарра Ахада иахь аҳәара ҟарҵеит. Иара убас ахәыҷыфатә анагаразгьы аҳәара ҟаҵан.
Аԥсшьаҩцәа иара убас дара рцара ауртә еиԥш амҩақәа ррыцқьара анбазалыршахо ҳәа иазҵаауан.
Аҟәа ақалақь аҿы апластик аизгареи ҩныда иҟоу аԥстәқәа крырҿаҵареи рзы аппаратқәа цәырҵит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаажәларратә еиҿкаара «Абхаз Деск» аекологиатә проект «Адунеи агәам-сам аҟынтәи еиқәҳархап» ( «Don't litter it makes the world bitter», «Спасем мир от мусора») аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа ақалақь аҿы ишьақәнаргылеит апластик аизгареи ҩныда иҟоу аԥстәқәа крырҿаҵареи рзы смарт-аппаратқәа ҩба. Урҭ апластик иалху аԥатлыка ҭаужьцыԥхьаӡа ԥсаатәк азы азынчара ахәы аарышьҭуеит. Аппаратқәа руак Аҳабла Ҿыц аҿы идыргылеит, егьи Алашарбага Аҳабла Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут иахьаҵанакуа ишьақәыргылоуп.
Убас ала ауаажәларратә активистцәа хылаԥшрада иаанхаз аԥстәқәа ррыцҳашьареи ацхыраара рыҭареи агәамсам-еиҟәыҭханы аизгареи ацрыҵқәа аус рыдулареи иадҳәалоу атрадициа шьахә ашьақәыргылара шалыршахо азы агәыӷра шрымоу аадырԥшуеит.
Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ҩбаны иҟоу атәылауаҩра азы ирыбжьарҵыз аиқәшаҳаҭра аратификациа азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ҩбаны иҟоу атәылауаҩра азы ирыбжьарҵыз аиқәшаҳаҭра аратификациа азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Зыӡбахә ҳәоу цәыббрамза 27, 2022 шықәсазы Москва ақалақь аҿы знапаҵыҩра мҩаԥгаз аиқәшаҳаҭра ауп. Иарбоу аусшәҟәы, ганк атәылауаа ирымоу атәылауаҩра мап ацәкрада егьи аган атәылауаҩра адкылара азԥхьагәанаҭоит. Атәылауаҩра адкылареи ацәыӡреи рзы аиқәшаҳаҭра иарбам ахәҭа аганахьала, аӡбамҭа адкылара мҩаԥысуеит атәылақәа доусы рзакәанԥҵара инақәыршәаны. Иара убас, нанҳәамза 26, 2008 шықәса аламҭалазы Аԥсны атәылауаҩра змаз, иахьа уажәраанӡа еиқәырханы измоу ахаҿқәа урыстәылатәи атәылауаҩра ирмариоу апроцедура ала аиура рылшоит ҳәа иазԥхьагәаҭоуп.
Атуризм аминстр Ҭеимураз Хышба аамҭак иалагӡаны атәыла аплиажкәа раркразы ажәалагала ҟаиҵеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуризм аминстр Ҭеимураз Хышба аамҭак иалагӡаны атәыла аплиажкәа зегьы раркразы ажәалагала ҟаиҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.
«Амшцәгьақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа инарымаданы аамҭак иалагӡаны атәыла аплиажқәа зегьы раркра хымԥадатәиуп ҳәа исыԥхьаӡоит», - ҳәа иҳәеит Ҭеимураз Хышба.
Аминистр атәыла ари ауааԥсыреи асасцәеи ршәарҭадара аиқәыршәара азы акыр ихымԥадатәиу усмҩаԥгатәуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Уи ишазгәеиҭаз ала уажәы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҿы агәаҭара хымԥадатәиуп.